Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2021 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2021 шықәсa ԥхынгәы 26 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧысит. Аминистрцәа аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 11 зҵаара ирыхәаҧшит.

Мышқәак раҧхьа ҳара авакцина „Пфаизер" миллионбжак адозақәа ҳауит. Америка аиҳабыра ацхыраара ҳарҭеит, ахада Баиден хаҭала ҭабуп ҳәа иасҳәоит абри аҳамҭазы, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, зынӡа атәылаҿы авакцина 2 миллион адозақәа иҟоуп - 1,5 миллион китаитәи авакцинеи миллионжак „Пфаизери".

„Убри адагьы, иҵегьы „Пфаизер" авакцина миллион адозақәа рзы ишиашо ааглыхҩы аҿаҵа иаҳҭеит, абарҭ адозақәагьы раиура ҳалагахьеит. Апроцесс инагӡоит. Зынза 3 миллионк адозақәа ҳауеит. 2 миллионк аҭыҧаҿы иҟоуп, 1 миллионк мызкы, максимум мызкибжаки аҩнуҵҟала, етапла, ес-сабшеи амҽышеи рзы иҳауеит. Ауааҧсыра даҽазнык срыҳәар сҭахуп алаҵа ҟарҵарц, даҽазнык ирасҳәар сҭахуп авакцинациа ҵакыс иамоу. Алаҵа зыҟаҵатәуи ҳәа имаҷымкәа азҵарақәа иҟоуп. Ҳтәылауаа ирдыруазар сҭахуп, алаҵа зызу ауаҩҧсы, авирус ҿикааргьы, дыҧсуам, абри ауп аргумент хадас иҳамоу. Убри аҟынтә, ҳтәылауаа зегьы даҽазнык срыҳәар сҭахуп, иҟаҳҵап алаҵа, ҳаҧсҭазаареи, ҳгәабзиареи, насгьы, ҳҭаацәеи ҳхылҵи ргәабзиареи ҳаиҷаҳап. Авакцинациа иазкны аинформациа ҧаршеи рацәоуп. Ауааҧсыра срыҳәар сҭахуп, аҵарауаа рыгәра ҳгап, „Феисбуқ" ала аларҵәара змоу уҳәан-сҳәани амци ҳарзымӡырҩып", - иҳәеит Аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, мышқәак имҩаҧысуаз аҭакҧхықәрадатә акциақәа рымшала, аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь рыла ҩынтә еиҳаны ауааҧсыра авирус ҿыркааит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит агәҽанызаареи аҭакҧхықәреи аарҧшны, ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәа рышҟа имнеирц.

„Аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь рыла ҩынтә еиҳаны ауааҧсыра авирус ҿыркааит. Аиаша шәасҳәар сҭахуп, мышқәак имҩаҧысуаз аҭакҧхықәрадатә акциақәа роуп абри зегьы зыхҟьаз. Абарҭ акциақәа рышьҭахь ҩынтә иаҳа ирацәаны ауааҧсыра авирус ҿыркааит. Ауааҧсыра даҽазнык срыҳәар сҭахуп ргәы рҽанызарц, аҭакҧхықәра ду аарҧшны, ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәа рышҟа имнеирц", - иҳәеит Аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аекономикаҿы иҟоу апозитивтә тенденциақәа дрылацәажәеит. Иара ишиҳәаз ала, раҧхьатәи фымз рыла 12% аекономикатә азҳара иҟоуп, убри абзоурала, аҳәынҭқарра, сынтәа зынӡаскгьы ауал агара ақәымшәеит, аиҳабыра миллиардк ала абиуџьет аизырҳара алшара роуит.

„Ҳара атәылаҿы зегьы ааҳартит. Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы аекономика ирласӡаны азҳара иаҿуп. Адунеи аҿы зеиҧшҟамлац азҳара ҳамоуп. Мшаҧы азы - 45%, лаҵарамзазы - 25% иҟан, рашәарамзазы 18% азҳара ҟалоит ҳәа ҳгәыҕуеит. Апрактикала, раҧхьатәи фымз рыла 12% азҳара ҳамоуп, убри абзоурала, сынтәа зынӡаскгьы ауал агара ҳақәшәом. Уи еиҳангьы, ҳара миллионк ала абиуџьет аизырҳара ҳалшоит. Афинансқәа рминистр ириашоу абиуџьет цәыригахьеит. Абри аҧарала ҳтәылауаа рзы иакымкәа апрограммақәа мҩаҧаагоит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аҧкрақәа еиҭашьақәдыргылар ҟалоит ҳәа аларҵәара зауз аинформациагьы далацәажәан, ишиҳәаз ала, атәыла уаҳа алокдаун зыхнагом.

„Ҳуааҧсыра аилыркаарақәа рысҭар сҭахуп, аҵыхәтәантәи аамҭазы имаҷымкәа азҵаарақәа цәырҵит атәылаҿы еиҭах алокдаун ҟалома ҳәа. Сара аргама аасыцҳар сҭахуп, ҳара даҽа мҩак алҳхит - аҭагылазаашьа ахылаҧшра амҩа. Ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵароуп аепидемиа қәҿиарала ахылаҧшразы. Ҳәарада, ҳтәыла даҽа локдаунк зыхнагом, аҧкрақәа хырҳагарак ҳзааргом, еиҭах аҧкрақәа шьақәҳаргылар, ҳтәыла аекономика азарал ду аиуеит, иҵегьы миллиардла адоллар ма лари ауал агара ҳақәшәоит, ҳаҧхьаҟа ҳуааҧсыра роуп абри ауал шәатәыс изауа", - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Аҧыза-министр даҽазнык ауааҧсыра дрыҳәеит авакцинациа апроцесс рхы аладырхәырц.

„Аҩызцәа, акыр иаҧсоу ҳтәылауаа, абри зегьы еиҭаҟамларц, уи аҟаҵара ҳақәымшәарц азыҳәан, акы еиҧшымкәа сшәыҳәоит алаҵақәа ҟашәҵарц, уи зынӡаскгьы ишәарҭам. Ҳара, „Феисбуқи" егьырҭ ахархәагақәеи рыла аларҵәара змоу уҳәан-сҳәан акәымкәа, аҵарауаа ҳарзыӡырҩроуп. Сара сыдҵала, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Агәабзиарахьчара аминистрра активла аус ауеит. Ҳара амуниципалитетқәа зегьы рҿы, ақыҭақәа зегьы рҿы, етапла авакцинациа мҩаҧаагар ҳҭахуп, ауааҧсыра аҭыҧаҿыҵәҟьа алаҵарақәа ҟарҵаратәы алшара рымазароуп. Ари азҵаара аҵакы ду амоуп", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Иара убас, аиҳабыра рыӡбара ала, иахьа инаркны, ақыҭанхамҩа аусхкы аҿы, ақыҭанхамҩатә техника аицфинансыркра иазку крызҵазкәа апрограмма амҩаҧгара иалагоит. Агранттә программа 50 миллион лари абиуџьет амоуп.

Апрограмма далацәажәеит аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр. Леван Давиҭашвили иҳәамҭала, амеханизациа аицфинансыркра апрограмма ақыҭауааи ақыҭанхамҩа знапы алаку ауааҧсыреи даараӡа ирыхәоит.

„Абри аҳәара ауп ҳтәылауаа иҟарҵаз. Убри аҟынтә, ҧасатәи ашықәсқәа рзы иҳамаз, аха, усҟак збиуџьет дуумыз апрограмма, сынтәа иаҳа ирҭбаау абиуџьет ала инаҳагӡоит. Цәыббра инаркны, апрограмма алахәызааразы арзаҳалқәа рыдкылара ҳалагоит. Ҳара агранттә аицфинансыркра ҳамазаауеит, аҳәынҭқарра, атехника ахәҧса хәҭак, агрант асахьала азоунашьҭуеит, егьи ахәҭа азинҷыдатә кредит ма ализингтә ресурс ала аҧара азоушьҭзар ауеит, уи ҳуааҧсыра даараӡа ирыхәоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара 20 нызқь лари аҟынӡа иаҧсоу амеханизациа маҷи, иара убас, 20 000-100 000 ларинӡа иаҧсоу, насгьы, 100 нызқь лари еиҳаны иаҧсоугьы атехника аҧара азоушьҭра ҳалшоит", - иҳәеит Леван Давиҭашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит адгьылтә ресурсқәа инаӡаны рхархара аҵакы. Иара ишиҳәаз ала, Леван Давиҭашвили абри ахырхарҭала активла аус иуеит, цәыббра инаркны зымҩаҧгара иалаго крызҵазкәа апрограммақәа еиқәыршәаны имоуп.

„Леван Давиҭашвили абри ахырхарҭала активла аус иуеит, ақыҭангхамҩа аҿиара ахырхарҭала цәыббра инаркны, насгьы, 2022 шықәса инаркны иаҳа инарҭбааны зымҩаҧгара иалаго крызҵазкәа апрограммақәа еиқәыршәаны имоуп. Ҳара адгьылтә ресурсқәа инаӡаны ҳхы иаҳархәароуп. Ҳаҭыр зқәу Леван ирмазеиз аконкреттә программақәа ҳфермерцәеи ҳуааҧсыреи ирыдаагалоит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.