Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәылеи Украинеи рҧыза-министрцәа ҩ-тәылак рстратегиатә партниорреи европатәи евроатлантикатәи интеграциа апроцесс аҿы аусеицура арлахҿыхреи иалацәажәеит Print Version

2021-05-07

  ..

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Украина Аҧыза-министр Денис Шмигал авидеоконференциа аформат аҿы диҧылеит.

Аиҧылараҿы иалацәажәеит ашәышықәсарацәатә аигәыларатә еизыҟазаашьақәа рышьаҭа ала Қырҭтәылеи Украинеи рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи астратегиатә партниорреи.

Хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәылеи Украинеи ревропатәи ревроатлантикатәи интеграциеи ари ахырхарҭала аусеицура арҭбаара аҵаки.

Украина Аҧыза-министр ақырҭуа иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәалатәи жәларбжьаратәи аформатқәа рҿы Украина адгыларазы.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Украина аҳәаақәеи, иара убас, аамҭала импыҵахалоу Ҟрыми аурыс арратә активра ианалацәажәоз, Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит ақырҭуа аган абарҭ ахҭысқәа ишрықәыӡбо, насгьы, даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Уи адагьы, аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәылеи Украинеи рыбжьара иҟоу ахәахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәагьы ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, ҩ-тәылак рыбжьара уажәтәи аекономикатә усеицура арҭбаара аҵакы ду амоуп.

Аиҧылара алахәылацәа НАТО ашҟа аинтеграциа апроцесс аҿы иҟоу апрогресс иахцәажәан, ишазгәарҭаз ала, Алианc алалара азҵаара аҩ-тәылак рдәныҟатәии ршәарҭадаратәи политикаҿы ахадаратә ҵакы змоу хырхарҭоуп. Абри аконтекст аҿы иаҵшьны иазгәаҭан Амшын еиқәа ашәарҭадара ахырхарҭала аусеицуреи, азеиҧш евроатлантикатә шәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы Амшын еиқәа ашәарҭадареи аҵакы.

Қырҭтәыла Аҧыза-министр украинатәи иколлега аофициалтә визитла Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa