2023-05-08
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.
Аиҳабыра алахәылацәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 10 зҵаарак ирыхәаҧшит. Аилатәараҿы ишьақәырҕәҕәан апарапланла аҧырра иадҳәалоу азҵаарақәеи ашәарҭадара астандартқәеи ҳәаақәызҵо апроект. Ишазгәаҭаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аусхкы ашәарҭара ахылҵуеит, убри аҟынтә, иашьашәалоу азакәанҧҵаратә акт рыдыркылаанӡа, аамҭалатәи аҧҟара ашьаҭала, апарапланла аҧырра азинтә регулиациақәа шьақәыргылатәуп.
Зыӡбахәы ҳәоу апроектла ишьақәырҕәҕәоуп „Апарапланла аҧырра амҩаҧгареи, ахархәареи, ашәарҭадареи, насгьы, абри аҧҟарала иҳәаақәҵоу аусура ахәҧса ашьақәыргылареи, ашәареи аамҭалатәи аҧҟара".
Апроект ҳәаақәнаҵоит ари апроцесс иалахәы ауааҧсыра рзинқәеи рыҧхықәрақәеи, аҧырратә локациақәа рхәарҭазаара ашьақәыргылара аҳәарақәеи иашьашәалоу аҧҟареи, аоператор исертифицирра азҵаареи, аҧырҩы изку аҳәарақәеи, аҧырҩцәа ркатегориақәа/акатегориаеиҵақәеи, урҭ ранашьара/рызхаҵареи аҧышәара аҭира аҧҟареи, апараплани уи аелементқәеи рхәарҭазаара ашьақәыргыларазы аҳәарақәеи иашьашәалоу апроцедурақәеи, афедерациа акомпетенциеи азини аҧхықәрақәеи, афедерациа аусура ахылаҧшреи, аҧҟарала иазҧхьагәаҭоу аусура амҩаҧгаразы ишьақәыргылоу аџьаусҧса ахыҧхьаӡареи, уб.егь.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура