2023-10-30
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.
Аиҳабыра алахәылацәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 15 зҵаара ирыхәаҧшит.
Аилатәараҿы изхәаҧшыз апроект инақәыршәаны, акьыба ачымазара змоу апациентцәа рзы аонкологиатә хирургиеи, апланла иазҧхьагәаҭоу, иара убас, хырҧашьа змам аоперациақәеи, атәыла зехьынџьара аҧара рзоурыжьҭуеит (абиуџьеттә аҧарала аҧгаҧса змоу ауааҧсыра рыда). Иара убас, урҭ иреиуп аҧгаҧса змоу аветеранцәеи шықәсыкала 40 000 лари еиҳаны ахашәала змоу апациентцәеи.
Иара убас, аиҳабыра рыӡбарала, сынтәа нанҳәа инаркны, акьыба ачымазара змоу апациентцәа, атәыла зехьынџьара, агормонатерапиеи, ахимиатерапиеи, ашәахәатә терапиеи, амедикаментқәеи рзы аҧара рзоурыжьҭуеит. Иахьа - Қырҭтәыла аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәаз аҧсахрақәа инрықәырәшаны - атәылауаа зегьы, ахимиа/агормоно/ашәахәатә терапиеи, иара убас, амедикаментқәеи, аонкологиатә хирургиеи рзы еиҟараны аҧара рзоурыжьҭуеит.
Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара абзоурала, зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, акьыба ачымазара змоу ауааҧсыра зегьы, рхашәала иахьыҧшымкәа, аҽыхәшәтразы еиҟараны алшарақәа рзеиқәыршәазаауеит.
Иара убас, аиҳабыра алахәылацәа изхәаҧшыз апроект инақәыршәаны, астомотологиатә маҵзурала аиқәыршәаҩцәа рзы аҿыц стандартқәа шьақәыргылоуп. Агәабзиарахьчара аминистрра аинициативала, аусура алагареи, иара убас - анагӡареи апҟарақәа иаҳа иџьбарахоит. Аҧсахрақәа хықәкыс ирымоуп апациентцәа ршәарҭадара ахьчареи ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу асервисқәа рыла реиқәыршәареи.
Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, астомотологиатә усбарҭақәа рзы ирҿыцуп, аханатә инарҭбааны иҩуп аинфекциа апревенциеи, ахылаҧшреи, астерилизациа-дезинфекциеи, амедицинатә цәынхақәа рхылаҧшреи азы зда ҧсыхәа иҟам акритериқәа. Ари апроцесс иаҳа еиҕьны амҩаҧгара амзызла, аусбарҭақәа зегьы рҿы хымҧада дыҟазароуп аинфекциақәа рхылаҧшразы аҭак зыҧхықәу ахаҿы.
Астомотологиатә усбарҭа иауалуп аусзуҩцәа зегьы В агепатит азы апрофилактикатә иммунизациеи фымз рыла знык С агепатит азы аскрининги рзеиқәыршәара.
Уажәазы аус зуа астоматологиатә кабинетқәеи аклиникақәеи аҧсахрақәа рҿы иарбоу аҳәарақәа рынагӡара ируалуп 2024 шықәса ажьырныҳәа инаркны. Аусбарҭақәа ҿыцқәа аусура иалагар рылшоит зыӡбахәы ҳәоу астандартқәа мацара инрықәыршәаны.
Иара убас, Қырҭтәыла аиҳабыра реилатәараҿы иахәаҧшут 75 ихҵәоу аҭаацәарақәа (196-ҩык) азеиҧш хархәараҿы иҟоу анхарҭақәа ахатәрахьы рыҭара азҵаара. Ирырҭараны иҟоу амал Қарҭи аҳабла Ҵнеҭи ауп иахьыҟоу. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп ахҵәацәа иахәҭоу анхарҭатә ҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәара, убри аҟынтә, ихҵәоу ҭаацәаракгьы аҳәынҭқарра аҟынтә хшыҩзышьҭрада иаанымхарц азыҳәан, ари апроцесс активла инагӡоит.
Убри адагьы, аиҳабыра реилатәараҿы иазааҭгылеит афымцатә 5 станциак рырҿиара апроект, уи анагӡаразы атехника-економикатә ҭҵаарақәа мҩаҧысуеит. Аиҳабыра реилатәараҿы ицәыргаз апроект инақәыршәаны, афымцастанциақәа инеизаку рымҽхак 118 мегаватт еиҳауп, зыӡбахәы ҳәоу афымцастанциақәа ирзоушьҭуп 167 миллион адоллар еиҳаны аинвестициа.
Атехника-економикатә ҭҵаарақәа қәҿиарала ихыркәшахар, апроектқәа мҩаҧгахоит Шида Қарҭли арегионаҿ, лымкаала - Қарелии, Хашурии, Каспии амуниципалитетқәа рҿы.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура