Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы аҳәамҭақәа ҟаиҵеит
2021-02-25 Иахьа инаркны ақалақьбжьаратә транспорт аусура еиҭалагоит, асабшеи амҽышеи рзгьы; иара убас, иахьа инаркны, аепидемиологиатә стандартқәеи арегулиациақәеи рыхьчара ала, ашьхатә курортқәа рҿы асасааиртақәа аадыртуеит; Қырҭтәыла зехьынџьара амуниципалтә транспорт асабшеи амҽышеи рзгьы аус ауеит, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы. Иара убас, Иракли Ҕарибашвили автоимпортиорцәа ирзышьақәыргылаз азинҷыдақәа дырзааҭгылан, ишиҳәаз ала, 2019 шықәса жьҭаара 1 инаркны 2020 шықәса лаҵара 1нӡа атранспорттә хархәагақәа аазгаз ауааҧсыра абаџьхшәааразы ирымаз аҿҳәара ацҵоуп рашәара акынӡа. „Ишыжәдыруа ала, 2019 шықәса жьҭаара 1 инаркны 2020 шықәса лаҵара 1нӡа Қырҭтәыла ахазалхратә аҵакырадгьыл иҭалаз атранспорттә хархәагақәа рзы абаџьхшәаара аҿҳәара ацҵан 2021 шықәса хәажәкыра акынӡа. Ҳара ари аҿҳәара рашәара акынӡа иацаҳҵарц ҳаӡбеит. Абри азинҷыда рхы иадырхәар рылшоит атранспорттә хархәагақәа зтәу 19 000ҩык ауааҧсыра. Иара убас, арҭ ауаа анаӡына иақәынкылатәыз аицҵалыцгьы роуеит, Апандемиа аан абри аӡбара асектор аҿиареи аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҟаз арбагақәа рахь ахынҳәреи иацхраауеит ҳәа сгәы иаанагоит», - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили. Аҧыза-министр аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформа дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформазы ахеилак еиҿыркаауеит, уи алахәылацәа ареформа астратегиа аус адырулоит. „Ҳаиҳабыра аҳәынҭқарратә наплакқәа ркомплекстә реформазы активла аусура иаҿуп. Ареформа хықәкыс иамоуп анаплакқәа анапхгара рыҭара асистема акорпорациатә напхгараҭара иреиҳаӡоу астандартқәа рзааигәахара. Уи европатәи ахкы иаҵанакәа, иреиҕьу европатәи астандартқәеи аҧышәеи рышьаҭа ала имҩаҧааго реформоуп. Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд активла абри ареформа иадгылоит, иара убас, ари аус иалахәып апартниортә аиҿкаарақәагьы, Адунеи абанки, Азиатәи аҿиара абанки. Аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформа апандемиа иахылҵыз акризис алҵреи ҳаҧхьаҟа ҳекономика аҿиареи иацхраауеит. Ареформа қәҿиарала амҩаҧгара амзызла еиҿаҳкаауеит Аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформазы ахеилак, уи алахәылацәа аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформа астратегиа аус адырулоит, аконкреттә план еиқәдыршәоит, иара убас, ареформа амҩаҧгара еиқәыршәаны, аетапқәа зегьы ирыцклаҧшуеит. Иахьатәи аилатәараҿы аиҳабыра рнапхгаҩы аминистрцәа ирыдигалеит ҩыџьа авице-аҧызацәа - адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании афинансқәа рминистр Иване Маҷавариании. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa
|