Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан
2023-10-10 Аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит Венгриа аҧыза-министр - Виктор Орбан. Венгриа аҧыза-министр дицуп иҧҳәыс - Анико Леваи. Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ Венгриа аҧыза-министр иҧылеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр - Илиа Дарчиашвилии, Венгриа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Ҭамар Лилуашвилии, Қырҭтәыла иҟоу Венгриа ацҳаражәҳәаҩ - Ана Мариа Шикои. Виктор Орбан Қырҭтәыла даҭааит аделегациа иманы. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Виктор Орбани Иракли Ҕарибашвили ишиашо аформатаҿ еиҧылоит. Иара убас, имҩаҧысуеит Қырҭтәыла-Венгриатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара, уи анеҩс, аганқәа рхаҭарнакцәа амеморанадум рыбжьарҵоит. Қырҭтәылеи Венгриеи рҧыза-министрцәа амедиазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура
|