Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Алхратә комиссиа хада ахаҭарнакцәа аиҳабыра радминистрациа аусзуҩцәа иддырдырит алхратә електронтә технологиақәа русушьа
2023-10-16 Алхыҩцәа аинформациа рыҭара иазку акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны, алхратә администрациа ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа ахаҭарнакцәа рҟны аиҧылара мҩаҧыргеит. Алектронтә технологиақәа ирыдҳәаланы имҩаҧгаз аусура иазку аӡыргара мҩаҧылгеит Ацентртә алхратә комиссиа хада алхратә процессқәа рхылаҧшра адепартамент аиҳабы Ека Цабашвили; аиҧылараҿы аппаратқәа цәырганы, аимитациатә абжьыҭира мҩаҧыргеит. Алхратә администрациа ахаҭарнакцәа ари ауснагӡатә мҩаҧыргеит зымҽхак дуу аинформациатә кампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи алхратә електронтә технологиақәа рӡыргареи алхрақәа рмодернизациа апроцесси иадҳәалоуп. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура
|