Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр афранцыз инвесторцәа Қырҭтәыла аинвестициатә алшарақәеи атәылаҿы еиқәыршәоу абизнес лагылазаареи идирдырит Print Version

2021-11-16

.  ..  

Иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили афранцыз наплакҩцәа реидгыла алахәылацәа Қырҭтәыла аинвестициатә алшарақәеи атәылаҿы еиқәыршәоу абизнес лагылазаареи идирдырит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла ауникалтә ҭыҧи, астратегиатә еизыҟазаашьақәеи, иара убас, Евроеидгылеи Ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа реидгылеи атәылақәеи, Ҭырқәтәылеи, Китаии рҟны Қырҭтәыла иамоу зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭрақәеи, абри зегьы абзоурала, атәым инвесторцәа амиллионрацәалатә џьармыкьа уадаҩрада ахархәара рылшоит.

Иракли Ҕарибашвили афранцыз инвесторцәа Қырҭтәыла рвизити атәыла азҿлымҳахареи азыҳәан ҭабуп ҳәа раҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра, ирылшо ала, аинвесторцәа ирыцхраауеит.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, афранцыз бизнесментцәа рделегациа авизит алагьы иубарҭоуп Франциа ақырҭуа џьармыкьа ишазҿлымҳау.

Афранцыз бизнесменцәа рделегациа иалоуп аинфраструктуреи, аргыларатә сектори, аинџьнырреи, ақыҭанхамҩеи, аенергетикеи уҳәа, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аус зуа абизнесменцәа, дара Қырҭтәыла зынагӡара ҟало апотенциалтә проектқәа ҭырҵаауеит. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, асасцәа, еиуеиҧшым аусбарҭақәа рҿы асектортә еиҧыларақәа мҩаҧыргоит.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ Диего Коласи, авице-аҧыза, аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Наҭиа Турнавеи, аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвилии.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa