Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвилии Илҳам Алиеви ҩтәылак рыбжьара астратегиатә партниорреи аганқәа еицынарыгӡо арегионалтә проектқәеи ирылацәажәеит Print Version

2021-05-05

  ..

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Бақәа иофициалтә визит иалагеит Азербаиџьантәи ареспублика ахада иҟны аиҧылара ала. Илҳам Алиев Иракли Ҕарибашвили дидикылеит «Загульба» ахан аҿы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит 2 тәылак рыбжьара астратегиатә партниорреи, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи, аганқәа қәҿиарала еицынарыгӡо арегионалтә проектқәеи рҵакы.

«Ҳаҭыр зқәу Аҧыза-министр, бзиала шәаабеит. Шәбара даараӡа ҳаигәырҕьеит, агәра ганы сыҟоуп шәвизит қәҿиарала ишымҩаҧысуа, ҳмилаҭқәа ирыбжьоу аҭоурыхтә ашьаҭа ала ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шынагӡахо. Ҳара ашәышықәсақәа рацәа рыҩнуҵҟа аешьаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп. Уи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы уажәтәи ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәаразы ашьаҭа бзиоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Шәвизит даараӡа сеигәырҕьеит. Агәабзиара шәзеиҕьасшьоит. Акоронавирус шҿышәкааз здыруеит, убри амшала шәвизит ахырҧара шәықәшәеит. Ирласны ачымазара шәахьалҵыз сеигәырҕьоит. Ҳара азеиҧш проектқәа рынагӡара аганахьала аҭоурых бзиаҵәҟьа ҳамоуп, аенергетикеи атранспорти аусхкқәа рҿгьы. Абарҭ апроектқәа арегион аҿы аполитикатәи, аекономикатәи, атранспорттәи ҭагылазаашьа рыҧсахит. Ҳтәылақәа рпартниорра ҕәҕәа икәымзҭгьы, абарҭ апроектқәа зыҟаломызт.

Иҳаҩсыз ашықәс аҵыхтәантәи амш азы Аладатәи агазтә корридор апроект хыркәшан, абри апроект Кавказ мацара акәымкәа, арегион зегьы аҿиареи, аусеицуреи аҭышәынтәалареи азы аҵакы ду амоуп. Ҳара ҳусеицура акәымзҭгьы, абри аҩыза алшара зыҟаломызт. Қырҭтәыла аиҳабыра ҭабуп ҳәа расҳәоит абри апроект еиҧҟьарада иахьадгылаз азыҳәан. Абарҭ аинциативақәа зегьы ҳҭоурых ианылеит зеиҧшҟамлац аихьӡара ҳасабала. Агәра ганы сыҟоуп ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьа шынаҳагӡо. Уажәааны дыррақәак сылаҧш нырхызган, ишызбаз ала, Азербаиџьан иахьагьы Қырҭтәыла аекономика аҧара алазҵо идуӡӡоу аинвесторцәа иреиуп. Уи шәтәылаҿы иманшәалоу аинвестициатә лагылазаара аиқәыршәаразы имҩаҧгоу ареформақәа ирыбзоуроуп. Имаҷымкәа азербаиџьантәи аилахәырақәа шәтәылаҿы аусура иалагар шырҭаху здыруеит, убасҵәҟьа иҟалап ҳәа сгәыҕуеит. Иахьа ҳара ҳусеицура иахылҵыз алҵшәақәеи ҳаҧхьаҟа иҟаҳҵаша ашьаҿақәеи ҳрылацәажәоит. Даҽазнык ҳтәылаҿы салам шәысҭар сҭахуп, абзиара шәзеиҕьасшьоит!», - иҳәеит Илҳам Алиев.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Азербаиџьан ахада асасдкыларазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, иара ианизыманшәалоу аамҭазы аофициалтә визитла Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.

„Ҳаҭыр зқәу ахада, абри аҩыза адкылара бзиа азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит! Гәахәара ду ала еиҭах Бақәа сышәҧылоит. Акоронавирус ала сычмазаҩхан, ҳвизит ахырҧара ҳақәшәеит, аха, иахьа Бақәа ҳахьыҟоу сеигәырҕьоит.

Шәара ишышәҳәаз еиҧш, ҳаизыҟазаашьақәа ссируп, ашәышықәсақәа рацәа рыҩнуҵҟа аешьаратә аизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп. Шәаб Қарҭ ииҳәаз ажәақәа сгәаласыршәар сҭахуп. Иара ишиҳәаз ала, ҳара аигәылара ҳҧеиҧшын. Ақырҭуааи азербаиџьанцәеи насыҧла еигәылацәоуп, убри аҟынтә, ҳаимадоуп, ҳаихьыҧшуп.

Ишышәҳәаз еиҧш, зҵакы дуӡӡоу аҭоурыхтә проектқәа еицынаҳагӡеит. Ҳаҧхьаҟагьы абасҵәҟьа аусеицура ҳҭахуп, иаҳа ирацәаны азеиҧш проектқәа рынагӡареи ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәареи ҳазҿлымҳауп. Убри аҟынтә, даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп Бақәа ҳделегациа адкыларазы. Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, шәара ианышәзыманшәалоу аамҭазы Қарҭҟа аофициалтә визитла шәсыҧхьар сҭахуп",- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура