Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы аҳәынҭқарратә напхгараҭара ирҿыцу апринципқәа рцәыргара иазку аконференциа ааиртит
2024-03-22 Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани аҳәынҭқарратә напхгараҭара ирҿыцу аконцепциа апринципқәа рцәыргара иазкыз аконференциа ааиртит. Ауснагӡатә мҩаҧган Аекономикатә усеицуреи аҿиареи аиҿкаареи (OECD) Евроеидгылеи (EU) рзеиҧш инициатива, - Анапхгараҭареи аменеџьменти ацхраара апрограмма (SIGMA) алахәызаара ала, USAID Аҳәынҭқарратә напхгараҭара апрограмма адгыларала. Аконференциа рхы аладырхәит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи, атәылауаҩратә сектори рҟынтә 80-ҩык раҟара ахаҭарнакцәа, дара атематикатә дискуссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳәынҭқарратә напхгараҭара ирҿыцу апринципқәа инарҭбааны ирылацәажәеит. Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформа иалагеит 2015 шықәсазы. Ареформа мҩаҧысуеит OECD/SIGMA ала ихиаалоу Евроеидгыла Аҳәынҭқарратә напхгараҭара апринципқәа рышьаҭала, ахадаратә ҵакы змоу 5 хырхарҭак рыла, урҭ роуп: аполитика апланшьҭыхреи акоординациеи; аҳәынҭқарратә маҵзуреи ауаҩытәыҩсатә ресурсқәа анапхгара рыҭареи; аҳасабырбара аҧхықәра; аҳәынҭқарратә сервисқәа рыла аиқәыршәареи аҳәынҭқарратә финансқәа рхархәареи. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура
|