Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Азербаиџьан иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, азербаиџьантәи иколлега Али Асадов диҧылеит
2021-05-06 Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Азербаиџьан иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, азербаиџьантәи иколлега Али Асадов диҧылеит. "Иахьа абра шәҧылара сара сзы ҳаҭыр дууп. Аҧыза-министрc саныҟала ашьҭахь арегион аҿы раҧхьатәи свизит мҩаҧызгоит. Уаанӡа, аофициалтә визитла Бриуссель сыҟан. Ҳара Азербаиџьан ҷыдала ҳазныҟәоит. Шәыжәлари шәтәылеи гәыкала ҳрызныҟәоит. Даҽазнык ишәзышьақәсырҕәҕәар сҭахуп ҷыдала ҳаҭыр шшәықәаҳҵо, аешьцәа реиҧш ҳашшәыхәаҧшуа. Ахада Алиеви сареи здаҟам аиҧылара мҩаҧаагеит. Ҳаиҿцәажәара алҵшәа бзиа аман. Аҵыхәтантәи ашықәсқәа рзы ҳтәылақәа еицынарыгӡаз апроектқәа даҽазнык ҳрылацәажәеит, абарҭ апроектқәа рыбзоурала, ҳаизыҟазаашьақәеи, ҳпартниорреи, ҳаиҩызареи азы ашьаҭа ҕәҕәа аҧаҳҵеит. Абри аҩыза аигәылареи аиҩызареи насыҧ дууп ҳәа исыҧхьаӡоит. Ҳаизыҟазаашьақәеи еицынаҳагӡо апроектқәеи рыбзоурала, иаҳа амотивациеи иаҳа алшарақәеи ҳауит ҳаҧхьаҟа иаҳа ирацәаны азеиҧш проектқәа рынагӡаразы, убри ала ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа иҳарҕәҕәоит,"- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили Али Асадов даниҧылоз. Азербаиџьантәи ареспублика Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит ҩ-тәылак ирыбжьоу астратегиатә партниорра. Иара ишиҳәаз ала, Азербаиџьан азы аҵакы ду амоуп аполитикеи, аекономикеи, акультуреи, агуманитартә усхкқәеи, иара убас, азеиҧш проектқәеи рҿы Қырҭтәылаҟны ҩ-ганктәи аусеицура. Али Асадов ишазгәеиҭаз ала, атәылақәа рыбжьара аусеицура иаҳа арҭбааразы алшара дуқәа иҟоуп, урҭ рыбжьара, акоммуникациақәеи, ақыҭанхамҩеи, аҵареи, аҵарадырреи, агәабзиарахьчареи, егьырҭ аусхкқәеи рхырхарҭалагьы. „Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа рыхә ҳаракны исшьоит. Аҧыза-министрс шәаныҟәарҵа ашьҭахь, хара имгакәа Азербаиџьан шәаара ахә ҳшьоит, убри ала шәара даҽазнык иаашәырҧшит Қырҭтәыла аиҳабыра абарҭ аизыҟазаашьақәа ишрызныҟәо. Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, Қырҭтәыла Аҧыза-министрс шәалхра шәыдысныҳәалар сҭахуп. Қырҭтәыла иаҳа арҿиара аус аҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура
|