Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аҧыза-министр Акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистрра жәашықәсатәи аҿиара аплан аӡыргараҿы дыҟан
2021-07-28 Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҧшьгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистрра жәашықәсатәи аҿиара аплан аӡыргара мҩаҧнагеит. Зыӡбахәы ҳәоу аинициативала иазҧхьагәаҭоуп атәыла аусхкытә аҿиара жәашықәсатәи аплан аиқәыршәареи ажәлар рызцәыргареи. Аӡыргара мҩаҧылгеит авице-аҧыза, акультуреи, аспорти, аҿар арусқәеи рзы аминистр Ҭеа Ҵулукиани. „Ҳгәы ишаанаго ала, 2030 шықәсанӡа тәыла аекономикаҿы акультура ахәҭа 2,8% аҟынтә 5,5%-нӡа иазҳароуп. Абри асектор аҿы аус зуа ауаа рхыҧхьаӡарагьы 5,2% аҟынтә 5,8%-нӡа иазҳароуп, акультуратә туризм арбага шьҭыҵроуп 8%-нӡа", - илҳәеит Ҭеа Ҵулукиани. Аетнографиатә музеи аҿы имҩаҧгаз ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла Аҧыза-министри, анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра алахәылацәеи, адипломатиатә корпуси акультура аусхки рхаҭарнакцәеи.
|