Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2023 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Иракли Ҕарибашвили, европатәи алидерцәа дрыцны, атематикатә дискуссиа ихы алаирхәит

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европа аполитикатә аилазаара (EPC) асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз атематикатә дискуссиа - „Амультилатерализм, ашәарҭадареи агеостратегиатә зҵаарақәеи налаҵаны" ихы алаирхәит.

Аишәа гежь аформатаҿ имҩаҧгаз атематикатә дискуссиа дахантәаҩын Бырзентәылатәи ареспублика аҧыза-министр Кириакос Мицотакис. Алидерцәа арегионалтә проблемақәеи, аимакқәеи, урҭ рҭыҧқәҵаразы иҟоу алшарақәеи ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, ари апроцессаҿ ахадаратә ҵакы рымоуп азеиҧш ҽазышәарақәеи, акзаара ахьчареи, аҽырҕәҕәареи.

Аиҧылара рхы аладырхәит адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара азҵаарақәеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа авице-ахада - Жозеп Боррели, Шәамахьтәыла аҧыза-министр - Никол Ҧашиниани, Швеицариатәи аконфедерациа ахада - Ален Берсеи, Кипртәи ареспублика ахада - Никос Хростодулидиси, Литватәи ареспублика ахада - Гитанас Науседеи, Лиуқсембург агерцогра ду аҧыза-министр - Қсавие Бетели, Ирландиа аҧыза-министр - Лео Варадкари, Латвиатәи ареспублика аҧыза-министр - Евика Силиниеи, егьырҭ алидерцәеи.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура