Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2023 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2023 шықәсa цәыббра 26 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2023-09-26

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аиҳабыра алахәылацәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 14 зҵаара ирыхәаҧшит.

Аилатәараҿы ишьақәдырҕәҕәеит Аекономикеи иҭышәынәталоу аҿиареи рзы аминистрра аинициативала имҩаҧгаз афымца ааглыхра амҽхак раҧхьатәи аукционаҿ аиааира згаз аилахәырақәа рҟны ирыдыркылараны иҟоу атехника-економикатә аиқәшаҳаҭра, уи аҿы иарбоуп 6 проектк: зынӡа 44 мегаватт амҽхак азы; ааглыхра - 71 миллион квт/сааҭ; аинвестициа аҭаӡара - 26,9 миллион адоллар.

Зырҿыцра ҟало ахыҵхырҭақәа рҟынтә афымца ааглыхреи ахархәареи ацхраара асхема ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны актәи аукцион мҩаҧган 300 мегаватт амч ахархәаразы, хазхаҭалатәи асектор ари аукцион даараӡа иазҿлымҳан - ицәырган 78 арзаҳалқәа 943 мегаватт амҽхак азы.

Аиааира ргеит 27 еилахәырақәа, урҭ рҟынтә 15 аилахәырақәа Қырҭтәылаҿ аӡфымцатә станциақәеи, 2 аҧшатә афымцатә станциаки, 10 амратә афымцатә станциаки рыргыларатә проектқәа нарыгӡоит.

Абарҭ аелектрогенерациатә 27 станциақәа аусура ианалагалакь, ҳтәыла есышықәса аиуеит 1,1407 миллиард квт/сааҭ афымца, зынӡа арҭ апроектқәа ирыларҵоит 400 миллион адоллар аинвестициа.
Иара убас, аилатәараҿы ишьақәырҕәҕәан 11 проектқәа ирызку аиқәшаҳаҭра, инеизаку амҽхак 161 мегаватуп, ааглыхра - 661,9 миллион квт/сааҭ; аинвестициа аҭаӡара - 218 миллион адоллар.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура