Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Илиа Дарчиашвили - Кыраамҭала адемократиа аиҕьтәра абзоурала, Қырҭтәыла, адунеи адемократиақәа иреиҕьу ахәбарак реиқәыҧхьаӡа иалоуп, уи ҳтәыла адемократиатә аҿиаразы аҵакы ду амоуп
2021-11-25 Адунеи абанк аглобалтә напхгараҭара аиндикаторқәа зхы иазырхәо Жәларбжьаратәи аҭҵааратә центр - „Адемократиа авариациақәа" аҳасабырба инақәыршәаны, кыраамҭала адемократиа аиҕьтәра абзоурала, Қырҭтәыла, адунеи адемократиақәа иреиҕьу ахәбарак реиқәыҧхьаӡа иалоуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвили. Адунеи иреиҕьу адемократиатә ҭҵаарақәа ацентр, аиҿкаара "Адемократиа авариациақәа" иаланарҵәаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла акырӡа еиҕьхеит абарҭ арбагақәа: - агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра (freedom of expression); - аргәаҟра аҟынтә ахақәиҭра (freedom from torture). „Аҭҵаарақәа рҿы иарбоу зҵакы дуу 2 хырхарҭак рҿы Қырҭтәыла аконкреттә алҵшәақәа амоуп. Уи агәаанагара аарҧшра ахақәиҭреи аргәаҟра аҟынтә ахақәиҭреи ауп, абри зегьы ҳтәыла адемократиатә аҿиаразы аҵакы ду амоуп", - иҳәеит Илиа Дарчиашвили. Аҭҵаара инақәыршәаны, Қырҭтәыла Кавкази Ацентртә Азиеи арегион аҿы адемократиатә статус змоу атәыла заҵәуп, уи "аелекторалтә демократиа" атәылақәа ргәыҧ иаҵанакәеит. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa
|