Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр авенчуртә инвестициатә фонд Catapult VC ашьаҭаркҩи анапхгаратә партниори Џьонатан Тауер диҧылеит Print Version

2021-11-15

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили авенчуртә инвестициатә фонд Catapult VC ашьаҭаркҩи анапхгаратә партниори Џьонатан Тауер диҧылеит.

Аиҧылараан иазааҭгылеит 50 миллион акапитал змоу афонд Catapult Georgia One, уи Қырҭтәыла еиҿкаау раҧхьатәи авенчуртә инвестициатә фондхоит. Афонд ақырҭуа аҿыцҧшьгаратә стартап-еилахәырақәа аҧара рзоунашьҭуеит, аглобалтә џьармыкьаҿы ирласӡы рызҳара иацхраауеит.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, авенчуртә инвестициатә фонд - арегионалтә аҿыцҧшьгаратә центр ҳасабала атәыла ашьақәгыларазы иҟаҵоу даҽа шьаҿак ауп. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра афонд аусура иацхраауеит, иара убас, афонд азы крызҵазкәа партниорхоит Аиновациақәа рагентра.

Аиҧылара алахәылацәа аглобалтә конкуренциа аан аиновациақәа иаҳа ирласны рырҿиара аҵакы иалацәажәеит.

Иара убас иаҵшьны иазгәаҭан ақырҭуа стартапқәа рықәҿиарақәа, ари аганахьала ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла крызҵазкәа аихьӡарақәа амоуп аглобалтә потенциал змоу стартапқәа раҧҵара аганахьала.

Catapult VC авенчуртә капитал афонд Ашьанҵатә арха анҭыҵ иҟоу атехникатә центрқәа аинвестициақәа рзоушьҭра ахырхарҭала аус ауеит. 15 шықәса рыҩнуҵҟала, афонд 100 иреиҳаны аилахәырақәа ирзоунашьҭыит 220 миллион адоллар еиҳаны.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Startup Grind Tbilisi адиректор Қолин Маикл Доноҳиу, US Market Access Center - адиректорцәа иреиу Кристофер Милтон Бари, Қырҭтәыла аган аҟынтә - Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Наҭиа Турнавеи, Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр лхаҭыҧуаҩ Иракли Надареишвилии, „Қырҭтәыла аиновациақәеи атехнологиақәеи рзы агентра" ахантәаҩы Авҭандил Касраӡеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa