Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аҧыза-министр агәабзиарахьчара асектор ахаҭарнакцәа дырҧыланы, авакцинациа апроцесс иаҳа ирласны амҩаҧгаразы иаҭаху ауснагӡатәқәа ирызкны драцәажәеит
2021-07-29 Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили агәабзиарахьчара асектор ахаҭарнакцәа дырҧылеит. Аиҧылараҿы излацәажәаз атемақәа иреиуп иацҵаны аиарҭаҭыҧқәа реиқәыршәара азҵаара. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, қәҿиарала апандемиа аҿагыларазы аҵакы ду амоуп аҳәынҭқарреи агәабзиарахьчара асектори еиқәшаҳаҭны русеицура. Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа қәҿиарал ахылаҧшра амзызла, аиҳабыра, излауа ала аклиникақәа рыцхраара иазыхиоуп. Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистр Екатерина Тикараӡеи, агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниеи, Ачымазарақәа рхылаҧшреи ауаажәларратә гәабзиареи амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡеи, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау аоперативтә штаб аиҳабы Гьаргь Ҕибраӡеи. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa
|