Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбарала, 200-ларитәи амарҽхәаратә уснагӡатә ажьырныҳәазгьы инагӡахоит, алаҵа ҟазҵо, 50 шықәса зхыҵуа ауааҧсырагьы аҧаратә ҳамҭа роуеит
2021-12-28 200-ларитәи амарҽхәаратә уснагӡатә ажьырныҳәазгьы инагӡахоит, аиҳабыра рыӡбарала, акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина аҟаҵаразы аҧаратә ҳамҭа зауаз ауааҧсыар рықәратә аҳәаа еиҵхоит 50 шықәсанӡа, - ари аӡбара рыдыркылеит аҧыза министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы. Ахеилак аӡбара ҷыдала ашәарҭара иҭагыло агәыҧқәа рыгәҭа авакцинациа апроцесс арлахҿыхра иазкуп, уи амч аиуеит ажьырныҳәа 1 инаркны. Иара убас, ишдыру ала, ажьырныҳәа 1 инаркны ажьырныҳәа 10-нӡа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аҧсшьарамшқәа рылаҳәоуп, акоординациатә хеилак алахәылацәа хазхаҭалатәи аусбарҭақәагьы абри аҩызаҵәҟьа абжьагара рырҭеит. Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа даҽазнык ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟарҵоит ауаа рацәа ахьыҟоу аҭыҧқәа рахь имнеирц, асабрадақәа ныҟәыргаларц, асоциалтә дистанциа рыхьчаларц, авакцинацаиа апроцесс активла рхы аладырхәырц. Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 42-ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы - 857-ҩык, ахәышәтәырҭақәа рҿы - 4 951-ҩык атәылауаа. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура
|