Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистрра жәашықәсатәи аҿиара аплан аӡыргараҿы дыҟан Print Version

2021-07-28

  .

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҧшьгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистрра жәашықәсатәи аҿиара аплан аӡыргара мҩаҧнагеит. Зыӡбахәы ҳәоу аинициативала иазҧхьагәаҭоуп атәыла аусхкытә аҿиара жәашықәсатәи аплан аиқәыршәареи ажәлар рызцәыргареи.

Аӡыргара мҩаҧылгеит авице-аҧыза, акультуреи, аспорти, аҿар арусқәеи рзы аминистр Ҭеа Ҵулукиани.

„Ҳгәы ишаанаго ала, 2030 шықәсанӡа тәыла аекономикаҿы акультура ахәҭа 2,8% аҟынтә 5,5%-нӡа иазҳароуп. Абри асектор аҿы аус зуа ауаа рхыҧхьаӡарагьы 5,2% аҟынтә 5,8%-нӡа иазҳароуп, акультуратә туризм арбага шьҭыҵроуп 8%-нӡа", - илҳәеит Ҭеа Ҵулукиани.

Авице-аҧыза апарламент алахәылацәа ҭабуп ҳәа ралҳәеит аҧыза-министр иинициатива иахьадгылаз азыҳәан, уи абзоурала, акультура аусхкы абиуџьет 1 миллион лари ала иазҳауеит. Аминистр ишылҳәаз ала, аҧыза-министр иинициативеи апарламент адгылареи ала крызҵазкәа ашьаҿа ҟаҵоуп, акультура аминистрреи аҵара аминистрреи еидырхит, убри абзоурала, аминистррақәа ирыҵанакәа аиҿкаарақәа зегьы аҿиара аганахьала иаҳа алшарақәа рызцәырҵит.

Аетнографиатә музеи аҿы имҩаҧгаз ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла Аҧыза-министри, анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра алахәылацәеи, адипломатиатә корпуси акультура аусхки рхаҭарнакцәеи.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa