Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбарала, акоронавирус аштамм ҿыц аларҵәара иадҳәаланы, регулиациақәак шьақәыргылоуп Print Version

2021-11-27

Акоронавирус аштамм ҿыц аларҵәара иадҳәаланы, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбарала, атәыла аҳәаа ахысра аан 8 ҳәынҭқаррак ртәылауаа рзы регулиациақәак шьақәыргылоуп.

Дарбанызаалак ауаҩҧсы, итәылауаҩра иахьыҧшымкәа, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыҩнуҵҟала ҵаҟа еиқәыҧхьаӡоу атәылақәа руакы аҿы дыҟазар, Қырҭтәыла аҳәаа данахыслак, 14 мшы акарантинтә қәыҧшылараҿы аҽыҧхьакраҿ дыҟазаауеит. Зыӡбахәы ҳәоу атәылақәа роуп:
Аладатәи Африка
Ботсвана
Зимбабве
Намибиа
Лесото
Есватини (Свазиленд)
Мозамбик
Малави

14-мштәи аҽыҧхьакра/карантин ашьҭахь, ауааҧсыра PCR-კтест рзыҟарҵоит.
Қырҭтәыла атәылауаа акарантинтә сасааирҭеи PCR-тести рыхәҧса рзыхнаҩоит аҳәынҭқарра, атәымуаа ахарџьқәа зегьы рхала иршәоит.
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак зыӡбахәы ҳәоу аӡбара аднакылеит еиқәыҧхьаӡоу атәылақәа рҿы акоронавирус аштамм ҿыц „Омикрон" аларҵәара амшала, аӡбара амч аиуеит абҵара 28 инаркны.