Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2023 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Иракли Ҕарибашвили Европатәи аполитикатә аидҵара (EPC) асаммит аҽалархәразы Испаниаҟа ддәықәлеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европатәи аполитикатә аидҵара (EPC) ахҧатәи асаммит ихы алаирхәоит.

Европатәи аполитикатә аидҵара ахҧатәи асаммит мҩаҧысуеит Испаниа, Гранада ақалақьаҿ, жьҭаара 5-6 рзы.

Асаммитаҿ аҧыза-министр аишәа гежь аформатаҿ имҩаҧысуа атематикатә дискуссиа ихы алаирхәоит.

Иара убас, асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиҳабыра рнапхгаҩы иҳараку аҩаӡараҟны ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит.

Гранадаҟа идәықәлаз аҧыза-министр аделегациа ицуп.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура