Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Азербаиџьан иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, азербаиџьантәи иколлега Али Асадов диҧылеит Print Version

2021-05-06

  ..

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Азербаиџьан иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, азербаиџьантәи иколлега Али Асадов диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәара иалацәажәан, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еицынарыгӡаз апроектқәа ирзааҭгылеит.

Аиҧылараҿы Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит Азербаиџьани Қырҭтәылеи реиҩызаратә аимадарақәеи, ҳаҧхьаҟа имҩаҧыргараны иҟоу апроектқәеи.

"Иахьа абра шәҧылара сара сзы ҳаҭыр дууп. Аҧыза-министрc саныҟала ашьҭахь арегион аҿы раҧхьатәи свизит мҩаҧызгоит. Уаанӡа, аофициалтә визитла Бриуссель сыҟан. Ҳара Азербаиџьан ҷыдала ҳазныҟәоит. Шәыжәлари шәтәылеи гәыкала ҳрызныҟәоит. Даҽазнык ишәзышьақәсырҕәҕәар сҭахуп ҷыдала ҳаҭыр шшәықәаҳҵо, аешьцәа реиҧш ҳашшәыхәаҧшуа. Ахада Алиеви сареи здаҟам аиҧылара мҩаҧаагеит. Ҳаиҿцәажәара алҵшәа бзиа аман. Аҵыхәтантәи ашықәсқәа рзы ҳтәылақәа еицынарыгӡаз апроектқәа даҽазнык ҳрылацәажәеит, абарҭ апроектқәа рыбзоурала, ҳаизыҟазаашьақәеи, ҳпартниорреи, ҳаиҩызареи азы ашьаҭа ҕәҕәа аҧаҳҵеит. Абри аҩыза аигәылареи аиҩызареи насыҧ дууп ҳәа исыҧхьаӡоит. Ҳаизыҟазаашьақәеи еицынаҳагӡо апроектқәеи рыбзоурала, иаҳа амотивациеи иаҳа алшарақәеи ҳауит ҳаҧхьаҟа иаҳа ирацәаны азеиҧш проектқәа рынагӡаразы, убри ала ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа иҳарҕәҕәоит,"- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили Али Асадов даниҧылоз.

Азербаиџьантәи ареспублика Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит ҩ-тәылак ирыбжьоу астратегиатә партниорра. Иара ишиҳәаз ала, Азербаиџьан азы аҵакы ду амоуп аполитикеи, аекономикеи, акультуреи, агуманитартә усхкқәеи, иара убас, азеиҧш проектқәеи рҿы Қырҭтәылаҟны ҩ-ганктәи аусеицура.

Али Асадов ишазгәеиҭаз ала, атәылақәа рыбжьара аусеицура иаҳа арҭбааразы алшара дуқәа иҟоуп, урҭ рыбжьара, акоммуникациақәеи, ақыҭанхамҩеи, аҵареи, аҵарадырреи, агәабзиарахьчареи, егьырҭ аусхкқәеи рхырхарҭалагьы.

„Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа рыхә ҳаракны исшьоит. Аҧыза-министрс шәаныҟәарҵа ашьҭахь, хара имгакәа Азербаиџьан шәаара ахә ҳшьоит, убри ала шәара даҽазнык иаашәырҧшит Қырҭтәыла аиҳабыра абарҭ аизыҟазаашьақәа ишрызныҟәо. Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, Қырҭтәыла Аҧыза-министрс шәалхра шәыдысныҳәалар сҭахуп. Қырҭтәыла иаҳа арҿиара аус аҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит.

Қырҭтәылеи Азербаиџьани еснагь аиҩызаратәи аигәыларатәи еизыҟазаашьақәа рыбжьан. Ахьыҧшымра аиура ашьҭахь абарҭ аизыҟазаашьақәа астратегиатә партниорра аҟынӡа ишьҭыҵит. Ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа рҿиара аус аҿы аҵакы ду ранасшьоит ҳмилаҭқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәыла иқәынхо азербаиџьанцәеи Азербаиџьан инхо ақырҭуааи. Дара ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа рҿиара аус аҿы алагала ду ҟарҵоит, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп абри азҵаара иазку шәпозициа. Ҳара еицынаҳагӡаз апроектқәа ҩ-тәылак рыбжьара мацара акәымкәа, арегионалтә аизыҟазаашьақәеи аҿиареи, иара убас, Европа аҟны аизыҟазаашьақәеи рзы аҵакы ду рымоуп. Ҵыҧх, Аладатәи агазтә корридор иаҵанакәа апроект TAP анагӡара ала, Шаҳдениз аҟынтә Европаҟа агаз амҩангара ала, ҳара ақәҿиара ду зхылҵыз, зҵакы дуу даҽа шьаҿак ҟаҳҵеит. Ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп абри апроект 2014 шықәса цәыббра 20 рзы, шәара шәҽалархәра ала ишаатыз. Ҳара Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәеи, азеиҧш проектқәеи, акультуреи, аполитикеи, аекономикеи, ахәаахәҭреи, агуманитартә усхки рҿы ҩ-ганктәи аусеицуреи ахә ҳшьоит. Ҳара аусеицура арҭбааразы алшара дуқәа ҳамоуп, акоммуникациақәа, ақыҭанхамҩа, аҵара, аҵарадырра, агәабзиарахьчара уҳәа, еиуеиҧшым аусхкқәа срылацәажәоит. Даҽазнык салам шәысҭоит, агәра ганы сыҟоуп шәвизит ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаара ишацхрааауа,"- иҳәеит Али Асадов.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура