Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Гьаргь Гахариа - Арҵаҩцәа сааҭлатәи рџьаусҧса иацлоит, азыҧҵәа наӡа ала аус зуа арҵаҩцәа 1 800 лари аџьаусҧса роуеит
2020-01-09 Аҵара аминистрра ицәырнагаз азҵаара инақәыршәаны, азанааҭтә аҵара арҵаҩцәа сааҭлатәи рџьаусҧса иацлоит, азыҧҵәа наӡа ала аус зуа арҵаҩцәа 1 800 лари аџьаусҧса роуеит - иҳәеит Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аиҳабыра реилатәараҿы. „Аҵара аминистрра ицәырнагаз азҵаара инақәыршәаны, азанааҭтә аҵара арҵаҩцәа сааҭлатәи рџьаусҧса иацлоит, азыҧҵәа наӡа ала аус зуа арҵаҩцәа 1 800 лари аџьаусҧса роуеит. Ишыжәдыруа ала, ҳара аҵара асистемаҿы асистематә реформа мҩаҧаагоит, ари апроцесс аҿы зегьы реиҳа ихадоуп абжьаратә аҵара акомпонент, 2020 шықәса инаркны аҵара аусхкы хшыҩзышьҭра ҷыда амазаауеит, уи ауп аусуратә ҭыҧқәа реиқәыршәареи аџьаус аџьармыкьаҿы иҟоу адисбаланс ариашареи аҿы иҳацхрааша", - иҳәеит Гьаргь Гахариа. Аҧызa-министр ипрессмaҵзурa
|