Қырҭтәылa aиҳaбырa
government.gov.ge

Аҧыза-министр Қырҭтәыла иҟоу Џьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

2024-04-19

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахизе Қырҭтәыла иҟоу Џьамтәылатәи исламтә республика ацҳаражәҳәаҩ Маҳмуд Адиб диҧылеит.

Аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Џьамтәылеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Иара убас, арегионаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәагьы ирзааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҵакы ҷыда.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура