Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр аиҳабыра реилатәараҿы ахәмарратә бизнес иадҳәалоу аҿыц регулиациақәа цәыригеит Print Version

2021-11-29

Уаанӡа ишшәасҳәаз еиҧш, иахьа ишәыдаагалоит ҳаҭыр зқәу афинансқәа рминистр ирмазеиз аҿыц регулиациақәа, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иаҧшьаргаз арегулиациақәа рҵакы дахцәажәеит.

„Онлаин ахәмарратә бизнес азы иазҧхьагәаҭазаауеит ашәахтә механизм ҿыц, инеизакны иуҳәозар, зыӡбахәы ҳәоу асектор ашәахтәқәа азҳауеит 65-70%-ла. Аҩбатәи азҵаара - ақәратә аҳәаа ауп - 25 шықәса зхымҵыц ҳтәылауаа иалашыҩку ахәмаррақәа рылахәызаара азин роуам, араагьы инарҭбааны иарбоуп абри аҧкра здызкьысло - аҳәынҭқаррантә ацхыраара зауа, социалла ихьчам ауааҧсыреи, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәеи, иара аубас, аӡбара ақәҵарала асиа еиқәа иалагалоу ауааҧсыреи. Абарҭ ахаҿқәа иалашыҩку ахәмаррақәа рылахәызаара азин роуам, ас еиҧш 1 миллионҩык раҟара иҟоуп. Ахалыҧшра амеханизм иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, араагьы амеханизмқәа еиқәыршәаны иҳамоуп. Ахҧатәи азҵаара - аӡыргара аҧкра ауп - ателееилахәырала ахәмарратә бизнес аӡыргара иқәиҭымуп, иара убас, адәахьы аӡыргареи ақырҭуа веб-даҟьақәа рҿы аӡыргареи ҟалом. Ахәмарратә бизнес аоператорцәа аспонсорцәа рҟны аиқәшаҳаҭра адкылара мацара рылшоит, уигьы, бжеиҳарала, аспорт иазкызаауеит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Иара убас, акиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, афармацевтикатә џьармыкьа арегулиациақәа ирыдҳәаланы иашьашәалоу азакәанҧҵаратә инициатива апарламент адаргалоит ҧхынҷкәын азы. „Ишшәасҳәаз ала, ари ахырхарҭала активла аусура ҳаҿуп, агәабзиарахьчара аминистр афармацевтикатә џьармыкьа арегулиациақәа аус рыдулара даҿуп. Абри азакәанҧҵаратә инициативагьы ҧхынҷкәын азы апарламент адаагалоит. Ҳәарада, ҳареи апарламенти ари азҵааразы активла аус еицаауеит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Иара убас, аиҳабыра рыӡбарала, Апартниортә фонд ареформа иалагоит, афонд ареструктуризациа азыруеит, иашьашәалоу азакәанҧҵаратә инициативақәа апарламент аҿы ирыхәаҧшуеит ҧхынҷкәын азы. Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы аҧыза-минмистр даҽазнык дазааҭгылеит аекономикатә азҳара арбага ду, иара ишиҳәаз ала, арегион аҿгьы Европаҿгьы абри аҩыза арбга џьаргьы иҟам. „Жьҭааразы 7%-нӡа аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа ҟаҵан, зынӡа, 10 мза рыла, 10,5% ҟалоит. Уи, иҵабыргны, зеиҧшҟамлац азҳароуп арегион аҿгьы Европаҿгьы", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Ҧхынҷкәын алагамҭазы, авице-аҧыза Леван Давиҭашвили анапхгара ззиуа аусуратә гәыҧ, европатәи тәылақәак рышҟа идәықәланы, асоциалтә политика ареформа мҩаҧызгаз атәылақәа рҧышәа ҭырҵаауеит.

„Уигьы ҳтәылеи ҳтәылауаа ирыхәаша усуп ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa