Қырҭтәылa aиҳaбырa
government.gov.ge

Иракли Ҕарибашвили - Иахьа афашизм аҵархара амш инаркны 76 шықәса ҵит; иахьа аиаара ду мшуп, имаҷымкәа ҳфырыхацәа, ақырҭуа ветеранцәа ари амш иалахәын

2021-05-09

Иахьа афашизм аҵархара амш инаркны 76 шықәса ҵит. Ҳфырхацәа, ҳветеранцәа абри амш ду рыдысныҳәалар сҭахуп, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аветеранцәа рыхьӡала иҟоу Акультуреи аҧсшьареи апарк аҿы. Иахьа уаҟа аиҳабыра рнапхгаҩи аиҳабыра алахәылацәеи Аҩбатәи адунеитә еибашьра иалаӡыз ауаа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, иахьатәи амш аиаара ду иамшуп, уи иалахәын имаҷымкәа ақырҭуа ветеранцәа.

„Сара даҽазнык аасырҧшыр сҭахуп ҳветеранцәа ҷыдала пату шрықәысҵо. Иахьатәи амш аиаара ду иамшуп, уи иалахәын имаҷымкәа ақырҭуа ветеранцәа. Абри аиааира ду зхы ақәызҵаз ауааҧсыра зегьы среихырхәоит. Ишыжәдыруа ала, ҳара, ақырҭуаа, афашизм аҵархареи абри аҭоурыхтә ашәышықәса аиааиреи аҿы алагала ду ҟаҳҵеит. Убри аҟынтә, даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп ҳара ҳазынтәгьы аветеранцәа еснагь пату рықәҵареи, аиааира ду зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа ҳгәаларшәареи шаҳуалу", - иҳәеит Аҧыза-министр.

Аҧыза-министр апарк аҿы еизаз аветеранцәа драцәажәан, аныҳәа ду рыдныҳәаланы, агәабзиара рзеиҕьеишьеит. Аҩбатәи адунеитә еибашьра аалахәылацәа аиҳабыра рнапхгаҩы ҭабуп ҳәа иарҳәеит аиҳабыра дара ирзоурышьҭыз ацхырааразы.

Ишдыру ала, Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала, афашизм аҵархара инаркны 76 шықәса аҵра инамаданы, Аҩбатәи адунеитә еибашьра алахәылацәа, зныктәи асоциалтә цхыраара ҳасабала, 1000 лари роуеит, Аҩбатәи адунеитә еибашьра иалаӡыз ауааҧсыра рҭаацәарақәа - 500 лари.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa