Қырҭтәылa aиҳaбырa
government.gov.ge

Себастиан Молинеус Иракли Ҕарибашвили иахь - Қырҭтәыла ирласӡаны аиҭашьақәыргылара апроцесс азы аҽазыҟаҵара иалагарц, атәылаҿы аекономикатә реформақәа қәҿиарала рымҩаҧгара атрадициа нагӡахарцаз аусеицура арҭбаара сахыццакуеит

2021-02-25

Адунеи абанк агәыҧ рыхьӡала, ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҧаса Аҧыза-министрс шәаныҟаз қәҿиарала имҩаҧаагоз аусеицуразы, - иануп Кавказ аҿы Адунеи абанк арегионалтә директор Себастиан Молинеус Иракли Ҕарибашвили изааишьҭыз аофициалтә шәҟәы аҟны, иара Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит.

Себастиан Молинеус ишазгәеиҭаз ала, Адунеи абанк Қырҭтәыла иазгәыку партниоруп.

„Акыр иаҧсоу Аҧыза-министр! Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Аҧыза-министрс шәалхра. Адунеи абанк агәыҧ рыхьӡала, ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҧаса Аҧыза-министрс шәаныҟаз қәҿиарала имҩаҧаагоз аусеицуразы. Қырҭтәыла ирласӡаны аиҭашьақәыргылара апроцесс азы аҽазыҟаҵара иалагарц, атәылаҿы аекономикатә реформақәа қәҿиарала рымҩаҧгара атрадициа нагӡахарцаз аусеицура арҭбаара сахыццакуеит.

Адунеи абанк Қырҭтәыла иазгәыку партниоруп, ҷыдала, апандемиа аан, сара уи сгәы аздууп. Ҳара Қырҭтәыла иазоуҳашьҭуа ацхыраара COVID-19 аҿагылараҿы ишәыцхраауеит.

Қырҭтәыла Аҧыза-министр иҭыҧ аҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит, даҽазнык ишьақәсырҕәҕоит Қырҭтәылеи уи ауааҧсыреи рсоциалтәи рекономикатәи аиҭашьақәыргылара апроцесс аҿы ҳшәыцхраарц азыҳәан шәареи шәеиҳабыреи аус шәыцура ҳшазхиоу", - иануп адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa