Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Илиа Дарчиашвили - Кыраамҭала адемократиа аиҕьтәра абзоурала, Қырҭтәыла, адунеи адемократиақәа иреиҕьу ахәбарак реиқәыҧхьаӡа иалоуп, уи ҳтәыла адемократиатә аҿиаразы аҵакы ду амоуп Print Version

2021-11-25

Адунеи абанк аглобалтә напхгараҭара аиндикаторқәа зхы иазырхәо Жәларбжьаратәи аҭҵааратә центр - „Адемократиа авариациақәа" аҳасабырба инақәыршәаны, кыраамҭала адемократиа аиҕьтәра абзоурала, Қырҭтәыла, адунеи адемократиақәа иреиҕьу ахәбарак реиқәыҧхьаӡа иалоуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвили.

Адунеи иреиҕьу адемократиатә ҭҵаарақәа ацентр, аиҿкаара "Адемократиа авариациақәа" иаланарҵәаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла акырӡа еиҕьхеит абарҭ арбагақәа:

- агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра (freedom of expression);

- аргәаҟра аҟынтә ахақәиҭра (freedom from torture).

„Аҭҵаарақәа рҿы иарбоу зҵакы дуу 2 хырхарҭак рҿы Қырҭтәыла аконкреттә алҵшәақәа амоуп. Уи агәаанагара аарҧшра ахақәиҭреи аргәаҟра аҟынтә ахақәиҭреи ауп, абри зегьы ҳтәыла адемократиатә аҿиаразы аҵакы ду амоуп", - иҳәеит Илиа Дарчиашвили.

Аҭҵаара инақәыршәаны, Қырҭтәыла Кавкази Ацентртә Азиеи арегион аҿы адемократиатә статус змоу атәыла заҵәуп, уи "аелекторалтә демократиа" атәылақәа ргәыҧ иаҵанакәеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa