Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Реџьеп Таип Ердоҕан Иракли Ҕарибашвили аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит Print Version

2021-02-25

Ҭырқәтәылатәи ареспублика ахада Реџьеп Таип Ердоҕан Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иоуз аофициалтә адныҳәалаҿы Ҭырқәтәылатәи ареспублика ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәылаҟны астратегиатә партниорра арҭбаара аҵакы.

„Аҭырқәа жәлари хаҭала сареи ҳахьӡала гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Аҧыза-министр иҭыҧ аанкылара.

Шәара ибзиаҵәҟьаны ижәдыруеит Қырҭтәыла аполитикатә ҭышәынтәалареи аҵакырадгьылтә акзаареи аҵакы ду шанаҳшьо. Мышқәак раҧхьа ҳара Қырҭтәылаҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 100 шықәса аҵра иазгәаҳҭеит. Шәтәылоуп зегьы раҧхьа Анкара ацҳаражәҳәара аазыртыз.

Агәра ганы сыҟоуп шәара шәнапхгарала аусхкқәа зегьы рҿы Қырҭтәылаҟны астратегиатә партниорреи аигәыларатә аизыҟазаашьақәеи шынагӡахо. Иара убас, агәра ганы сыҟоуп ҳара ҳаидгыланы, арегион аҿы аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аусеицуреи ашьақәыргылара аус аҿы алагала ҟаҳҵар шҳалшо.

Исымоу алшра схы иарханы, агәабзиареи анасыҧи шәзеиҕьасшьар сҭахуп, аиҩызаратә ақырҭуа жәлар мышхәыбзазара рзеиҕьасшьоит", - иануп Реџьеп Таип Ердоҕан иофициалтә адныҳәалараҿы.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa