Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Атәым инвестициақәа рхырхарҭала Қырҭтәыла Аҧыза-министр ибжьагаҩ ҷыдас дҟалеит Вазил Худак Print Version

2021-05-07

Атәым инвестициақәа рхырхарҭала Қырҭтәыла Аҧыза-министр ибжьагаҩ ҷыдас дҟалеит Европа Аинвестициатә банк (EIB) ҧасатәи авице-ахадеи Словакиа аекономика ҧасатәи аминистри Вазил Худак.

Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра алахәылацәа ибжьагаҩ ҿыц дрыдигалеит аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы иахьа имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, акоронавирус иахылҵыз иуадаҩӡоу аҭагылазаашьаҿы аекономика аиҭашьақәыргылара аплан ҿыц аус адулара иаҿуп. Ари аганахьала Қырҭтәыла аҿиаразы ахадаратә ҵакы рымазаауеит атәым инвестициақәа. Абжьагаҩ ҿыц абри ахырхарҭала активла аус иуеит.

Лымкаала, Вазил Худак, Қырҭтәыла аиҳабыра рекономикатә стратегиа ҿыц анагӡаразы, атәым аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи асекторқәа рҟынтә ацхыраара аиуразы аусура далагоит; иара Евроеидгылеи, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди, Адунеи абанки, Европа Аинвестициатә банки, Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанки, егьырҭ жәларбжьаратәи афинанстә институтқәеи, иара убас, жәларбжьаратәи ааглыхра-економикатә субиектқәеи, аинвестициатә фондқәеи абанкқәеи рҟны аимадара имазаауеит.

Вазил Худак иусураҿы аҧыжәара рымазаауеит астратегиатә ҵакы змоу аинвестициатә проектқәа, иара абарҭ апроектқәа рынагӡараҿы атәым инвесторцәа - афизикатәи аиуристтә хаҿқәа рылахәызаара еиқәиршәоит.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Вазил Худак ақырҭуа економикатә гәыҧ алахәылацәа ибзианы идыруеит. Иацы иара абинес маҷи абжьаратә бизнеси аусхкқәа рҿы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыдас дҟарҵеит.

„Иахьа дшәыдазгалар сҭахуп сыбжьагаҩ ҷыда, ҳаҭыр зқәу Вазил Худак, иара атәым инвестициақәа рхырхарҭала аус иуеит. Ишыжәдыруа ала, ҳара акоронавирус иахылҵыз иуадаҩӡоу аҭагылазаашьаҿы аекономика аиҭашьақәыргылара аплан ҿыц аус адулара ҳаҿуп. Ари аганахьала Қырҭтәыла аҿиаразы ахадаратә ҵакы рымазаауеит атәым инвестициақәа. Атәыла аинвестициақәа аҭахуп, уи иаанагоит ҳтәыла аекономика иаҳа ирласны еиҭашьақәгылоит ҳәа, аусуратә ҭыҧқәа иаҳа ирацәахоит, ҳуааҧсыра рхашәала ацлоит. Убри азоуп ҳара Вазил Худак дзалыҳхыз, иара Қырҭтәыла аҩызцәа дреиуп. Ақәҿиара змоу икариера аан иара Европа Аинвестициатә банк авице-ахадас дыҟан, Словакиа аекономикеи, иара убас, афинансқәеи рминистррақәа дырхагылан, уаанӡа хазхаҭалатәи абанкқәа рҿы аус иуан, урҭ иреиуп „Џьеипи Моргани" „Сиҭи банки". Иара убас, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп иара ибзиаҵәҟьаны Қырҭтәыла шидыруа. Иара Европа Аинвестициатә банк авице-ахадас даныҟаз Қырҭтәыла даҭааит. Ҳекономикатә гәыҧ алахәылацәа ибзианы идыруеит. Уи адагьы, иацы иара абизнес маҷи абжьаратә бизнеси аусхкқәа рҿы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыдас дҟарҵеит. Ҳаҭыр зқәу Вазил аекономикатә платформа аминистрцәа дырҧылахьеит. Иара ҳасабтәс имоуп ҳекономикатә стратегиа ҿыц анагӡаразы атәым аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи асекторқәа рҟынтә ацхыраара аиура; иара Евроеидгылеи, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди, Адунеи абанки, Европа Аинвестициатә банки, Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанки егьырҭ жәларбжьаратәи афинанстә институтқәеи, иара убас, жәларбжьаратәи ааглыхра-економикатә субиектқәеи, аинвестициатә фондқәеи абанкқәеи рҟны аимадара имазаауеит.
Вазил Худак иусураҿы аҧыжәара рымазаауеит астратегиатә ҵакы змоу аинвестициатә проектқәа, иара абарҭ апроектқәа рынагӡараҿы атәым инвесторцәа - афизикатәи аиуристтәи хаҿқәа рылахәызаара еиқәиршәоит.

Иахьатәи ҳстратегиа иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи аусхкы аҿы европатәи аполитика аҵакы ду анаҳшьоит. Абри аполитика мҩаҧаагоит ҳаҭыр зқәу Вазил ихәаҧшырақәеи ипрофессионалтә абжьагарақәеи рыла. Ҳаҭыр зқәу Вазил даҽазнык ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп идаагалаз аусура дахьақәшаҳаҭхаз азыҳәан, агәра ганы сыҟоуп иахьазы ҳтәыла иаҭаху алҵшәа шҳауа", - иҳәеит Аҧыза-министр.

Вазил Худак ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла Аҧыза-министр ибжьагаҩс аус иуеит атәыла аҿиараҿы аиҳабыра дрыцхраарц азыҳәан.

„Раҧхьа иргыланы, иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәылаҟа ахынҳәра сара сзы ҳаҭыр шдуу. Сара гәыкала Қырҭтәыла сазныҟәоит, Аҧыза-министр ишиҳәаз еиҧш, еиуеиҧшым аранг ала изныкымкәа Қырҭтәыла саҭаахьеит, аҵыхәтәаны Европа Аинвестициатә банк авице-ахада иаҳасабала абра сыҟан. Зыӡбахәы ҳәоу абанк Қырҭтәылеи ақырҭуа економикеи аҧара алазҵо идуӡӡоу аинвесторцәа иреиуп. Уажәшьҭа сара аранг ҿыц ала, Қырҭтәыла Аҧыза-министр ибжьагаҩ иаҳасабала атәыла аҿиаразы аус зуеит, абри аус аҿы аиҳабыра срыцхраауеит.

Ҳара иуадаҩӡоу аамҭазы аусеицура ҳақәшәеит, Европагьы адунеи аҿгьы аковид амшала апроблемақәа рацәоуп, аха, абри иудаҩӡоу аамаҭа алшарақәа раамҭаны иҟалар ауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Азҳара ҳалшоит, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аҿиара ҳалшоит, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ахаҭабзиара еиҕьаҳтәуеит, Америкеи Евроеидгылеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтә ацхыраара ҳаур ҳалшоит. Ҳара ибзианы иаадыруеит аинвестициақәеи аекономикатә аҿиареи рыла аекономикатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра шыҟало. Уи Евроеидгыла ашҟа аинтеграциаҿы Қырҭтәыла иацхраауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи ахырхарҭала Еврокомиссиеи Евроеидгылеи сырхаҭарнакуп. Уи алшарақәа реизырҳаразы иаҧҵоу аинститут ҷыдоуп. Абри апрограмма иазоушьҭуп 50 миллиард евро. Зыӡбахәы ҳәоу апрограмма иамоуп ахадаратә аспектқәа ҩба, руакы аҧхьаӡаркра ауп, егьы - ахырхарҭа иаҵәа ма аҧсабарахьчаратә хырхарҭа ауп, аклимат аҽаҧсахра аҿагылара иадҳәалоуп. Қырҭтәылагьы абарҭ ахырхарҭақәа ирыҵанакәеит - иаҳа иҧхьаӡарку, иаҳа ииаҵәоу ҳаамҭазтәи тәылас иҟалароуп. Убри ала Қырҭтәыла Европа иаҳа иазааигәахоит ҳәа сгәы иаанагоит, Қырҭтәыла аиҳабырагьы абри ауп хықәкыс ирымоу. Абри апроцесс аҿы, иахьазы иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы аекономикатә гәыҧ аминистрцәа зегьы сырҧылеит, еиуеиҧшым аҳасабтәқәеи еиуеиҧшым аҭахрақәеи ҭысҵааит. Абарҭ аҳасабтәқәа зегьы рынагӡаразы аҳәынҭқарратә ресурсқәа иазхом, убри азоуп егьырҭ аресурсқәа рыҧшаареи ари аус аҿы хазхаҭалатәи асектор алахәызаареи абри аҩыза аҵакы замоу. Абри аус аҿы, абарҭ амҩақәа рыҧшаараҿы Қырҭтәыла аиҳабыра срыцхраар сҭахуп. Жәларбжьаратәи ацхыраара абзоурала Қырҭтәыла ахырҳагара ду аиуеит. Абри ахықәкы анагӡара иацхраауеит аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи асекторқәа русеицурагьы. Иҵабыргны, сара сзы ҳаҭыр дууп Қырҭтәыла Аҧыза-министр ибжьагаҩ иаҳасабала аусуреи, Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари рымаҵ ауреи. Уи Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реимадара арҕәҕәара иацхраауеит, сара хшыҩзышьҭра ду ала абри амиссиа насыгӡоит", - иҳәеит Аҧыза-министр ибжьагаҩ ҷыда.

Вазил Худак аҳәынҭқарратә, иара убас, жәларбжьаратәи афинанстә сектор аҿы аусура аҧышәа ду имоуп. Уажәазы Вазил Худак амилаҭтә аҿиара афонд аҧҵара азҵаарақәа рзы Чехиа аиҳабыра рыбжьагаҩс дыҟоуп; иара убас - GLOBSEC авице-ахада иоуп; еиуеиҧшым аамҭазы иара Европа Аинвестициатә банк (EIB) авице-ахадас дыҟан, Словакиа аекономика аминистрра дахагылан, Словакиа афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩс дыҟан, Евроеидгыла Ахеилак аекономикатәи афинанстәи комитет авице-ахада иҭыҧ ааникылон; Евроеидгылаҿы Словакиа ахантәаҩра аан Евроеидгыла абиуџьет алацәажәаҩ хадас дыҟан; Словакиа аинвестициатә ҳолдинги Словакиа Агарантиатә аҿиара абанки рхылаҧшратә хеилакқәа дырнапхгаҩын; Аиҭашьақәыргылара жәларбжьаратәи абанки Жәларбжьаратәи аинвестициатә банки ахылаҧшратә хеилак далахәын; Америкатә инвестициатә банк J.P. MORGAN CHASE Ацентртәи Мрагыларатәи Европа аҳәынҭқарратә сектор ахырхарҭа деиҳабын; Америкатә амилаҭрацәалатә инвестициатә банк CITIGROUP авице-ахадас дыҟан; иара убас, жәларбжьаратәи аналитикатә аиҿкаара EASTWEST INSTITUTE авице-ахада иҭыҧ ааникылон. Вазил Худак жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәеи адипломатиеи рмагистри жәларбжьаратәи зин адоктори иоуп.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa