Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан Мили Меџьлис ахантәаҩы Саҳиба Гафарова дылҧылеит Print Version

2021-05-05

.  ..

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспубликаҿы ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Азербаиџьан Мили Меџьлис ахантәаҩы Саҳиба Гафарова дылҧылеит.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун атәылақәа рыбжьара ашәышықәсатәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи ҳаҧхьаҟатәи аперспективақәеи. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Азербаиџьани астратегиатә партниорцәоуп. Ҷыдала иазгәаҭан атәылақәа рыбжьара аекономикатә усеицура аҵакы.

Иара убас, ҷыдала иазгәаҭан ҩ-ганктәии аганрацәалатәи форматқәа рҿы ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рырҭбаараҿы апарламент инанагӡо ароль. Уи адагьы, ҷыдала иазгәаҭан аҩ-тәылак рпарламентқәа рҿы Қырҭтәыла - Азербаиџьантәи аиҩызаратә гәыҧ аиҿкаара аҵакы.

„Ҳаҭыр зқәу Аҧыза-министр, ҳтәылақәа - Азербаиџьани Қырҭтәылеи еиҩызцәоуп. Аигәылара мацара акәымкәа, аиҩызарагьы ҳабжьоуп, абри ауп исҳәар исҭахыз. Ҳмилаҭқәа шәышықәсатәи аиҩызарала еидҳәалоуп.

Ҳара ашәышықәсақәа рацәа рыҩнуҵҟа ҳаидгылан. Ҳмилаҭтә традициақәагьы излеиҧшу рацәоуп. Убри азакәзар ҟалап Азербаиџьан абри аҟара ирацәаны ақырҭуаа зынхо. Даргьы ҳуаажәларра иахаҭарнакуп. Қырҭтәылагьы имаҷымкәа азербаиџьанцәа инхоит. Даргьы шәтәыла узалымхуа хәҭоуп. Абарҭ ауаа ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи рыбжьара ацҳа иаҩызоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Азербаиџьани Қырҭтәылеи астратегиатә партниорцәеи аидгылаҩцәеи роуп. Шәкы иреиҳаны аиҳабырабжьаратә документқәа ҳабжьаҳҵеит, ишыздыруа ала, уажәазы 15 документқәа ирыхәаҧшуеит. Ҳәарада, абарҭ адокументқәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ҳаизыҟазаашьақәа рзы аиуристтә ашьаҭа аҧырҵеит. Ҳара еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аус еицаауеит, аха, сгәы ишаанаго ала, аекономикатә усеицура ауп зегьы реиҳа ихадоу. Ҵыҧх - апандемиа аан, 2020 шықәсазы - ҳтәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратә аикәшара 500 миллион адоллар еиҳан. Абри арбага алагьы иубарҭоуп ҳусеицура шыҕәҕәоу. Иахьазы Азербаиџьан Қырҭтәыла аекономика аҧара алазҵо идуӡӡоу аинвесторцәа иреиуп, Қырҭтәыла ҳтәыла имҩаҧнаго жәларбжьаратәи апроектқәа активла ирылахәып. Азербаиџьани Қырҭтәылеи крызҵазкәа ароль нарыгӡоит Европа аенергетикатәи атранспорттәи шәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы. Сара Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳани Бақәа-Қарҭ-Ерзеруми аҧсабаратә газ амҩангагақәа роуп сызлацәажәо. Ҳаҭыр зқәу Аҧыза-министр, ҳазынтәгьы ибзианы иаадыруеит атәылақәа реизыҟазаашьақәа рырҭбаара апроцесс аҿы апарламентқәа ароль ду шынарыгӡо. Згәыдурала иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәылеи Азербаиџьани рзакәанҧҵаратә органқәа қәҿиарала аус шеицыруа. Ҳара ҩ-ганктәии аганрацәалатәи форматқәа рҿы аус еицаауеит. Ҳпарламент аҿы Қырҭтәыла - Азербаиџьантәи аиҩызаратә гәыҧ еиҿкаауп, Қырҭтәыла апарламент аҿгьы Азербаиџьан -Қырҭтәылатәи аиҩызаратә гәыҧ иҟоуп. Ишаҧу ала, абарҭ агәыҧқәа реизыҟазаашьақәа еснагь иҕәҕәан, иахьагьы иҕәҕәоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Еснагь абас иҟазаауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳмилаҭтә делегациақәа, Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа, НАТО, Евронест, Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара (OSCE), Апарламентбжьаратә еидгыла (IPU) уҳәа, еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҿы қәҿиарала аус шеицыруа", - илҳәеит Саҳиба Гафарова.

Аиҧылараҿы Қырҭтәыла Аҧыза-министр ҩ-тәылак рыбжьара астратегиатә еизыҟазаашьақәеи апроектқәеи рҵакы дазааҭгылеит.

„Ҳаҭыр зқәу аспикер, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, иахьа абра аҟазаареи шәҧылареи сара сзы ҳаҭыр дууп. Бақәа изныкымкәа саахьеит. Шәара ибзиаҵәҟьаны иазгәашәҭеит ҳара аигәылара мацара акәымкәа аиҩызарагьы шҳабжьоу. Ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи реизыҟазаашьақәа ссируп. Ҧасагьы ахада Алиеви сколлегацәа - Азербаиџьан аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри атәылахьчара аминистри рҟны иссиру аизыҟазаашьақәа сыман. Уажәгьы, Қырҭтәыла Аҧыза-министр иаҳасабала, ахада Алиеви сареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиоуп. Ҳстратегиатә еизыҟазашьақәеи ҳстратегиатә проектқәеи ирызкыз адискуссиа бзиа мҩаҧаагеит. Ҳмилаҭқәа абарҭ апроектқәа еицынарыгӡон иҳаҩсыз ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа инаркны. Ҳара иаҳа ирацәаны апроектқәа еицынаҳагӡарц азыҳәан ахықәки амотивациеи ҳамазароуп. Ҳара уи ҳалшоит. Ҳара аимакқәа зегьы аҭынчмҩала, аиҿцәажәарала ахьыӡбатәу арегион аҿы аҭынчра ҳадгылоит. Қырҭтәыла аиҩызарала ишәзыҟоуп, ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьоуп ишыҟало. Ҳадкыларазы - сделегациа адкыларазы даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы акоронавирус амшала авизитқәа усҟаҟ ирацәамызт, аха, анеҩстәи амзақәа рзы иаҳа ирацәаны авизитқәа рымҩаҧгара ҳҽазаҳкроуп. Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, Қырҭтәыла апарламент ахьӡала, ҳара ҳахь шәаасыҧхьар сҭахуп. Каха Куҷава Қырҭтәыла аапарламент ахантәаҩыс дҟалеит. Иара иоуп Қырҭтәыла апарламент аҿы Азербаиџьан - Қырҭтәылатәи аиҩызаратә гәыҧ анапхгара азызуа. Убри аҟынтә, здаҟам ашьаҭа ҳамоуп апарламенттә гәыҧқәа рыбжьара уезгьы иссиру аизыҟазашьақәа иаҳа рырҭбааразы. Даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, Қарҭ шәнеира ҳахыццакуеит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура