Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ганкала аҧхықәрақәа наҳагӡеит, аха, Саакашвили идҵала, „Амилаҭтә ҵысра Print Version

2021-07-30

Ҳара, ганкала иҳадаҳкылаз аиқәшаҳаҭра алҵразы аӡбара ҳадаҳкылеит; ҳпартиа ахантәаҩы абри азҵааразы инарҭбааны аилыркаарақәа ҟаиҵеит, ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәа зегьы 100 мшы рыҩнуҵҟала, ганкала, инаҳагӡон, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель иҽазышәаразы даҽазнык ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, анапхгаратә гәыҧ ареформақәа рымҩаҧгара нарыгӡоит.

„Исымоу алшара схы иархәаны, ахада Шарль Мишель даҽазнык аргама ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, иара ҳтәыла аҩнуҵҟа аполиткиатә ҭагылазаашьа аҭыҧқәҵаразы иҟаиҵаз рацәоуп. Абри апроцесс иалахәыз ауаа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Аха, ишаабаз ала, Саакашвили идҵала, „Амилаҭтә ҵысра" ҭаҧхықәрада ари азҵаара иазныҟәаны, аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарымҩит, дара Евроеидгылеи Америкеи раҳаҭыр ладырҟәит. Лымкаала, иахьазы аоппозициатә партиақәа рҟынтә „Амилаҭтә ҵысра" роуп ахадаратә ҵакы змоу, егьырҭ апартиақәа зегьы, алхрақәа раан, инеизакны 10% ауп ироуз. Убри аҟынтә, ҳара ҳзы „Амилаҭтә ҵысра" акәын аус злаз, избанзар уи аоппозициатә партиа хадеи адеструктивтә мчы хадеи ауп. Дара хықәкыла аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарымҩит, иатәарымбеит, Евроеидгылеи Америкеи раҳаҭыр ладырҟәит. Ҳәарада, ҳара иаҭахыз зегьы ҟаҳҵеит, аҧхықәрақәа зегьы ганкала инаҳагӡеит. Ҳара аргама иаҳҳәеит, иахьагьы ишьақәсырҕәҕәар сҭахуп ареформақәа рымҩаҧгара шынаҳагӡо. Ахада Мишель иҟаиҵаз аҳәамҭагьы ҳаҳаит. Убри аҟынтә, шәызынтәгьы сшәыҳәоит шәҽырҭынчырц. Уажәазы аҿиароуп иаҳҭаху, ҳуааҧсыра аҿиареи аҭышәынтәалареи ауп ирҭаху, уи ҳтәыла аҿиаразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa