Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы аҧыза-министр ибжьагаҩ Аҳәса рзы амчылареи аҭаацәараҿы амчылареи аҧыхра иазку Европа Ахеилак акомитет 13-тәи аиҧылара ихы алаирхәит
2022-12-07 Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы аҧыза-министр ибжьагаҩ Нико Татулашвили, Страсбург, Аҳәса рзы амчылареи аҭаацәараҿы амчылареи аҧыхра иазку Европа Ахеилак аконвенциа (Стампылтәи аконвенциа) аганқәа ркомитет 13-тәи аиҧылара ихы алаирхәит. Аиҧылараҿы Нико Татулашвили аганқәа аинформациа риҭеит агендертә дыргала амчылара апревенциеи ақәҿыҭреи азы аҳәынҭқарра имҩаҧнаго аусура иазкны, иара убас, наҟ-наҟтәи апланқәагьы дрылацәажәеит. Аиҧылараҿы Румынтәылеи, Босниеи Герцеговинеи, Германтәылеи, Естониеи, Кипри, Швеицариеи, Исландиеи, Норвегиеи, Қырҭтәылеи абжьагарақәа рыҭан. Аиҧылара ашьҭахь, Исландиа ахадеи Европатәи Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хадеи рхантәаҩрала, имҩаҧган аконференциа - „Акиберқәыҧшылараҿы амчылара иаҿагыло азеиҧш ақәҧара", уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, аконференциа алахәылацәа акиберқәыҧышылараҿы аҳәса рзы амчылара иаҿагыло ақәҧара аганахьала иҟоу ақәҿиарақәеи аҳасабтәқәеи ирылацәажәеит. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура
|