Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2023 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2023 шықәсa лаҵара 29 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2023-05-29

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аминистрцәа 18 зҵаарақәа ирыхәаҧшит.

Аиҳабыра реилатәараҿы иахәаҧшны ишьақәдырҕәҕәаз ақәҵара инақәыршәаны, аҧсабаратә рыцҳарақәа рымшала азарал зауз ауааҧсыреи ихҵәоу 133 ҭаацәарақәеи, асимволтә ахә ала, 1 лари ҳәа ахатәрахьы ирыҭоуп дара афактла иаанкыланы ирымоу 160 ақыҭанхамҩатә адгьылҭыҧқәеи урҭ рҿы иҟоу анхарҭақәеи. Зыӡбахәы ҳәоу адгьылҭыҧқәа иҟоуп Хонии, Ахметеи, иара убас, Лагодехии, Ҵалкеи, Ниноҵминдеи, Ҭеҭриҵҟарои, Марнеулии, Сиҕнаҟии амуниципалитетқәа рҿы.

Иара убас, аиҳабыра алахәылацәа ишьақәдырҕәҕәеит Гардабани амуниципалитетаҿ еилаҧсоу ацикл ахҧатәи аҧхарратә афымцатә станциа аргылара аиқәыршәаразы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәа ирызку ақәҵара.

Ақәҵара ашьаҭала, Гардабани амуниципалитет аҵакырадгьылаҿ 350-430 мегаватт амч зауа еилаҧсоу ацикл аҧхарратә афымцатә станциа аргыларазы аукцион рылаҳәоуп, иалырхуа аинвестор, ҧшьышықәса рыла, иргыланы аус аируроуп Қырҭтәылаҿ зегьы реиҳа идуу аҧхарратә станциа.

Иахьа аиҳабыра алахәылацәа „Автомобилтә транспорт иазку" Қырҭтәыла азакәан аҧсахрақәа алагалара азҵаара иахәаҧшит. Азакәан апроект еиқәыршәоуп атәыла аҩныҵҟа апассаџьыртә амҩангара ареформа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Азакәанпроект ала иазҧхьагәаҭоуп атәыла аҩныҵҟа апассаџьыртә амҩангаразы азинтә система аҧҵареи, ақалақьбжьаратә амҩангара апроцесс аиҿкааратә нормақәа реиҕьтәреи, автоаангыларҭақәа рсертифицирреи, абри зегьы ақалақьбжьаратә амҩангара амаҵзурақәа реиҕьтәреи, аконкуренциатә лагылазаара аҧҵареи, ашәарҭадара аҩаӡара ашьҭыхреи иацхраауеит, иара убас, аҧҵахоит иашьашәалоу азакәанҧҵаратә база. Ареформа апассаџьыртә амҩангара аусхкы аҿы зквалификациа ҳараку, азанааҭдырреи аҧышәа дуи змоу акадрқәа аусурҭала реиқәыршәара иацхраауеит.

Аиҳабыра реилатәараҿы аиҳабыра алахәылацәа „Ашьхаҳаракыратә аиланхарҭақәа рҿы анаплакратә усура ацхраара апрограмма" аус арура иазку аӡбара рыдыркылеит. Апрограмма хықәкыс иамоуп атәыла зехьынџьара, ашьхаҳаракыратә регионқәеи аиланхарҭақәа рҿы анаплакратә усура ацхраара.

Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, апотенциалтә бенефицарк изоурышьҭуеит 30,000 лари еиҵамкәа, аха, 100,000 лари еиҳамкәа, абри аҧаратә аицҵалыҵ апроект азеиҧш ахә 50% иреиҳамзароуп.

Анаплакҩцәа қәыҧшцәеи ақыҭанхамҩатә кооперативқәеи иацҵаны анаӡынатә бенефит роуеит, дара зыӡбахәы ҳәоу арегионқәеи ашьхаҳаракыратә еиланхарҭақәеи рҿы анаплакратә усура алагара иазҿлымҳахарц азыҳәан.


Ашьхаҳаракыратә аиланхарҭақәа рҿы анаплакратә усура ацхраара иазку хықәкылатәи апрограмма ҿыц 5 миллион лари абиуџьет амоуп.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура