Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2023 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 2023 шықәсатәи иҳасабырба Print Version

2023-12-18

Мшыбзиақәа, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, ауаажәларри, сколлегацәеи, апарламент ахантәаҩи, апартиа ахантәаҩи, Қарҭ ахадеи, аиҳабыра алахәылацәеи, апарламент алахәылацәеи, аӡбарҭақәа рнапхгаҩцәеи, Апатриархиа ахаҭарнакцәеи, ҳаҭыр зқәу ацҳаражәҳәаҩцәеи салам рысҭоит!

Акыр иаҧсоу аҩызцәа, шықәсыкала имҩаҧаагаз аусура иазку аҳасабырба шәызцәыргара сара сзы ҳаҭыр дууп. Сықәгылара алагамҭаз, ҳара иҟаҳҵаз анализ шәыдазгалар сҭахуп. Иара убас, ҳтәылаҿгьы арегионаҿгьы иҟалаз ахҭысқәа срыхцәажәар сҭахуп, убри адагьы, сыҳасабырбаҿы сырзааҭгылоит ҳара ҳазынтәгьы - аиҳабыреи апарламенти, ҳтәыла анапхгара зегьы, ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы, еицынаҳагӡаз аусура ду иахылҵыз ақәҿиарақәа. Иара убас, агеополитикатә ҭагылазаашьеи арегионаҿ аҭагылазаашьеи салацәажәоит.

Раҧхьа иргыланы, даҽазнык ишәыдысныҳәалар сҭахуп, избанзар, ҳгәыҧи инеизакны, атәыла анапхгареи, ҳажәлари аиаара дуӡӡа ҳгеит - ҳтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылас иҟалеит. Иакымкәа абиҧарақәа ргәахәтәы нагӡахеит, ҳәарада, уи мариамызт, ҳара иакымкәа иуадаҩӡаз аетапқәа ҳархысит; ҳаидгыланы, ауадаҩрақәа рацәа ҳхаагеит, аха, ҳара еснагь ҳтәыла амилаҭтә интересқәа ракәын напхгагас иҳамаз. Аҩызцәа, убри азоуп абри аҩыза алҵшәа зҳауз. Ҳажәлар ринтересқәа мацара иазҧхьагәаҭаны ауп иахьанӡагьы ҳшааиз.

2012 шықәсазы ҳтәыла ареалтә европеизациазы, адемократизациазы ашьаҭа ҕәҕәа аҧҵан. Биӡина Иванишвилии „Ақырҭуа гәахәтәи" ҳтәыла ианахагыла ашьҭахь, ҳнапхгара атәыла ахьыҧшымра арҕәҕәара иалагеит. Сара уаанӡагьы изныкымкәа исҳәахьеит ҳтәыла евроинтеграциа амҩаҿ аӡәыр ак ҟаиҵазар, уи „Ақырҭуа гәахәтәы" шакәу - Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра адкылара анеҩс, зхы иақәиҭу ахәаахәҭра, авизадатә режим, насгьы, ҳаиҳабыра имҩаҧырго адәныҟатәи аполитика ахадаратә хырхарҭа Аконституциагьы ианылеит, ари аетап ҵыҧх ихыркәшан ҳтәыла европатәи аперспектива азхаҵарала, анеҩс, сынтәа, ақәиара дуӡӡа ҳауит, ҳтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьан. Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, европатәии америкатәи ҳпартниорцәеи ҳҩызцәеи даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Шәызынтәгьы ари апроцессаҿ ароль ду нашәыгӡеит, шәыбжьи шәыдгылареи аҵакы ду аман; сара даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Еврокомиссиа ахадеи, инеизакны, европатәи алидерцәеи - ҳаҭыр зқәу Шарль Мишели, ҳаҭыр зқәу Урсула фон дер Лаиени; ҳаҭыр зқәу Варҳеи ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, иара шықәсык иалагӡаны илшоз ала дҳацхраауан, европатәи ҳҽазышәарақәа гәыкала ирыдгылаз ҳҩызцәа дреиун, насгьы, ҳәарада, 27 ҳәынҭқаррақәа рлидерцәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәеи иахьа абра иҳалатәоу рыцҳаражәҳәаҩцәеи ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Иҭабуп! Европатә ҳҩызцәа гәыкала ҭабуп ҳәа расҳәоит!

Иара убас, Америка аиҳабырагьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп; ҷыдала ҭабуп ҳәа иасҳәоит ҳаҭыр зқәу Салливан. Еврокомиссиа абжьагара аныҟанаҵа ашьҭахь, мчыбжьқәак раҧхьагьы исҳәеит ҳаҭыр зқәу Салливан евроинтеграциа апроцессаҿ ҷыдала ҳтәыла дшадгылаз, ҳара ҳаиҧылара алҵшәа бзиа ахылҵит; ҳара азҵаарақәа рацәа ҳрыхәаҧшны, иҳаӡбеит. Ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟтәи ҳпартниорреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рацәа ҳаӡбеит. Ҳәарада, Америка ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ҭабуп ҳәа ласҳәар сҭахуп, лара лхаҭа Бриуссельҟа днеины, уаҟа адгылара ҕәҕәа ҳзаалырҧшит, ҳақәҿиара деигәырҕьон; аха, аҩызцәа, абри алҵшәа анҳаузгьы иахьагьы алабҿабара зеиҧшроу ҳхамшҭроуп. Украина иахьагьы арбгаратә еибашьра инагӡоит. Урыстәылатәи афедерациа абри аибашьра ианалага инаркны иахьанӡа, Украина аҵакырадгьыл 20% импыҵахалоуп, ҳара ибзиаӡаны иаабоит ари аибашьра макьана ишалымго. Абри аибашьраҿы шәнызқьҩыла ауааҧсыра иҧсхьеит, миллионҩыла ауааҧсыра Украина иқәҵит - 10 миллионҩык украинаа Украина иалҵит, убри аҟараҵәҟьа аҩныҵҟатәи амиграциа, аиҭаҵра рықәшәеит. Ҳҩызцәа украинаа арыцҳара ду иҭагылоуп. Ҳара, иҳалшо ала, ҳҩызцәа украинаа ҳрыцхраауеит, Украинантә ахҵәацәа рацәа излауаз ала ҳрыцхрааит, аха, иара убас, иазгәасҭар сҭахуп - абри аибашьра амшала адунеи зегьы шьаҭас иамоу ахадаратә пҟарақәа рҽырыҧсахуеит, Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахьгьы, нас, Асовет Еидгыла акаҳара ашьҭахьгьы адунеиаҿ ишьақәгылаз аиҿкаашьа аҽаҧсахуеит. Абри аҩыза аҽазкра шыҟоу аабоит. Адунеитә аиҿкаашьа аҧсахра аҽазкра аабоит. Ари аибашьра анхыркәшахо аӡәгьы издырӡом, уи Европа ашәарҭадара архитектуразы, ҳрегион азы ныррас иаиуа аӡәгьы издырӡом; адунеи аиҿкаашьа ҿыц зеиҧшрахо аӡәгьы издырӡом. Апроблема лабҿаба иубарҭоуп, ҳара уи 2008 шықәсазы ҳахысхьеит. Нанҳәатәи аибашьра иҟан, ҳәарада, ҳара ҳазынтәгьы, ҳтәыла зегьы, арыцҳара ду ҳҭагылан. Рыцҳарас иҟалаз, усҟантәи аҭакҧхықәрадатә аиҳабыра абри аибашьра ацәцара зрылымшеит. Сара изныкымкәа исҳәахьеит 2008 шықәсазы ҳтәыла Биӡина Иванишвилии „Ақырҭуа гәахәтәи" иахагылазҭгьы, ари аибашьра ҟаломызт ҳәа. Аҩызцәа, уажәы уи сзалацәажәои, ҳара ибзианы иаадыруеит аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳуааҧсыра имаҷымкәа рацәажәара шҳақәшәаз ҳтәыла аҿаҧхьа иқәгылаз ашәарҭарақәа дҳардырырц азыҳәан. Ареалтә шәарҭарақәа иҟан, атәылаҿ аилаҩынтәра аиҿкаара ашәарҭара иҟан. Атәыла аҩныҵҟа иҟоу арадикалтә, аҕатә мчқәа даараӡа ирҭахын ҳтәыла ари аибашьра аҽаланагаларц. Сара афактқәа реиқәыҧхьаӡара салагом, уи ҳазынтәгьы иаадыруеит. Акыр иаҧсоу аҩызцәа, ҳуааҧсыра, даҽазнык згәыдурала ишәасҳәар сҭахуп ҳара ҳтәылеи ҳажәлари мацара ринтересқәа иазҧхьагәаҭаны аӡбара шҳадаҳкыло. Аибашьра - ҳтәыла, ҳажәлар, ҳмилаҭ изықәшәар зылшо арыцҳарақәа зегьы иреицәоуп; ҳара абри арыцҳара дуӡӡа ҳацәцеит. Аибашьра ҳацәцеит, ҭынч, хшыҩкрала, ҳтәылаҿ аҭынчра шьақәҳаргылеит. Ҳара ари аиааира еицаагеит. Ҳәарада, уажәазы изыкәызаалак шәарҭарак иҟам ҳәа сызшәаҳәом. Ҳәарада, ашәарҭарақәа иҟоу, аха, ҳара, излауа ала, агәҽанызаарала, хшыҩкрала абарҭ ашәарҭарақәа ахәшьара раҳҭоит, ашәарҭарақәа аарҧшны, апревенциа мҩаҧаагоит, ҳтәыла ауааҧсыреи, ҳажәлари, ҳтәылеи ҳахьчоит.

Аамҭакала, иазгәасҭар сҭахуп ҳара есымша, ес-минуҭ жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа рҟны еиҧҟьарада аимадара шҳамоу, аиҩызарала иаҳзыҟоу, ҳпартниор-тәылақәа уахгьы-ҽынгьы иаартны аус рыцаауеит. Ҳтәыла адгылаҩцәа, ҳтәыла апартниорцәа, европатәи, мраҭашәаратәи, америкатәи ҳҩызцәа аинформациа наӡа рымоуп ҳаиҳабыра имҩаҧырго аполитикеи, аҳасабтәқәеи, ахықәкқәеи ирызкны, дара ари аганахьала изакәызаалак зҵаарак рымам.

Сара асанкциақәа рықәныҟәара азҵаара сазааҭгылар сҭахуп. Сынтәатәи ашықәс зегьы иалагӡаны ари азҵаара иадҳәаланы ииашам, изакәызаалак шьаҭак зҵам ахарадҵарақәа ҳаҳауан. Ишыжәдыруа еиҧш, мызқәак раҧхьа Қырҭтәыла иаҭааит зыҩаӡара ҳараку аделегациа, асанкциақәа рызҵаарақәа рзы Америка акоординатор хада - ҳаҭыр зқәу О'Браиени, Евроеидгыла асанкциақәа рзы акоординатор - ҳаҭыр зқәу Салливани, Британиа Ду ахаҭарнак, асанкциақәа рзы акоординатори, дара иаартны, аргама ирҳәеит ҳтәыла аиҳабыра асанкциақәа рынагӡаразы асистема бзиа шаҧырҵаз. Асанкциақәа рывсра ма реилагара, мамзаргьы ҳтәыла ахархәарала асанкциақәа рывсра аҽазкра факткгьы аарҧшым. Ҳара, иаартны аус аауеит, ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьа инаҳагӡоит. Еиҭасҳәар сҭахуп, аӡбара цыҧхьаӡа ҳадаҳкылоит раҧхьа иргыланы ҳтәыла аинтересқәа, ҳажәлар ринтересқәа иазҧхьагәаҭаны, ҳтәыла аекономика азарал амоурц азыҳәан, егьи аганахьала, ҳәарада, ҳара, излауа ала, ҳгәы ҳҽануп, ҳпартниор тәылак изакәызаалак зҵаарак азцәырымҵырц азыҳәан. Убасҵәҟьа иҟалеит. Ишыжәдыруа еиҧш, абри аҩыза ашәарҭарақәа зегьы иаамҭаны иааҳарҧшит, 1000 раҟара афактқәа аарҧшын, асанкциақәа рывсра 1000 раҟара аҽазкрақәа, аха, уи Европантә Урыстәыла ахырхарҭала идәықәҵаз аалыҵ акәын изызкыз, ҳара, зыҧшра ҟамҵакәа, европатәи ҳколлегацәа абри аҽазкра иазкны адырра раҳҭеит. Ҳара европатәи аҳәынҭқаррақәа рҟынтә заанаҵы иҳауз аинформациа иашьашәаланы, 1000 афактқәа ааҳарҧшит, сара афинансқәа рминистрреи ҳаҭыр зқәу Лаша Хуцишвилии, инапаҵаҟа иҟоу аусбарҭақәеи ҭабуп ҳәа расҳәоит иаамҭаны апревенциа амҩаҧгаразы.

Уажәы аконкреттә алҵшәақәа сырзааҭгылар сҭахуп, ҳуааҧсыра иргәаласыршәар сҭахуп 2012 шықәсазы Ақырҭуа гәахәтәы ирҧылаз аекономика зеиҧшраз. Ишәгәалашәозар ҟалап, усҟан, абиуџьет ахарҭәааразы мҩа заҵәык акәын иҟаз, абизнес арекет, аҕарра арбага дуун, 30 наӡына еиҳан, аусурҭадара арбагагьы убасҵәҟьа акәын ишыҟаз. Атәылаҿ изакәызаалак перспективак иҟамызт, ҳәарада, адемократиа хазы ҳалацәажәоит, аха, аекономикала ҳалагар, раҧхьа иргыланы, аекономикатә анализи аиҿырҧшратә анализи ҟасҵар сҭахуп, усҟан изакәызаалак перспективак иҟамызт, абизнес изакәызаалак мотивациак амамызт, апрогнозҟаҵара алшара, аартызаара иҟамыз, абизнес аганахьала иҟаз азҧхьагәаҭарақәа цәгьан, бзиарак иазыҧшымызт; атәылаҿ ишьақәгылан автократиатә, изаамуроу арежим, ари арежим ахаҭарнакцәа ҳтәылауаа ҧсеивгарак рырҭомызт, аибашьра иахысыз ҳтәылауаа дыргәаҟуан. Усҟантәи анапхгара аибашьра изацәымцеит, убри амшала ҳҵакырадгьыл 20 наӡына иахьагьы импыҵахаланы иҟоуп.

2012 шықәсазы атәыла аекономика зынӡа 27 миллиард лари иаҟаран, сынтәа аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа 80 миллиард лари иҟан, 2024 шықәса анҵәамҭанӡа 86 миллиард лари иҟалоит. Аҵыхәтәантәи 11-12 шықәса рыла атәыла амилаҭтә економика хынтә азҳаит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, - 86 миллиард лари еиҳахоит, адоллар ашҟа иаагар, уаҩҧсык изы 8500 адоллар алҵуеит, араагьы, адоллар аҿгьы, аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла ҳекономика ҩынтә иазҳаит. 27 миллиард лари аҟынтә 80 миллиард лари аҟынӡа. Ҳазҧхьагәаҭарақәа инрықәыршәаны, 2027 шықәсазы атәыла аекономика 108 миллиард лари иаҟарахоит, уигьы аминимумуп, ҳара абри аҩыза азҧхьагәаҭарақәа ҳамоуп, уаҩҧсык изы 11 000 адоллар аҟынӡа ишьҭыҵуеит, уи аҵыхәтәантәи аамҭазы акрызҵазкәа прогрессуп. Абарҭ апараметрқәа иазҧхьагәаҭаны, 2024 шықәсазы азеиҧш биуџьет ахарџьтә хәҭа 28 миллиард 760 миллион лари иаҟарахоит, жәакала иаҳҳәозар, иҵегьы азҳарҳауеит,

2012 шықәсазы 8 миллиард еиҳаны иҟан, инақәыршәаны, 8 миллиард 500 миллион аҟара, ҳаҧхьаҟа 28 миллиард 700 миллион иҟалоит, араагьы 11 шықәса рыла атәыла абиуџьет хынтә азҳаит, аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла ҳтәыла азеиҧш биуџьет 20 миллиард рыла азҳаит; иахьа абри аконкреттә алҵшәа салацәажәар сҭахуп, иара уабас, ишәасҳәар сҭахуп аҵыхәтәантәи хышықәса рыла, хышықәса мацара рыла, атәыла аекономика азҳаит 30 миллиард лари ала, 2023 шықәса анҵәамҭаз уаҩҧсык изы аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа арбага шьҭыҵуеит 8100 адоллар аҟынӡа. 2024 шықәсазы ари арбага 8500 адоллар аҟынӡа азҳауеит. Аҵыхәтәантәи ҩышықәса аҵакы ду рыман, избанзар, ҳара ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара ҳаман, сынтәагьы, ҳрегионаҿгьы адунеиаҿгьы имҩаҧысуа ахҭысқәеи иҟоу апроблемақәеи ирхьыҧшымкәа, аҧхьагылара змоу аҳәынҭқаррақәа рекономика анмаҷхо аамҭазы, ҳара, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыла, 10 наӡынак рыла ҳекономика аизырҳара ҳалшеит, сынтәа 7 наӡынатәи аекономикатә азҳара ҳамоуп, аинфлиациа ҳахылаҧшуеит; аинфлиациа хықәкылатәи арбага аасҭа имаҷуп, 1 наӡынак еиҵуп, ари апроблема аҭыҧ иқәҵоуп, ҵыҧх ахәқәеи аинфлиациеи рышьҭыҵра проблемас иҳаман, уажәшьҭа ари аганахьала ашәарҭара иҟам. Згәыдурала иаҳҳәар ҳалшоит сынтәа ҳусура алҵшәа бзиа шахылҵыз, аинфлиациа ахылаҧшра ҳалшеит, иара убас, ишәасҳәар сҭахуп Адунеи абанк аклассификациа ала, Қырҭтәыла абжьаратә аасҭа иаҳа идуу ахашәала змоу атәылақәа иреиуп. Азҧхьагәаҭарақәа инрықәыршәаны, 2028-2030 шықәсқәа рзы, Қырҭтәыла, Ацентртәии Мрагыларатәи Европа атәылақәа рстандартқәа ирзааигәахоит.

Аус зуа ауаа рхыҧхьаӡареи рџьаусҧсеи сазааҭгылар сҭахуп, араагьы аиҿырҧшра аинтерес ду аҵоуп, иаҳҳәап, - 2012 шықәсазы аус зуаз ауаа абжьаратә рџьаусҧса 750 лари иаҟаран. Иахьа аџьаусҧса азҳаит 1850 лари аҟынӡа, аус зуа ауааҧсыра рџьаусҧса аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла азҳаит 2.5-нтә.

Иара убас, зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны, абизнессектор аҿгьы абжьаратәи аџьаусҧса 2012 шықәса инаркны 2.5-нтә азҳаит, 780 лари аҟынтә 2000 лари аҟынӡа.

Аиҳабыра руал арбага 38.2%-нӡа илаҟәит. Ишәгәаласыршәар сҭахуп хышықса раҧхьа аиҳабыра руал 60% ишреиҳаз, ҳара хышықәса рыла, излауаз ала аамҭакьаҿла, аиҳабыра руал акырӡа армаҷра ҳалшеит.

Ҳәарада, абиуџьет адефицит арбагагьы еиҕьхоит; адефицит маҷуп, сынтәа 2.8 % иҟан, ҳаҧхьаҟа 2.5 % иҟалоит.

Иара убас, ҳуааҧсыра ирасҳәар сҭахуп ауааҧсыра рхашәала азҳаразы зҵакы дуу индикаторқәоуп абарҭ арбагақәа, иаҳҳәап, 2012 шықәса ҧхынҷкәын азы, Қырҭтәыла акоммерциатә банкқәа рактивқәа зегьы 14.4 миллиард лари иаҟаран, сынтәа, цәыббразы, Қырҭтәыла акоммерциатә банкқәа рактивқәа 75 миллиард лари иаҟаран. 11 шықәса мацарала ари арбага 14 миллиард аҟынтә 75 миллиард аҟынӡа азҳаит. Иара убас, 2012 шықәса ҧхынҷкәын азы Қырҭтәыла акоммерциатә банкқәа рҿы ишьҭаз абанк иатәымыз адепозитқәа, амилаҭтә валиутаҿы 2,8 миллиард лари иаҟаран, атәым валиутаҿы - 4,9 миллиард лари; сынтәа, жьҭааразы - амилаҭтә валиутала 24.7 миллиард лари, атәым валиутала 25 миллиард лари. Амилаҭтә валиутала адепозитқәа азҳаит 800%-ла, атәым валиутала 400%-ла - ҳтәылауаа рхашәалахәи рдепозитқеи азҳаит. Акыр иаҧсоу аҩызцәа, сколлегацәа, уи иаанагои? Уи иаанагоит атәыла ииашаны аҿиара иаҿуп ҳәа, атәыла аекономика ирласны азҳара иаҿуп, ҳтәылеи ҳуааҧсыреи ибеиахоит.

Иара убас, аиҿарҧшразы ишәасҳәар сҭахуп 2003-2012 шықәсқәа рзы, атәылаҿы, шықәсыкала, 950 миллион адоллар аҟара ишиашо атәым инвестициақәа шыҟаз, 2013-2022 шықәсқәа рзы урҭ рхыҧхьаӡара азҳаит 1.5 миллиард адоллар аҟынӡа, араагьы 11 шықәса рыла 60%-тәи азҳара ҳамоуп.

2012 шықәса иаҿаҳарҧшыр, 2022 шықәсазы ишиашоу атәым инвестициақәа рхыҧхьаӡара ҩынтә азҳаит, 2.1 миллиард адоллар иаҟарахеит.

2012 шықәсазы аусурҭадара аҩаӡара 27% иаҟаран. Ҵыҧх, аусурҭадара аҩаӡара аҭоурыхтә минимум аҟынӡа - 17%-нӡа илаҟәит, иара убас, аҭоурыхтә минимум аҟынӡа, 15%-нӡа илаҟәит аҕарра аҩаӡарагьы. Сынтәа, х-кварталк рырбагақәа рыла, аусурҭадара аҩаӡара амаҷхара атенденциа инагӡоит. Ахҧатәи акварталаз аусурҭарала аиқәыршәара амаксималатә арбагеи аусурҭадара аминималтә аҩаӡареи аарҧшын. Аусурҭадара аҩаӡара амаҷхара иаҿуп аусуратә мчи аусурҭала аиқәыршәареи азҳара инеицтәараны; иаҳҳәап, сынтәа, ахҧатәи акварталаз, аусурҭадара аҩаӡара 15.6% иаҟаран, аусурҭала еиқәыршәоу ауаа рхыҧхьаӡара миллион 366 нызқьҩык аҟынӡа ишьҭыҵит, уигьы арекордтә арбагоуп.

Аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла аҕарра арбага ҩынтә имаҷхеит. 2012 шықәса иаҿаҳарҧшыр, миллионбжаҩык инареиҳаны ауааҧсыра аҕарра иалҵит.

Уи „Ақырҭуа гәахәтәы" анапхгара русура иахылҵыз аконкреттә алҵшәақәа иреиуп.

2012 шықәса иаҿаҳарҧшыр, 2022 шықәсазы абизнессектораҿ 1.5-нтә еиҳаны, - 245 нызқьла еиҳаны аусуратә ҭыҧқәа аҧҵан.

Ахҧатәи акварталаз абизнессектораҿ аусуратә ҭыҧқәа рхыҧхьаӡара иҵегьы ацлеит. 2022 шықәсазы аус зуа абизнессубиектқәа рхыҧхьаӡара 2012 шықәса аасҭа 71%-ла иазҳаит - 119 нызқь аҟынтәи 205 нызқь аҟынӡа.

Ҵыҧх, ашәҟәы иҭагалан 2012 шықәса аасҭа ҩынтә еиҳаны абизнессубиектқәа, урҭ рхыҧхьаӡара азҳаит 40 нызқь аҟынтә 77 нызқь аҟынӡа.

Абизнессектор аикәшара арбагақәа шәыдазгалар сҭахуп, 2012 шықәса инаркны абизнессектор аикәшара ҧшьынтә азҳаит, 42 миллиард лари аҟынтә 181 миллиард лари аҟынӡа.

Уи аҵыхәтәантәи 10-11 шықәса рырбагақәа роуп, аиҿарҧшразы ишәыдазгалоит. Иара убас, 2022 шықәсазы, абизнессектор ааглыхра 2012 шықәса аасҭа хынтә азҳаит - 23 миллиард лари аҟынтә 71 миллиард лари аҟынӡа.

Сынтәа, ажьырныҳәа-цәыббразы, абизнессектор аикәшара 12.6%-ла иазҳаит, абизнессектор аикәшара 143 миллиард лари иаҟарахеит, абизнессектор ааглыхра - 54 миллиард лари.

Аинтерес зҵоу даҽа арбагақәакгьы шәыдазгалар сҭахуп, 2012 шықәсазы ашәахтә амцхәқәа раҳасабала абизнес иазыхынҳәит 140 миллион лари мацара. Сынтәа ашәахтә амцхәқәа раҳасабала абизнес иазыхынҳәхьеит 2 миллиард 200 миллион лари. Уи сынтәатәи арбагақәа роуп. Ҳаҧхьаҟа абизнес иазыхынҳәуеит 2 миллиард 500 миллион лари. Ари аинициативагьы апартиа ашьҭаркҩы - ҳаҭыр зқәу Биӡина Иванишвили итәуп. Иара иинициативалоуп ари ареформа шымҩаҧгаз, уи абзаоурала, абизнес ахашәала ду аиуит, реалра иаҳҳәозар, ҳбизнесменцәа рыҧсы ҭалеит, уажәы сызлацәажәо алҵшәақәа лабҿаба иубарҭоуп.

2022 шықәсазы Қырҭтәыла аекспорт 5.6 миллиард адоллар иаҟаран. 2012 шықәса иаҿаҳарҧшыр, ҳара араагьы 135%-тәи азҳара ҳамоуп. Сынтәа, ажьырныҳәа-абҵаразы, атауар аекспорт ҵыҧхтәи ашықәс аасҭа 11 наӡынала иазҳан, 5.6 миллиард адоллар иаҟарахеит, уи аҭоурыхтә, арекордтә арбагоуп, 2012 шықәсатәи арбага иаҿаҳарҧшыр, ари арбага 2.5-нтә азҳаит.

Аинтерес зҵоу даҽа информациак шәыдазгалар сҭахуп, уи ихыркәшоу аргыларақәеи, инеизакны, иеиҭамҵуа амали рыхә иазкуп. Шәааи, 2012 шықәсазы ари асектораҿ иҟаз аҭагылазаашьа ҳгәалашәап, нас, уи иахьатәи аҭагылазаашьа иаҿаҳарҧшып. 2013 шықәса инаркны 2023 шықәса цәыббра иналаҧхьаӡаны, Қырҭтәыла ахархәаразы ирыдыркылаз аобиектқәа рҵакыра 23.5 миллион акв/метр иаҟароуп. Арҭ аобиектқәа иреиуп зыргылара хыркәшоу анхарҭатә хыбрақәа рзеиҧш аҵакыра - 15.1 миллион акв/метр аҵакыра.

Аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла, шықәсыкала ихыркәшоуп 2.1 миллион акв/метр аҵакыра аргылара, ари арбага 2006-2012 шықәсқәа рзы ахархәара зауз аргыламҭақәа рзеиҧш аҵакыра абжьаратә ҭаӡара аасҭа 2.5-нтә еиҳауп, усҟан - 0.8 миллион акв/метр акәын иҟаз.

Аҷарагьы салацәажәар сҭахуп. 2013-2022 шықәсқәа рзы Аҷара, шықәсыкала 307 нызқь акв/метр ахыбрақәа рыргылара хыркәшан, ари арбага 2006-2012 шықәсқәа рзы иҟаз арбага аасҭа 3.5-нтә еиҳауп. Усҟан 90 нызқь акв/метр иҟан, иахьа 300 000 иҟоуп. Абри аконкреттә алҵшәагьы шәыдазгалоит.

Иара убас, 2013-2022 шықәсқәа рзы ахархәарахь иҳадаҳкылеит 1,4 миллион акв/метр аҵакыра змаз анхарҭатә хыбрақәа, ари арбага 2012 шықәсазы иҟаз арбага аасҭа 4.5-нтә еиҳауп, усҟан 0.3 миллион акв./метр акәын иҟаз.

Анхарҭатә иеиҭамҵуа амал ахә 2012 шықәса аасҭа ҩынтә азҳаит. Ақыҭанхамҩатә дгьыл абжьаратә ахәқәа 3.5-нтә азҳаит. Ҳәарада, уи ҳфермецәеи ҳтәылауааи рзы амотивациа дууп.

Аҩызцәа, 2012 шықәсазы, Қырҭтәыла зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә режим аман Ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа реидгылеи Ҭырқәтәылеи мацара рҟны. Иахьа Евроеидгыла атәылақәа рҟны зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә режим ҳамоуп. Аџьармыкьақәа рҭаӡара азҳаит 6.5-нтә. Ишыжәдыруа еиҧш, ари аамҭа иалагӡаны, Европаҟны зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра ҳадаҳкылеит, ҳбизнесменцәа алшара дуқәа рызцәырҵит. Иара убас, Китаии Британиа Дуи рҟны аиқәшаҳаҭрақәа ҳадаҳкылеит. Абри зегьы абзоурала, аекспорт 87% зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә режим ахьҳамоу аҳәынҭқаррақәа рахь ицоит; ҳара 2.3 миллиардҩык ахархәаҩцәа змоу адунеитә џьармыкьа ҳхы иаҳархәоит.

Иара убас, сынтәа, Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҟынгьы Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара иазку аиқәшаҳаҭра ҳадаҳкылеит. Уи абзоуралагьы, ҳтәыла, иҵегьы 10 миллионҩык ахархәаҩцәа змоу аџьармыкьа азацлеит. Убри адагьы, Израиль аҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагоит. Қырҭтәыла, арегионаҿ атәыла заҵәуп аамҭакала Европаҿгьы Китаиаҿгьы зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә режим змоу. Ҳәарада, уи абзоурала, ҳбизнес ауникалтә алшара аиуит, ҳбизнесменцәа раалыҵ аҳәаанырцәҟа агара рылшоит, ҳара, излаҳлшо ала, ҳџьармыкьақәа адиверсификациа рзаауеит, ҳбизнес ҳацхраауеит.

Иара убас, сынтәа иҳауз даҽа қәҿиарак сазааҭгылар сҭахуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаҧгаз OECD аҭҵаарақәеи ицәыргаз аҳасабырбеи Қырҭтәыла апрогресс аадырҧшуеит. Зыӡбахәы ҳәоу аҳасабырба „Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи аполитика аиндекс" иазкуп. Қырҭтәыла, араагьы, Мраҭашәаратә партниорра атәылақәа рыбжьара аҧхьагылара амоуп. Аҳасабырбаҿы иакымкәа ахырхарҭақәа ахәшьара рыҭоуп, урҭ иреиуп аҭак зыҧхықәу аиҳабыра, анаплакратә ауаҩытәыҩсатә капитал, афинансқәа раиура аманшәалара, аџьармыкьа ахархәара амариара, аиновациақәа уҳәа, убас егьырҭгьы. Ҳтәыла 12 ахырхарҭақәа рҟынтә 11 рҿы аҧхьагылара амоуп.

Ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара абзоурала, атәыла, апандемиа амшала иаиуз азарал ахарҭәаареи иаҳа ирласны аекономика арҿиареи алшеит. Уи ҳуааҧсыра рхашәала азнарҳаит, аахәара алшара иазҧхьагәаҭаны, ҳара есышықәса иаҳа-иаҳа Евроеидгыла аҩаӡара ҳазааигәахоит. Ари арбагагьы аинтерес ду аҵоуп.

Ҳаҧхьаҟа, ҳхашәалахәқәа Евроеидгыла абжьаратә арбага аҟынтәи 41% иаҟарахоит, ҳара иҳамоу азҧхьагәаҭарақәа рыла, 2027 шықәса анҵәамҭанӡа, 45 наӡынанӡа азҳауеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Евроеидгыла иалалаз атәылақәа рырбагақәа ҳрыхәаҧшыр, Евроеидгыла атәылақәак рҿы, урҭ рыбжьара - Болгариеи, Польшеи, Венгриеи, Румынтәылеи Евроеидгыла ианалалоз, абри аҩызаҵәҟьа арбагақәа рыман.

Евроеидгыла иалоугьы, акандидат астатус змоугьы атәылақәа рмакроекономикатә параметрқәа ҳрыхәаҧшыр, ибзиаӡаны иаабоит Қырҭтәыла дара рыбжьаратә арбагақәа раасҭа иаҳа еиҕьу алҵшәа шамоу, аха, уи еиҳангьы, иахьагьы ахырхарҭақәа рацәа рҿы аҧхьагылара амоуп.

Қырҭтәыла, аекономикатә аҿиара аццакра ала, Евроеидгыла атәылақәеи акандидат астатус змоу атәылақәеи рыбжьара актәи аҭыҧ ааннакылоит;

Аинфлиациа арбага маҷ ала, Қырҭтәыла, Евроеидгыла атәылақәеи акандидат астатус змоу атәылақәеи рыбжьара ахҧатәи аҭыҧ ааннакылоит;

Аиҳабыра руал армаҷра инақәыршәаны, Қырҭтәыла, Евроеидгыла атәылақәеи акандидат астатус змоу атәылақәеи рыбжьара ажәабатәи аҭыҧ ааннакылоит, 26 ҳәынҭқаррақәа раҧхьа игылоуп;

Абиуџьет адефицит амаҷра инақәыршәаны, ҳтәыла, Евроеидгыла атәылақәеи акандидат астатус змоу атәылақәеи рыбжьара 19-тәи аҭыҧ ааннакылоит, 17 ҳәынҭқаррақәа раҧхьа игылоуп.

Аҩызцәа, ишыжәдыруа еиҧш, аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла иакымкәа апрограммақәа рынагӡара ҳалагеит, урҭ иахьагьы инагӡоит. Сара исгәаласыршәар сҭахуп 2014 шықәсазы еиҿкааз апрограмма „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿы". Иахьанӡа ари агентра абизнес маҷи абжьаратә бизнеси иазоунажьҭит 900 миллион лари еиҳаны. Ари апрограмма аусура ианалага амш инаркны, еиуеиҧшым апрограммақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, 12,000 раҟара апроектқәа аҧара рзоужьҭын, 70,000 еиҳаны аусуратә ҭыҧқәа аҧҵан, ҳуааҧсыра 400 миллион лари еиҳаны ирзоужьҭын.

Иара убас, амикронаплакреи, абжьаратә наплакреи, агранттә программагьы сазааҭгылар сҭахуп. Зынӡа 12 000-ҩык инареиҳаны аҧара рзоужьҭуп, 9 000 еиҳаны абизнеспроектқәа аҧара рзоуҳажьҭит. Абенефицарцәа рҟынтә 43% аҳәса наплакҩцәа роуп. Сынтәа апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, 1,140 проектқәа аҧара рзоужьҭын, урҭ рыбжагьы аҳәса наплакҩцәа роуп. Зынӡа ирыҭоуп 116 миллион лари агрантқәа.

Иара убас, ҳара асектор ҿыцқәа аус рыдулара ҳалагеит, идуӡӡоу аилахәырақәа рыдаҧхьаларала, атәылаҿы еиҿкаауп 2 хырхарҭа ҿыцк - IT ахырхарҭеи абизнеспроектқәа раутсорсинги - BPO. Иахьа Қырҭтәылаҿ абарҭ ахырхарҭақәа жәанызқьла ауааҧсыра аусурҭала еиқәдыршәоит.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атәылаҿы аусура иалагеит адунеи еицырдыруа акорпорациақәа: Girteka, Concentrix-ი, Indorama, Teleperformanc уҳәа, убас егьырҭгьы. Аҩызцәа, ақыҭанхамҩагьы ҳаиҳабыра рзы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа иреиуп. Ҳара анапхгара анаҳга раҧхьатәи амш инаркны иҳалшо ала ақыҭанхамҩа ҳацхраауеит.

2011 шықәсазы Ақыҭанхамҩеи аҧсабара ахьчареи рзы аминистррақәа рбиуџьет, зынӡа, 100 миллион лари иаҟаран.

Сынтәа 600 миллион еиҳаны абиуџьет рыман, 2024 шықәсазы 688 миллион лари роуеит. Ақыҭанхамҩеи аҧсабара ахьчареи рзы аминистрра абиуџьет 7-нтә азҳаит.

Аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла атәылаҿ ақыҭанхамҩатә аалыҵ ааглыхра 112%-ла иазҳан, 15 миллиард лари иреиҳауп. Аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыла 100%-ла - 4 миллиард лари аҟынӡа азҳаит ари аусхкы аҿы еиқәыршәоу иацҵоу ахәҧса.

Ҳара ҳазлагаз апрограмма „Еиқәыршәа аҧеиҧш" аҳәаақәа ирҭагӡаны, 22 нызқь агектар аҵакырадгьылаҿ абаҳчақәа рааӡареи аӡақәҭәаратә системақәа реиҿкаареи аҧара азоужьҭуп. Аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла 22 нызқь гектар абаҳча ҿыцқәа ааӡоуп.

2013 шықәса инаркны иахьанӡа 46 000 абенефициарцәа ирыҭоуп 5,9 миллиард лари еиҳаны азинҷыдатә агрокредит; сынтәа 10 мза рыла иҟоу адыррақәа инрықәыршәаны, апрограмма рхы иадырхәит 7 700 абенефициарцәа. Ирыҭоу 890 миллион лари еиҳаны аҧсахтә аҟынтәи аҳәынҭқарра аицфинансыркра 200 миллион лари еиҳауп. Сара сынтәатәи арбагақәа мацара шәыдазгалеит.

Иара убас, ҳара, иҳалшо ала, ҳфермерцәа ҳрыцхраауеит, дара аалыҵ ашьҭаҵарҭатәи аус адуларатәи наплакра арҿиара рылшарц азыҳәан. Зынӡа 240 наплакқәеи ашьҭаҵарҭатә инфраструктуреи аҧҵара аҧара азоушьҭуп. Дара инагӡаны аусура ианалагалак, есышықәса 250 миллион лари рыхә аалыҵ ҭрыжьуеит; ашьҭаҵарҭатә наплакқәа рҿы 140 000 тонна аалыҵ ашьҭаҵара ҟалоит.

Ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу атехника ахырхарҭала имҩаҧгоу аусура сазааҭгылар сҭахуп, аиҳабыра ари аус жәамиллионла аҧара азоурыжьҭит. Аҵыхәтәантәи 4 шықәса мацара рыла, 75 миллион лари рыҭоуп, аҵыхәтәантәи 3-4 шықәса рыла ҳаиҳабыра ҳфермерцәа 5 000 цыра еиҳаны атехника аахәараҿы ирыцхрааит.

11 мза рыла иҟоу арбагақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәылантә аекспортахь идәықәҵоуп 1.3 миллиар адоллар рыхә ақыҭанхамҩатә аалыҵ, ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 16%-ла еиҳауп;

2012 шықәса 11 мза рыла иҟаз адыррақәа рыла, Қырҭтәылантә аекспортахь идәықәҵан 465 миллион адоллар рыхә аалыҵ, сынтәа аекспортахь идәықәаҳҵахьеит 838 миллион адоллар рыхә аалыҵ, араагьы 180%-тәи азҳара ҳамоуп;

иара убас, сара „Ақырҭуа гәахәтәы" рнапхгара иадҳәалоу аконкреттә дыррақәак сырзааҭгылар сҭахуп, аҩы аиндустриеи аӡахәааӡара аҿиареи ҳара ҳзы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа иреиуп.

2012 шықәса иаҿаҳарҧшыр, аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла аҩы аекспорт азҳаит 187 миллион адоллар ала - 290%-ла. 140 миллион адоллар рыхә аспирт злоу арыжәтә аекспортахь идәықәҵан, араагьы 75 наӡынатәи азҳара ҳамоуп. Ҳәарада, ари атенденциа сынтәагьы инагӡоит, сынтәа, 11 мза рыла, аҩы аекспорт 241 миллион адоллар аҟынӡа ишьҭыҵхьеит;

Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра адкылара абзоурала, Евроеидгылашҟа аҩы аекпорт азҳаит 130%-ла, иара убас, араса ааглыхрагьы аҿиара иаҿуп. Сынтәа, аиҳабыра, афермерцәа 21 миллион лари рзоурыжьҭит, ҳәарада, ҳара 2024 шықәсазгьы ари ахырхарҭала аусура наҳагӡоит. Аекспорт аҟынтә 70 наӡына Евроеидгылашҟа ицоит, ҳфермерцәа араса ааглыхра иҵегьы аздырҳарц азыҳәан иҳалшо ала ҳрыцхраароуп;

даҽа информациак шәысҭар сҭахуп, 2012 шықәсазы, зынӡа, 40 аҩы ааглыхырҭақәеи аҩцарақәеи иҟан, 2012 шықәсазы атәылаҿ 40 аҩы ааглыхырҭаәеи аҩцарақәеи иҟан, иахьа урҭ рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 2500 аҟынӡа, 11 шықәса рыла абри аҩыза апрогресс ҳамоуп;

ҳәарада, ҳара ари аусхкы арҿиара наҳагӡоит, излауа ала ирацәаны адгьылҭыҧқәа аӡыла еиқәыршәазароуп, арҧссаратә системақәа еиҿказаароуп, ари ахырхарҭагьы ҳаиҳабыра рзы аҵакы ҷыда амоуп.

2012 шықәсазы аӡыла еиқәыршәан 45 000 гектар адгьыл. Аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла ари аҵакыра азҳаит 163 000 гектар аҟынӡа. Уажәазы 48 амелиорациатә обиектқәа реиҭашьақәыргылара ҳаҿуп, уи иазоушьҭуп 98 миллион лари.

Атуризми авиациеи сырзааҭгылар сҭахуп, сынтәа Берлин ацәыргақәҵа бзиа еиҿкаан, ишыжәдыруа еиҧш, Қырҭтәыла ари ацәыргақәҵа иалахәын аҧшәмара змоу атәыла аҳасабала. 160 иреиҳаны аҳәынҭқаррақәа рҟынтә 200 нызқьҩык раҟара асасцәа атуризм ахырхарҭала Қырҭтәыла иҟоу ақәҿиарақәа еилыркааратәы алшара рыман. Қырҭтәыла абри ацәыргақәҵа қәҿиарала имҩаҧнагеит;

иара убас, ишәасҳәар сҭахуп - атуризм ахырхарҭала имҩаҧааго аполитика абзоурала, 2012 шықәса иаҿаҳарҧшыр, (1.4 миллиард адоллар) иҳаҩсыз ашықәс азы ҳтәыла атуризм аҟынтә 2.5-нтә еиҳаны ахашәала аиуит. Ҵыҧх ҳара атуризм аҟынтә иҳауит 3.5 миллиард адоллар ишиашо ахашәала. Сынтәа, х-кварталк рзы, 3.3 миллиард адоллар ҳаухьеит, ҳәарада, уи аҵакы ду амоуп;

иара убас, аиҿырҧшразы ишәасҳәар сҭахуп 2012 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа зынӡа 1,4 миллионҩык апассаџьырцәа шрыдыркылаз. Сынтәа, уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, 6.6 миллионҩык апассаџьырцәа ҳадаҳкылеит, 4.4 миллиард адоллар ахашәала ҳауит, аҵыхәәтантәи 11 шықәса рыла атуризм аҿгьы абри аҩыза азҳара ду ҳамоуп.

Аҩызцәа, иара убас, аиҿырҧшразы иазгәасҭар сҭахуп 2012 шықәсазы Қырҭтәыла авиациатә џьармыкьаҿы 28 еилахәырақәа аус шыруаз, сынтәа атәылаҿы аус руеит 50 авиаеилахәырақәа, дара 67 ахырхарҭақәа рыла ареисқәа мҩаҧыргоит;

2023 шықәсазы Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәаза зеиҧшҟамлац ала ирацәаны апассаџьырцәа рымаҵ ауит. Сынтәа 1.7 миллионҩык апассаџьырцәа рыдкылара ҳақәгәыҕуеит, ишыжәдыруа еиҧш, цәыббразы, аҳаирбаҕәаза миллионтәи апассаџьыр даҭааит;

Баҭымгьы арекордтә арбага иҟан, сынтәа Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза иаҭааит 650 000-ҩык апассаџьырцәа.

Ари атенденциа инагӡоит, иаҳа иҕәҕәахоит. Авизадатә режимгьы ари ахырхарҭа иацхраауеит, мызқәак раҧхьа ҳара Китаи аҟны авизадатә режим шьақәҳаргылеит, жәаҳәарада, адунеи идуӡӡоу атуристтә џьармыкьа аус ацура аҵакы ду амоуп.

Иара убас, аусура ду мҩаҧганы, ҳара идуӡӡоу китаитәи авиаеилахәырақәа иреиу авиаеилахәырак аҟны аиқәшаҳаҭра ҳадаҳкылан, еиҧҟьарадатәи ареисқәа рымҩаҧгара ҳалагеит, цәыббра инаркны урҭ рхыҧхьаӡара ацлеит, Индиаҟагьы ишиашо ареисқәа иҧыруеит. Ҳарада, аҳаирбаҕәазақәа иаҳа иҳарҭбаароуп, ишыжәдыруа еиҧш, аҳаирбаҕәазақәа рырҿиара иазкны ааҳацҳаит, ари аус жәамиллионла аҧара алаҳҵоит, ҳара атәылаҿы жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу, жәларбжьаратәи акласс иаҵанакәа, атранзит-логистикатә центрс иҟалар зылшо, зыҩаӡара ҳараку аидаратәи апассаџьыртәи терминалқәа рыла еиқәыршәоу аҳаирбаҕәаза аҧҵароуп хықәкыс иҳамоу.

Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәазаҿ иҳаргылоит 3.5 км. аура зауа аҧырратә цәаҳәа, уи адурала еиуеиҧшым аҳаирпланқәеи иаҳа ирацәаны апассаџьырцәеи аднакылоит, аидаратә ҳаирпланқәа уадаҩрада рымаҵ ауеит.

Ҭелави апассаџьыртә терминал ҿыц активла аргылара ҳалагахьеит, уаҟа 50 000-ҩык раҟара апассаџьырцәа рыдкылара рылшоит, ӡынгьы-ҧхынгьы, Қәҭешьи, Баҭыми, Местиеи, Амбролаурии ахырхарҭала аҩныҵҟатәи ареисқәа мҩаҧгахоит.

Ҳтәыла акәакь цыҧхьаӡа аҿиара атуризм аҿиара иахьыҧшуп. Абри ахырхарҭала аусура ду шымҩаҧааго убарҭоуп абарҭ аҿырҧштәқәа рылагьы:

2012 шықәсанӡа Баҭым акапиталтә проектқәа рзы иныхын 485 миллион лари (8 шықәса рыла, 2012 шықәсанӡа). Ҳара ҳхаан иныхуп 14 миллиард лари еиҳаны: 2 миллиард лари аҟара абиуџьеттә аҧароуп, 12 миллиард еиҳаны хазхаҭалатәи аинвестициақәа роуп, 11 шықәса рыла арҭ апроектқәа ирылаҳҵеит 14 миллиард лари еиҳаны.

Ҳәарада, ҳара акурортқәа рырҿиара ҳаҿуп, Абастумани ауникалатә курорт арҽеиратә усурақәа активла имҩаҧысуеит, уаҟа 20 раҟара аҭоурыхтә хыбрақәеи, астрофизикатә обсерваториеи, ашахамҩеи, аинфраструктуреи реиҭашьақәыргылара хыркәшоуп. 2025 шықәсазы Абастумани ауникалтә курорт ааҳартуеит, уаҟа активла асасааирҭақәа рыргылара ҳаҿуп, 16 асасааирҭақәа ҳаргылоит, урҭ рызынтәгьы 2025 шықәсазы асасцәа рыдыркылара иазыхиазароуп. Аҩызацәа, 10 шықәса рыла 1436 асасааирҭа ҿыцқәа ҳаргылеит, урҭ рхыҧхьаӡара 2013 шықәсазы иҟаз асасааирҭақәа рхыҧхьаӡара аасҭа ҩынтә еиҳауп. Атәыла зехьынџьара 85 000 раҟара аиарҭаҭыҧқәа еиқәыршәоуп, ари асектор зынӡа иалаҵоуп 2 миллиардк лари еиҵамкәа аинвестициа.

Иара убас, ишәасҳәар сҭахуп ҳара, ҳәарада, ҳтәыла аӡыргара аизырҳара азҵаара хшыҩзышьҭра дула ҳшазныҟәо. Ҳтәылаҿ имҩаҧгаз амегашоуқәа 2024 шықәсазгьы инагӡахоит, абарҭ аконцертқәа рбарцаз ҳтәыла иаҭаауа атуристцәеи аҭааҩцәеи мацара ракәымкәа, ҳтәылауаагьы асиурпризқәа рацәа рзыҟаҳҵоит. Уи ҳтәыла аӡыргара иацхраауеит, атуристцәеи аҭааҩцәеи рыдаҧхьалара иацхраауеит.

Уажәы аиновациатә технологиақәа рҿиара сазааҭгылар сҭахуп. Араагьы алҵшәа бзиақәа шҳамоу шәасҳәар сҭахуп. 2012 шықәсазы акомпиутертәи аинформациатәи маҵзура аекспорт 3.8 миллион адоллар иаҟаран. Сынтәа аинформациатә маҵзура аекспорт арбага 500 миллион адоллар еиҳахеит. Абри аекспорт 130-нтә азҳаит, уи аҵакы ду амоуп. Ишыжәдыруа еиҧш, абра, IT еилахәырақәа рҿы аус зуа ҳтәылауаа 8 000 лари аулафахәы рымоуп. Ҳаиҳабыра аиновациатә стартапқәа рацәа аҧара рзоурыжьҭит, аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла 250 раҟара аиновациатә стартапқәа аҧара рзоужьҭын. Агранттә программақәа рзеиҧш ҭаӡара азҳара иаҿуп. Иара убас, згәыдурала иазгәасҭар сҭахуп абарҭ стартапқәа 320 миллион лари хазхаҭалатәи аинвестициа адаҧхьалара шрылшаз, дара 3,000 раҟара аусуратә ҭыҧқәа аҧырҵеит.

Аиҳабыра зҵакы дуу ашьаҿақәа ҟарҵеит жәларбжьаратәи IT еилахәырақәа рыдаҧхьаларазы. Жәларбжьаратәи аилахәыра астатус абзоурала, аилахәырақәа акрызҵазкәа азинҷыдақәа рымоуп (5% ахашәалахәтә ашәахтәи 5% ахашәала азы ашәахтәи).

Убри абзоурала, иахьазы Қырҭтәыла аус руеит 100 инареиҳаны жәларбжьаратәи IT еилахәырақәа; урҭ иреиуп еицырдыруа аилахәыра дуӡӡақәа, иаҳҳәап, Rakuten, Viber, Epam, Lineate, уҳәа, убас егьырҭгьы.

Ҳәарада, қәҿиарала имҩаҧысуеит ҳтәыла аинтернетизациа апроцессгьы. 2012 шықәсазы ацәаҳәаҭбаатә интернет рыман 400 000 раҟара абонентцәа. Ҵыҧх, урҭ рхыҧхьаӡара 160%-ла еиҳахеит, миллион еиҳаны абонентцәа иҟан. Иара убас, аинтернетизациа аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҵыхәтәантәи хышықәса рыла, 53 миллион лари рыхә апроектқәа мҩаҧган. Ҳәарада, ари апроцесс инагӡоит, 800 км. аоптикатә магистраль ҳаргылахьеит. Зынӡа ари аус иалаҳҵоит 56 миллион лари, атәыла зегьы - 1000 раҟара ақыҭақәагьы ашьхаҳаракыратә аиланхарҭақәагьы аоптикатә аҳала еиқәыршәазаауеит.

Иара убас, зегьы иргәаласыршәар сҭахуп сынтәа Қырҭтәыла, - арегионаҿ атәылауаа зегьы зыласра дуу „Старлинк" аинтернет ахархәара ахьрылшо атәыла заҵәыс ишыҟалаз.

Аенергетикагьы сазааҭгылар сҭахуп, аҩызцәа, ари аусхкы аҿиара ҳаиҳабыра рзы аҧыжәара змоу ахадаратә хырхарҭақәа иреиуп. 2012 шықәсанӡа Қырҭтәыла аенергосистема амчхара 3325 мегаватт иаҟаран. Астанциақәа реиҳара Асовет Еидгыла аан иргылан.

2012 шықәсанӡа иргылан 7 фымцатә станциак, урҭ зынӡа 140 мегаватт амчхара рыман, ҳнапхгара рхаан иргылан 66 афымцатә станциақәа, урҭ зынӡа 1200 мегаватт амчхара рымоуп, ари аус иалаҳҵеит 2 миллиард адоллар аинвестициа.

Уи аенергетика аусхкы аҿы иҟоу аконкреттә алҵшәоуп, уи абзоурала, афымца агенерациеи, аекспорти, атранзити аганахьала арекордтә арбагақәа ҳамоуп.

Сынтәа, 11 мза рыла, агенерациа арбага 13 миллиард квт/сааҭ иаҟароуп. Ихьыҧшым Қырҭтәыла аҭоурыхаҿ уи аҭоурыхтә максимум ауп.

Арекордтә арбагақәа ҳамоуп аекпорти ҳтәыла ахархәарала атранзити ахырхарҭалагьы. Атәыла жәамиллионла лари ахашәала аиуит, ари аҧара абиуџьет иалаҵоуп, ари аусхкы аҿгьы 2012 шықәса аасҭа 4.5-нтәтәи азҳара ҳамоуп.

Уажәы зымчхара дуу 4 аӡфымцатә станциак рырҿиаразы аус аауеит, урҭ иреиуп „ҲудонГес" апроектгьы, аха, ари апроект ҳаҧсахит, уажәшьҭа ауахәамеи ақыҭеи аӡы рхыҵәом, ари апроект аҧсабаразгьы арегионазгьы аминималтә анырра амазаауеит. „ИгрыГес" апроект анеҩс, ари апроектгьы иҿырҧшыгахоит ҳәа сгәы иаанагоит. Уи ҳтәыла аенергетикатә усхкы азы зегьы реиҳа зҵакы дуу проектхоит.

Ишыжәдыруа еиҧш, 2012 шықәсазы, анапхгарахьы ҳанааи, „ҲудонГес" апроект џьоукы ирзырҭихьан, ҳара ари апроект аахәаны, аҳәынҭқарра азыхынҳәра ҳалшеит, уажәшьҭа, аҳәынҭқарра, иара ахала амилаҭтә аҵакы ду змоу аӡфымцатә станциа аргылара иалагоит.

Иара убас, „Нескра" арҿиара ахырхарҭала аусура наҳагӡоит. Апланла иазҧхьагәаҭоуп 350-430 мегаватт амчхареи еилоу ацикли зауа аҧхарратә афымцатә станциа аргылара, уи Қырҭтәыла зегьы реиҳа зымчхара духо афымцатә станциахоит.

Уажәы, активла аусура ҳаҿуп зырҿыцра ҟало афымца ахархәаразы. Иахьазы 245 аиқәшаҳаҭрақәа ҳадаҳкылахьеит; апотенциалтә афымцатә станциақәа, зынӡа 3000 мегаватт еиҳаны амчхара роуеит, дара, инақәыршәаны, 13 миллиард квт/сааҭ афымца ааглыхра рылшоит. Ҳәарада, ари апроектгьы миллиардқәак адоллар аинвестициа алаҳҵоит.

Ишыжәдыруа еиҧш, Авалиутатә фонди ҳпартниорцәеи рҟны активла аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуан, иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рышьаҭала асхема ҿыц еиқәҳаршәеит, CFD асхема, 300 мегаватт амчхаразы раҧхьатәи аукцион мҩаҧган; иреиҕьу 27 еилахәырақәа аарҧшуп, зынӡа 1,100 миллиард квт./сааҭ афымца ҳауеит, абарҭ 300 мегаватт ирылаҳҵоит 400 миллион адоллар аинвестициа.

Активтә афаза иҭагылоуп Амшын еиқәа аӡаҵантәи акабель апроект, уи ақырҭуа инициативоуп. 2021 шықәсазы сара ари апроект Бриуссельҟа иназгеит, анеҩс, ҳҩызцәагьы, Азербаиџьани, Румынтәылеи, Венгриеи активла ари апроект рхы аладырхәит. Евроеидгыла ари апроект иадгылоит. Хара имгакәа аҵыхәтәантәи аихшьаала ҳауеит, убри ашьҭахь, анеҩстәи аетапашҟа ҳаиасуеит.

Ҳәарада, активла аус аауеит Анаклиатәи абаҕәаза арҿиара ахыхарҭалагьы, аҩбатәи аетапахь ҳаиасхьеит, алхратә процесс активла имҩаҧысуеит, 2 еилахәырак алҳхьеит, рыҩбагьы идуӡӡоу еилахәырақәоуп, анеҩстәи мызқәак ирылагӡаны алхратә процесс хыркәшахоит, убри анеҩс, аргыларатә усурақәа иалагоит. Ишыҳаӡбаз ала, 2024 шықәсазы Анаклиатәи абаҕәаза аргылара ҳалагоит, араагьы 51 наӡына аҳәынҭқарра иатәызаауеит, егьи ахәҭа - аинвестор иҧхықәроуп, аинвестор иашьашәалоу аинвестициа алаиҵароуп. Ари апроект Амшын еиқәа акваториаҿы иҿырҧшыгоу проектхоит.

Аихамҩа иадҳәаланы аинтерес зҵоу аинформациа шәысҭар сҭахуп. Аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла, Қырҭтәылатәи аихамҩа ахашәала цқьа азҳаит 300%-ла. 2012 шықәсазы аихамҩа 97 миллион лари ахашәала аман, ҵыҧх 400 миллион лари ахашәала аиуит, уи аихамҩа аусура иахылҵыз аконкреттә алҵшәоуп. Аихамҩа азеиҧш ахашәалагьы азҳаит, ҵыҧх 675 миллион иҟан. Иара убас, ишәасҳәар сҭахуп аидарамҩангара аҟынтә ахашәалагьы 38%-ла ишазҳаз, уи 617 миллион лари иаҟарахеит.

Ҳәарада, аихамҩа амодернизациа апроект инагӡоит, уи ахыркәшаратә фазанӡа инеихьеит. 2024 шықәсазы аихамҩа амодернизациа апроект хыркәшахоит, убри ашьҭахь аидарамҩангара алшара азҳауеит 28 миллион тонна аҟынтә 48 миллион тоннанӡа.

Иара убас, сынтәа ҳара ҳалагеит атәыла аҩныҵҟа автомобилтә апассаџьыртә амҩангара аиҭакра, ари ареформагьы 2024-2025 шықәсқәа рзы ихыркәшахоит. Ҳәарада, уи абзоурала, апассаџьырцәа рымҩангара ахаҭабзиара иаҳа еиҕьхоит. Ари ареформа ахықәкқәа иреиуп аконкуренциа ахьыҟало алагылазаара аҧҵареи ашәарҭадара аҩаӡара ашьҭыхреи. Ишыжәдыруа еиҧш, ари апакет апарламент адаагалахьеит.

Арегионқәа рҿы ҳаамзаҭтәи, евро 5 астандарт иаҵанакәа автобусқәа раахәара ҳалагахьеит, сынтәа 150 автобусқәеи, аҟьамсармҩангагақәеи ааҳхәахьеит. Ҳуааҧсыра акомфорттә транспортла аиҭаҵра рылшарц азыҳәан автобусқәеи амаршруттә таксиқәеи зегьы ҳаҧсахыр ҳҭахуп.

Уажәы, амҩақәа ирызку аинформациа шәысҭоит, 2012 шықәсанӡа иргылан 68 километр автомагистраль лас, 2013 шықәса инаркны иахьанӡа иргылоуп 3-нтә еиҳаны, 203 километр амагистральтә мҩа ҳаргылеит. Сынтәа мацара амагистральтә мҩа 37 километр ацыҧҵәаха ааҳартит. Ишыжәдыруа еиҧш, уи ахадаратә ҵыкы змоу апроектқәа иреиуп, ашәышықәса апроект ҳәа азаҳҳәар ҳалшоит. Иара убас, сынтәа Рикоҭтәи амагистральтә мҩа 27 километр ацыҧҵәаха ааҳартит, уи абзоурала, абжьазареи аиҭаҵразы иаҭаху аамҭеи акырӡа имаҷхеит. Иара убас, ааҳартит Григолеҭии Қобулеҭии еимыздо 6 километр амҩатә цыҧҵәаха. Сынтәа ааҳартит Кахеҭтәи амагистраль раҧхьатәи 4 километртәи амҩатә цыҧҵәаха, ари ахырхарҭала активла аусурақәа мҩаҧысуеит; Каҭеҭтәи амагистраль аргылара апроцесс анеҩстәи афазашҟа ииасуеит, иаанханы иҟоу егьи 30 километртәи ацыҧҵәаха аргыларатә усурақәа активла имҩаҧысуеит. Иара убас, сынтәа Сагареџьои Бадиаурии еимыздо амҩатә цыҧҵәаха аргылара ҳалагеит, арҭ аусурақәагьы 2025 шықәсазы ихыркәшахоит. Қвешеҭии Кобии еимыздо амҩеи ахыҵхырҭақәеи рыргылара аҭоурыхтә проект активла инагӡоит; 9 километр ауреи 15 метр аҭбаареи зауа ахыҵхырҭа аргылара иаҿуп ҷыдала ари апроект азыҳәан иҟаҵоу атехникала. 8 километрк ахыҵхырҭа иҭаҧҟоуп. Аҵыҧҵәаха ҿыц абзоурала, Қвешеҭинтә Кобинӡа ицо амҩа 11 километр рыла икьаҿхоит, аиҭаҵразы 1 сааҭк ацынхәрас 15 минуҭ аҭаххоит.

Ҳәарада, амҩатә шәарҭадара аиҕьтәразгьы аусура ҳалагеит. Сынтәа 1 000 километр амҩа еиҭашьақәыргылан, ма аамҭа-аамҭала ирҽеин, 500 километр ацыҧҵәахаҿы аусурақәа хыркәшоуп.

Инеизакны иуҳәозар, аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла, амҩақәа рыргылареи реиҭашьақәыргылареи азы иныхын 13.6 миллиард лари еиҳаны; иргылан, мамзаргьы еиҭашьақәыргылан 16 000 километр еиҳаны амҩа. Сынтәа мацара амҩақәа рыргыларатәи реиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирзоушьҭын 2 миллиард лари еиҳаны. Уи аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла имҩаҧгаз аусура иазыхҵыз аконкреттә алҵшәоуп.

Арегионқәа ирыдҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла 10 800 километр амуниципалтә мҩа шҳаргылаз, абарҭ амҩақәа рыргылареи реиҭашьақәыргылареи азыҳәан иныхын 3.3 миллиард лари.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп 2012 шықәсазы Автомобилтә мҩақәа рдепартамент 376 миллион лари абиуџьет шамаз, сынтәа 1.914 миллиард лари абиуџьет амоуп, Автомобилтә мҩақәа рдепартамент абиуџьет 5-нтә азҳаит.

Иара убас, аӡылеиқәыршәара азҵаара иаарҟьаҿны сазааҭгылар сҭахуп, уигьы аҵакы ду амоуп. 2012 шықәса иаҿаҳарҧшыр, аӡылеиқәыршәара абиуџьет 15-нтә азҳаит, сымҩашьозар, 30 миллион лари иҟан, уажәы 500 миллион лари иҟоуп. Уажәазы 170 локациақәа рҿы 3 миллиард лари еиҳаны иаҧсоу апроектқәа мҩаҧысуеит, урҭ рҟынтә 60 проектқәа сынтәа ихыркәшахоит. Уи абзоурала, 2025 шықәса анҵәамҭанӡа, ақалақьқәа зегьы уахгьы-ҽынгьы аӡыла еиқәыршәазаауеит.

Иара убас, агазла аиқәыршәара аганахьалагьы апроблемақәа иҟан. 2012 шықәсанӡа ауааҧсыра 55% мацара, инақәыршәаны, 700 000 мацара абонентцәа аҧсабаратә газ рыман.

Аҵыхтәантәи 11 шықәса рыла Қырҭтәыла арегионқәа аҧсабаратә газла реиқәыршәара иазоужьҭын 500 миллион лари. Уажәазы атәылаҿ аҧсабаратә газ рымоуп 1 500 000 абонентцәа. Араагьы аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла 2-нтәтәи азҳара ҳамоуп.

Уи абзоурала, 2024 шықәса анҵәамҭаз, ҳуааҧсыра 93% аҧсабаратә газла еиқәыршәазаауеит.

Иара убас, ҳәарада, аҵакы ду амоуп ҳрегионқәа рурбантә арҿыцра. Ишыжәдыруа еиҧш, ҩышықәса раҧхьа ҳара амуниципалитетқәа зегьы рцентрқәа рырҿыцра ҳалагеит. 63 амуниципалитетқәа рҿы апрограмма актәи аетап аусурақәа хыркәшоуп. 40 гектар еиҳаны аҵакыраҿ еиҿкаауп, иара убас, еиҭашьақәыргылоуп 100 раҟара апаркқәеи аскверқәеи; 730 еиҳаны ахыбрақәа ирҽеиуп; Қобулеҭи 1 километрк аура змоу абульвар иргылоуп; апроектқәа рынагӡаразы иныхуп 550 миллион лари.

Сынтәа ҳара даҽа апроект дук ҳалагеит - „Ақалақьқәеи акурортқәеи рырҿиара" - 5 шықәсатәи аҳәынҭқарратә программа. Раҧхьатәи азҧхьагәаҭарақәа рыла, ақалақьқәеи акурортқәеи рырҿиара иалаҳҵоит миллиард лари. Борџьомии, Бакуриании, Қәҭешьи, Ҵҟалтубои, Ҭелавии, Жәыргьыҭи, Баҭыми, Мцхеҭеи, Местиеи, Ҟазбегии амуниципалитетқәа рҿы апроектқәа реиқәыршәареи аҽазыҟаҵаратә усурақәеи иалагахьеит.

Ашьхаҳаракыратә аиланхарҭақәа рыдгылара инагӡоит. Иахьазы ашьхаҳаракыратә аиланхарҭа астатус рхы иадырхәоит 263 нызқьҩык иреиҳаны ауааҧсыреи 500 анаплакқәеи. Азинҷыдақәа рзы ҵыҧх иныхын 100 миллион лари, сынтәа ашьхаҳаракыратә регионқәа рыцхрааразы иныхуп 121 миллион лари.

Аҩызцәа, афискалтә децентрализациа аҵакы ду амоуп. Афискалтә децентрализациа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахашәалазы ашәахтә аизшара асистемашҟа аиасра абзоурала, ашықәс анҵәамҭазы амуниципалитетқәа, инақәыршәаны, 1 миллиард 600 лари ахархәара рылшап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари арбага 2018 шықәсатәи арбага аасҭа 100%-ла еиҳауп.

Ҳәарада, аҧсабара ахьчара ахырхарҭала аиҳабыра русура аҵакы ду амоуп. Ҳара ари ахырхарҭала хәынтә абиуџьет аизырҳара ҳалшеит.

Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла аҳәырҧсаррақәа рҵакыра 2-нтә азҳаит. 100 аҳәырҧсаррақәа рҵакыра - ҳтәыла азеиҧш аҵакырадгьыл аҟынтә 13 наӡыноуп.

Уажәы ҳара активла аус аауеит 15 аҳәырҧсаррақәа рҿы 1200 километр аура зауа ашьапыланыҟәаратә мҩахәасҭақәеи атурист-рекреациатә инфраструктуреи аиҿкааразы, уи ҳтәылауааи атуристцәеи рзы зҵакы дуу усуп.

2012 шықәсазы еиҭашьақәыргылан 100 гектар аҟара абнатә аҵакыра; сынтәа 40-нтә еиҳаны, 4000 гектар аҟынӡа абнатә аҵакыра еиҭашьақәҳаргылеит.

Ҳәарада, ари ахырхарҭала аусура наҳагӡоит. Ишысҳәаз еиҧш, аҧсабара ахьчара абиуџьет ацаҳҵеит. Иара убас, аҳаир аҟьашьра армаҷразы зҵакы дуу аӡбарақәа ҳадаҳкылеит: ажьырныҳәа 1 инаркны амашьына ласқәа рзы, иара убас, 2025 шықәса инаркны автобусқәеи аидаратә машьынақәеи рзы евро 5 астандарт аларҵәара ҳгәы иҭоуп. Абарҭ арыцхәқәа индыркны, атәылаҿы евро 5 астандарт аҵкыс еицәоу ахаҭабзиара змоу, 2013 шықәсанӡа иҭыжьу амашьынақәа арегистрациа изахысуам. Уажәазы атәылаҿ иҟоу, иара убас, - арееқспорти атранзити амзызла атәылашҟа иаагоу амашьынақәа ари аӡбара рыдкьыслом.

Заанаҵтәи агәҽанҵара асистемала иазҧхьагәаҭоуп аусмҩаҧгатәқәа ркомплекс наӡа.

Аклимат иаҵәа афонд (GCF) апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, 150 еиҳаны аметеорологиатәи агидрологиатәи станциақәа ааҳхәеит. Урҭ рыхәҭак шьақәыргылоуп, ари апроцесс инагӡоит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳаамҭазтәи 2 радарк ааҳхәеит. Ашықәс анҵәамҭанӡа еиқәыршәахоит еиуеиҧшым аҧсабаратә рыцҳарақәа рхырхарҭала иҟоу ашәарҭарақәа аазырҧшуа ахсаалақәа.

Аҧсабара амилаҭтә агентра абиуџьет азҳаит 16 миллион лари ала, иааиуа ашықәс инаркны зҵакы дуу аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара ҳгәы иҭоуп - анаҟәоутә аҩхаақәа рҿы ашәарҭарақәа раарҧшреи, адгьылҳәазара ашәарҭара ахьыҟоу араионқәа рмониторинги, заанаҵы адырраҟаҵара асистема арҕәҕәареи.

Аҵара ахырхарҭала аиҳабыра имҩаҧыргаз аусура сазааҭгылар сҭахуп. Ишыжәдыруа еиҧш, 2012 шықәсазы аҵареи аҵарадырреи рминистрра 626 миллион лари абиуџьет аман, сынтәа аминистрра абиуџьет - 2 миллиард 77 миллион лари иаҟароуп, ҳаҧхьаҟа, 2024 шықәсазы, 2 миллиард 500 миллион лари иҟалоит - аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла Аҵареи аҵарадырреи рминистрра абиуџьетаҿ 300%-тәи азҳара ҳамоуп.

2012 шықәсазы атәылаҿ аус руан 1,200 аҳәынҭқарратә ахәыҷбаҳчақәа, ҳәарада, урҭ ахәҧса рықәын. 2012 шықәса ашьҭахь, „Ақырҭуа гәахәтәы" анапхгарахьы ианааи инаркны, атәылаҿ аус руеит 1,690 аҳәынҭқарратә ахәыҷбаҳчақәа, урҭ рызынтәгьы хәыда-ҧсадатәиқәоуп.

Иара убас, ҳара амбициатә даҽа проектгьы ҳалагеит, уи ала иазҧхьагәаҭоуп 1000 раҟара ахәыҷбаҳчақәа рыргылареи реиҭашьақәыргылареи, ари апроект иазоуҳашьҭуеит 1 миллиард 300 миллион лари, ахәыҷбаҳчақәа зегьы еиҿкаахоит иаку европатәи, жәларбжьаратәи астандартқәа инрықәыршәаны. Уажәазы 208 ахәыҷбаҳчақәа рыргылареи реиҭашьақәыргылареи апроект мҩаҧысуеит, аиқәшаҳаҭрақәа ҳадаҳкылахьеит.

Ашколқәа рпроект иазкны ишәасҳәар сҭахуп, ишыжәдыруа еиҧш, ҵыҧх ашколқәа рыргылареи реиҭашьақәыргылареи апроект ҳалагеит. Ҳплан инақәыршәаны, 2027 шықәса анҵәамҭанӡа Қырҭтәыла ашколқәа зегьы европатәи астандартқәа ирышьашәаланы иҳаргылоит ма иҳарҽеиуеит. Араагьы аиҿырҧшра аинтерес аҵазар ҟалап, уамашәа ижәбаргьы ҟалап, аха, 2012 шықәсанӡа 16 ашколқәа мацара иргылан. Уаанӡа школқәак дырҽеит, аха, уигьы, афонд „Қарҭуи" ҳаҭыр зқәу Биӡина Иванишвилии рыбзоуоуп ишыҟаҵаз.

Ҧасатәи аиҳабыра ари ахырхарҭала изакәызаалак аконкреттә шьаҿак ҟарымҵеит. 16 школқәа мацара дыргылеит, ҳара 450 ашкол ҿыцқәа ҳаргылеит ма аҳарҽеит. Ишыжәдыруа еиҧш, уажәазы 880 еиҳаны ашколқәа рыргылара ма реиҭашьақәыргылара ҳаҿуп. Уи алагьы иубарҭоуп ҧасатәи аиҳабыра аҵара ишазныҟәоз, насгьы, иахьатәи аиҳабыра аҵареи игыло абиҧареи ишреиҷаҳауа.

Иара убас, аулафахәы азҵаарагьы сазааҭгылар сҭахуп. Аиҿырҧшразы иазгәасҭар сҭахуп 2012 шықәсазы арҵаҩы 330 лари аџьаусҧса шимаз, аҩызцәа, арҵаҩцәа 330 лари мацара роуан, уажәы арҵаҩы иџьаусҧса азҳаит 270%-ла, ҳарҵаҩцәа 1230 лари аџьаусҧса роуеит.

Иара убас, ҳара зеиҧшҟамлац аӡбара ҳадаҳкылан, арҵаҩцәа иҵегьы аџьаусҧса рзацаҳҵеит - 2024 шықәса инаркны рџьаусҧса 500 лари ала иазҳауеит; џьоукы - 600, 700, ма 800 лари рзацаҳҵеит, уажәшьҭарнахыс арҵаҩцәа 1700 - 1800 лари аџьаусҧса роуеит. Убри азыҳәан абиуџьет аҟынтә инаҳхуеит 160 миллион лари.

Еиҭасҳәар сҭахуп, 300 лари акәын иҟаз, 2012 шықәсанӡа арҵаҩцәа 330 лари аулафахәы роуан. Аха, ҳара иаҳа ирацәаны иҟаҳҵароуп, арҵаҩы иџьабаа иаҳа ахә шьазароуп, ҳаҧхьаҟагьы арҵаҩцәа рыцхраара наҳагӡоит, аквалификациа аиҕьтәратә курсқәа уҳәа, иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит, аминистр ҿыц ари ахырхарҭала активла аус иуеит.

Ишыжәдыруа еиҧш, ашколқәа рыргылареи реиҭашьақәыргылареи апроцесс иалагахьеит. 250 еиҳаны ашколқәа рыргылара ҳалагахьеит. 2022-2023 шықәсқәа рзы 250 иреиҳаны ашколқәа ишеибгоу ма хәҭала иҳаргылоит ма иҳарҽеиуеит, 2027 шықәса анҵәамҭанӡа ашколқәа зегьы иаку европатәи астандартқәа ирышьашәалазаауеит.

Ишыжәдыруа еиҧш, азанааҭтә аҵарагьы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа иреиуп, избанзар, азанааҭтә аҵара, ишиашо, аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи, инеизакны, аусурҭала аиқәыршәара азҵаареи иадҳәалоуп. Араагьы, азанааҭтә аҵара афинансыркра 9-нтә аизырҳара ҳалшеит. Азанааҭтә коллеџьқәа ҿыцқәеи аҟазарҭа ҿыцқәеи ҳаргылеит. Уажәазы 4 коллеџьки 4 ҟазарҭаки рыргылара ҳаҿуп.

Аинтерес зҵоу аинформациа шәысҭар сҭахуп, иахьазы Аусурҭала аиқәыршәаразы агентраҿы 10 000 еиҳаны авакансиақәа иҟоуп. Аекономика аминистрра аҿаҵарала аинтерес зҵоу аҭҵаарақәа мҩаҧаагеит. Аҵыхәтәантәи шықәсык аҩныҵҟала, анаплакқәа 30% авакансиақәа рыман, инеизакны иуҳәозар, 140 000 аусуратә ҭыҧқәа иҟан. Еиҭасҳәар сҭахуп, ҵыҧх атәылаҿы 140 000 аусуратә ҭыҧқәа иҟан. Ҳәарада, уи хәарҭам. Убри аҟынтә, аиҳабыреи абизнеси ари ахырхарҭала аус еицыруроуп. Убри азоуп ҳара ари апрограмма ҳзалагаз, мызқәак раҧхьа аминистри ҳареи аӡыргара мҩаҧаагеит. Азанааҭтә аҵара иадҳәаланы ахәаҧшыра ҿыц цәыраагеит.

Иара убас, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла, иреиҳаӡоу аҵареи аҵарадырреи азгьы ҩынтә афинансыркра азҳаит, 80 миллион лари акәын иҟаз, 2024 шықәсазы ари аусхкы афинансыркра 150 миллион лари еиҳахоит.

Ҳәарада, абрааҵәҟаьа иазгәасҭар сҭахуп 2012 шықәсанӡа иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа равторизациеи апрограммақәа ракредитациеи астандартқәа шыҟамыз, иҟазгьы иаку европатәи астандартқәеи апринципқәеи ишрышьашәаламыз.

Астандартқәеи апроцедурақәеи ирҿыцуп, уажәшьҭа урҭ европатәи астандартқәеи апроцедурақәеи ирышьашәалоуп. Иахьа, Қырҭтәыла иҟоу ауниверситетқәа ахәшьара рырҭоит европатәи астандартқәа рыла. Ҳаиҳабыра имҩаҧыргаз абри ареформагьы аҵакы ду аман.

Астудентцәеи астипендиақәеи срылацәажәар сҭахуп, астудентцәа 150 лари астипендиа рыман, иахьа 300 лари рымоуп.

5000-ҩык қәҿиарала аҵара зҵо астудентцәа астипендиа роуеит, сынтәа ҳара зҵакы дуу аӡбара ҳадаҳкылеит - афинанстә ауал амшала астатус ззаанкылаз 30 000-ҩык раҟара астудентцәа ауал рықәаҳхит. Ишыздыруа еиҧш, зқьҩыла астудентцәа рстатус еиҭашьақәдыргылеит.

Ҳәарада, қәҿиарала аҵара зҵо ҳстудентцәа ҳаҧхьаҟагьы ҳрыдгылоит, аҳәаанырцә аҵара рылшаратәы ҳрыцхраауеит, иахьазы Жәларбжьаратәи аҵара ацентр 1200-ҩык раҟара астипендиантцәа амоуп, ҳара ари ацентр еиҿаҳкааит 2014 шықәсазы. Зыӡбахәы ҳәоу астудентцәа 30 иреиҳаны аҳәынҭқаррақәа рҿы, иреиҕьу ауниверситетқәа рҿы иреиҳаӡоу аҵара роуеит, ари аус иазоуҳажьҭуеит 42 миллион лари еиҳаны, еиҭасҳәар сҭахуп, 1200-ҩык иреиҕьу ҳстудентцәа аҳәаанырцәҟа идәықәҵоуп, дара хәыда-ҧсада, аиҳабыра рхарџьла, иреиҳаӡоу аҵара роуит.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп 2012 шықәсазы аҵарадырра аусхкы 15 миллион лари абиуџьет шамаз, сынтәа 72 миллион абиуџьет амоуп, ҳаҧхьаҟа рбиуџьет иҵегьы 5 миллионк рыла иазҳауеит, 77 миллион аҟынӡа ишьҭыҵуеит.

2012 шықәсазы Русҭавели ихьӡ зху амилаҭтә ҵарадырратә фонд абиуџьет 13 миллион лари иаҟаран, уигьы аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла 2.5-нтә азҳаит.

Уажәы агәабзиарахьчара ахырхарҭашҟа сиасны, ҳара имҩаҧаагаз аусура даҽазнык, иааркьаҿны, сахцәажәар сҭахуп, ҷыдала сырзааҭгылоит ҳтәылауаа аконкреттә алҵшәа бзиақәа рзаазгаз ареформақәа. Ишыжәдыруа еиҧш, 2012 шықәсанӡа зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара иҟамызт, программак иҟан, аха, уи ахархәара рылшон ҳтәыла ауааҧсыра 38 наӡына мацара.

2012 шықәса инаркны, ҳара зҵакы дуу ареформақәа мҩаҧаагеит. Ари ахырхарҭала акрызҵазкәа ареформа мҩаҧган, ҳаҭыр зқәу Биӡина Иванишвили иинициативалоуп ари ареформа шымҩаҧгаз. Уи абзоурала, зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи ианалага инаркны иахьанӡа, 3 миллионҩык ҳтәылауаа 11 миллион еиҳаны амедицинатә маҵзурақәа рзы аҧара рзоужьҭын, уи азыҳәан 11 шықәса рыла аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә иныхын 7 миллиард лари, зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма ианалага амш инаркны иахьанӡа, ари апрограмма абри аконкреттә алҵшәа ахылҵит.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп 2023 шықәсазы агәабзиарахьчара абиуџьет ишацлаз, 2024 шықәсазы уи иаҳа иазҳауеит, аиҿарҧшразы ишәасҳәар сҭахуп 2012 шықәсазы ҳтәылауаа амедицинатә харџьқәа рҟынтә 74 наӡына дара рхала ишыршәоз, 2022 шықәсазы - рхарџьқәа маҷхеит 30 наӡынанӡа, уи аҵакы ду амоуп.

DRG аметодологиа аларҵәара ашьҭахь, ари амодель ахархәара ҳаналага ашьҭахь, амедицинатә сервисқәа рзы апациент иишәо аҧара 10%-нӡа имаҷхеит, ҳтәылауаа рџьыбантә иршәоз аҧара 74 наӡынантә 10 наӡынанӡа имаҷхеит.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп шықәсқәак раҧхьа ҳара зҵакы дуу аӡбара шҳадаҳкылаз, социалла ихьчам ахәыҷқәа есымзатәи ацхыраара рзышьақәҳаргылеит, 200 нызқьҩык иреиҳаны ахәыҷқәа есымза 200 лари ацхыраара роуеит, инеизаку абиуџьет 500 миллион лари иаҟароуп.

Иара убас, ишәасҳәар сҭахуп, алшара анҳаулак, ари ахырхарҭала абиуџьет аизырҳара шынаҳагӡо.

Аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟа имҩаҧааго, зҵакы дуу даҽа реформак сазааҭгылар сҭахуп. Уи ахәшәқәа раахәара алшареи рыхәқәа армаҷреи иазкуп. Ишыжәдыруа еиҧш, ҳара ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа ааҳартит, имҩаҧаагаз ареформа абзоурала, ареференттә ахәқәа шьақәыргылоуп, ҳтәылауаа 400 миллион лари аҟара аиҷаҳара рылшоит, инеизакны иуҳәозар, ахарџьқәа даараӡа имаҷхеит, ҳтәылауаа акырӡа иаҳа имаҷны ашәара рықәшәоит. Ишыжәдыруа еиҧш, ҧаса, ареференттә ахәқәа аныҟамыз, афармацевтикатә еилахәырақәа 100, 200, 300% ахә ацҵаны ахәшәқәа рҭиуан.

Иахьа ари аепоха хыркәшоуп, ҳара ари апроцесс ҳахылаҧшуеит. Ареформа ианалага ашьҭахь, ареференттә ахәқәа шьақәҳаргылеит, ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа ааҳартит. Ҳтәылауаа ржьара иакымкәа аҽазкрақәа иҟан, аха, ҳара, афактқәа зегьы зыҧшра ҟамҵакәа иџьбараны ирықәҿаҳҭит, иахьагьы иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп абри аҩыза факткгьы ақәҿыҭрада ишаанымхо.

Ҳәарада, ашьақар ачымазара ахылаҧшреи С агепатит ахәышәтәреи ахырхарҭала иҟаҳҵаз ашьаҿақәагьы аҵакы ду рыман. Ишыжәдыруа еиҧш, С агепатит ачымазара змаз ҳтәылауаа 95% ибзиахеит.

Иара убас, атәанчуаа рыцхраарагьы аҵакы ду аман. Ишыжәдыруа еиҧш, ҳара аӡбара ҳадаҳкылан, ачымазара лаҽқәа змоу атәанчуаа дара ирҭаху ахәшәқәа зегьы хәыда-ҧсада ироур рылшоит, ачымазара лаҽқәа змоу атәанчуаа 2024 шықәса инаркны ахәшәқәа зегьы амалаҳа ироуеит. Ҳара миллионбжаҩык раҟара абри аҩыза атәанчуаа ҳамоуп, ҳәарада, ари ацхыраара дара рзы иаҵанакәа рацәоуп.

Насгьы, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара европатәи арегионалтә директор ахәшәқәа рыхәқәа рышьақәыргылара амзызла имҩаҧаагаз аусмҩаҧгатәқәа дышрыхцәажәаз ахәшәқәа рхархәара аманшәалара аиқәыршәаразы европатәи арегионаҿ имҩаҧгоу иреиҕьу ареформа аҳасабала.

Зыӡбахәы ҳәоу арегулиациақәа рыбзоурала, ҳтәылауаа, ахәшәқәа аархәар рылшоит 45%-ла иаҳа ахә мариала.

Ҳәарада, аҵакы ду амоуп ахәшә ахаҭабзиара ахылаҧшра. Сынтәа ҳара раҧхьатәи аҳәынҭқарратә лабораториа ааҳартит, ари ахырхарҭала ахылаҧшра ҳарҕәҕәароуп, избанзар, ҳтәылауаа зхаҭабзиара ҳараку ахәшәқәа мацара роуроуп.

Иара убас, ишәасҳәар сҭахуп, аминистрра, GMP астандартла аҳәаанырцә иҟаҵоу, аимпорт ала Қырҭтәылаҟа иаарго ахәшәқәа ргәаҭара ишалагаз. Ҳәарада, ари апроцессгьы нагӡахоит.

Жәаҳәарада, аҵакы ду рыман Анацәеи ахәыҷқәеи ргәабзиарахьчара ахырхарҭала иҟаҵаз аконкреттә шьаҿақәагьы. Зцәазтәымкәа иҟоу аҳәса рмедицинатә маҵзура афинансыркра сынтәа азҳаит 500-800 лари аҟынтә 1200 лари аҟынӡа, иара убас, - адекреттә ҧсшьара аан аҳәынҭқарра, абиуџьет аҟынтәи, аҳәса ирзоунажьҭуеит 2000 лари.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп атәылаҿы ареанимобильқәа рмаҷра амшала апроблемақәа шыҟаз, сынтәа аминистрра ари ахырхарҭала зҵакы дуу ашьаҿақәа ҟанаҵеит, ацентр автопарк ацлеит 23 ареанимобиль ҿыцқәа, арҭ амашьынақәа арегионқәа зегьы ирзаҳшоит, уажәшьҭа атәылаҿ ари аганахьала апроблемақәа ҟалом. Иара убас, иаиуа ашықәс азы иҵегьы 105 машьынақәа рзацлоит, амедицинатә цхыраара лас амашьынақәа роуп сызлацәажәо, уи абзоурала, ацентр иаҳа еиҕьны аусура алшоит.

Ҳәарада, аҳақьымцәеи амедперсонали рулафахәы ацҵара аҵакы ду аман, ажьырныҳәа 1 инаркны, хырҧашьа змам амедицинатә цхыраара аусзуҩцәа рџьаусҧса 10% ацлоит; жьҭаара 1 инаркны амедицинатә цхыраара лас аперсонал рџьаусҧса даҽа 10% ацлоит; ажьырныҳәа 1 инаркны ацентр аусзуҩцәа зегьы иаҳа еиҕьу аҧгаҧсатә пакет рхы иадырхәар рылшоит.

Иара убас, ҳазҭагыло ашықәс инаркны иазҧхьагәаҭоуп раҧхьатәи агәабзиарахьчара аперсонал рџьаусҧса 10% ацҵара, 2024 шықәса инаркны аҳақьым еиҵби, амедиеҳәшьа лыцхырааҩи, асанитари рминималтә џьаусҧса ҳәаақәҵахоит.

Абраагьы, аиҿарҧшразы иазгәасҭар сҭахуп 2012 шықәсазы аҳақьымцәа 450 лари аџьаусҧса шроуаз, сынтәа 2184 лари аџьаусҧса рымоуп, 2012 шықәсазы амедиеҳәшьцәа 300 лари аџьаусҧса рыман, уажәы 1665 лари роуеит.

Ҳәарада, ҳхәыҷқәеи, зықәрахь инеихьоу ҳуааҧсыреи, ахҵәацәеи, аветеранцәеи рсоциалтә ахьчареи агарантиақәа рыҭареи азы аиҳабыра иҟарҵаз аконкреттә шьаҿақәагьы аҵакы ду рыман.

Ахәыҷқәа рыцхраара апрограмма салацәажәахьеит, зҵакы дуу абри асоциалтә цхыраара нагӡахоит. Ҳәарада, иара убас, аҵакы ду амоуп зылшарақәа маҷу ауааҧсыреи ахәыҷқәеи рсоциалтә пакет иҵегьы аизырҳара.

Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп 2024 шықәса инаркны ахыҵакырҭа змам, зынхарҭатә ҭагылазаашьа цәгьоу, ахылҵ рацәа змоу аҭаацәарақәа рнырхара хықәкылатәи аҳәынҭқарратә программа ҳшалаго. Анхарҭақәа змам 1000 ҭаацәарақәа рнырхара амзызла, аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә инаҳхуеит 50 000 000 лари. Арегионқәа роуп бжеиҳарала ҳазлацәажәо. Абри апрограмма абзоурала, ҳтәылаҿы ҭаацәаракгьы нхарҭада иаанхом. Ҩышықәса рыла ари апрограмма наҳагӡоит.

Ахҵәацәа рызҵаарагьы сазааҭгылар сҭахуп. Ишыжәдыруа еиҧш, араагьы апрогресс ду иҟоуп - иҟаз аҭагылазаашьеи уажәтәи аҭагылазаашьеи зынӡаскгьы еиҧшым. Ари ахырхарҭала ақәҿиара дуқәа ҳамоуп.

2012 шықәсазы ахҵәацәа рбиуџьет 25 миллион лари иаҟаран. Сынтәа 267 000 000 лари абиуџьет рымоуп, ҽакала иаҳҳәозар, рбиуџьет жәантә азҳаит.

2012 шықәсанӡа ауадақәа роуит 19 000 раҟара ихҵәоу аҭаацәарақәа. 2013 шықәса инаркны иахьанӡа анхарҭатә аҵакыра роуит 32 000 раҟара ихҵәоу аҭаацәарақәа.

Сынтәа 549 ихҵәоу аҭаацәарақәа анхарҭатә корпус ҿыцқәа рҿы ауадақәа роуит. Уажәы апроект ду мҩаҧысуеит, уи ала иазҧхьагәаҭоуп Қарҭи, Қәҭешьи, Борџьомии, Жәыргьыҭи, Русҭавии анхарҭатә корпусқәа рыргылареи 2025 шықәсанӡа даҽа 13 000 аҭаацәарақәа акорпус ҿыцқәа рҿы ауадақәа рыҭареи. Иара убас, ишәасҳәар сҭахуп анеҩстәи ашықәсқәа азы ахҵәацәа рзы аҩнқәа рыргыларазы 230 миллион лари ишнаҳхуа.

Сынтәа Шови арыцҳара ду ҟалеит, иара убас - Ланчхуҭии Чохатаурии амуниципалитетқәа рҿы аҧсабаратә рыцҳара ҟалеит, убри амшала азарал зауз аҭаацәарақәа рыцхрааразы, Қырҭтәыла аиҳабыра ррезервтә фонд аҟынтәи 10 миллион лари инаҳхуеит. Сымҩашьозар, азарал зауз аҭаацәарақәа зегьы аҩнқәа рзаахәаразы зынӡа инаҳхуеит 30 миллион лари.

Атәанчаратә фонд иазкны ирҿыцу аинформациа шәысҭар сҭахуп, абҵара 30 рзы иҟаз адыррақәа инрықәыршәаны, атәанчаратә фонд аҿы еизгоуп 4.2 миллиард лари. Сынтәа ақәратә атәанчахә ацаҳҵеит, ақәратә атәанчахә роуеит 830 нызқьҩык раҟара атәанчуаа.

Анеҩстәи ашықәс инаркны атәанчахә иҵегьы азҳауеит, 70 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәанчуаа 50 лари рзацаҳҵоит, зынӡа 415 лари роуеит, ашьхаҳаракыратә аиланхарҭақәа рҿы 70 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәанчуаа 500 лари атәанчахә роуеит.

70 шықәса зхымҵыц атәанчуаа 315 лари роуеит, ашьахаҳаракыратә регионқәа рҿы - 380 лари.

2012 шықәсазы атәанчуаа 125-и 140-и лари атәанчахә роуон, арҭ арбагақәагьы еиҿарҧшызар бзиан.

2012 шықәсазы аҳәынҭқарратә сектораҿ аус зуаз ауааҧсыра 647 лари аџьаусҧса роуон. Ажьырныҳәа инаркны, абиуџьеттә аиҿкаарақәа русзуҩцәеи, аполициа аусзуҩцәеи, аруааи рџьаусҧса даҽа 10% ацлоит, абжьаратә аџьаусҧса 1 500 лари иаҟарахоит. Араагьы аџьаусҧса ҩынтә азҳаит.

Уажәшьҭа адәныҟатәи аполитика, адәныҟатәи аполитика хада сазааҭгылар сҭахуп, ҳәарада, зегьы реиҳа зҵакы дуу қәҿиароуп Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиура. Уи аиааира дууп, ари аиааира ҳдипломатиатә корпусгьы иабзоуроуп, Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, хаҭала аминистри, ҳдипломатцәеи ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ҳәарада, 2012 шықәса инаркны иахьанӡа имҩаҧааго аполитика аҵакы ду амоуп. Еиҭасҳәар сҭахуп, ҳәарада, ҳполитика амилаҭтә интересқәа рыхьчароуп изызку. Ҳәарада, иахьазы ҳтәылаҿы ахадаратә проблемақәа иреиуп ампыҵахалара азҵаара, ҳара аҭынчмҩала атәыла адеокупациа хықәкыс ишҳамоу ааҳацҳахьеит. Ҳара астратегиатә ачҳара аполитика ҳақәныҟәоит, ҳәарада, абраагьы ҳтәыла амилаҭтә интересқәа роуп напхгагас иҳамоу. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла европатәи ҳҩызцәа рҟны, европатәи аҳәынҭқаррақәа рҟны апартниортә еизыҟазаашьақәа иреиҳаӡоу аҩаӡаранӡа ишышьҭыҵыз. Ишьаҭаркуп зыҩаӡара ҳараку ҩ-ганктәи астратегиатә усеицура аформатқәа, Франциеи, Иеиду Аҳреи, Италиеи, Польшеи рҟны. Иара убас, ҳстратегиатә партниор - Иеиду Америкатә Штатқәа рҟны ҳаизыҟазаашьақәеи ҳпартниорреи рыҩаӡара ҳаракуп. Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, ҳпартниорцәа зегьы ҳтәыла адгыларазы даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Иара убас, ишәасҳәар сҭахуп аҵыхәтәантәи аамҭазы адәныҟатәи авизитқәа рацәа қәҿиарала ишымҩаҧызгаз. Хаҭала сара 25 адәныҟатәи авизитқәа мҩаҧызгеит, адәныҟатәи аусқәа рминистр 35 адәныҟатәи авизитқәа иман. Убри адагьы, ҳтәылаҿы, ҳтәылашҟа имҩаҧгаз авизитқәагьы сырзааҭгылар сҭахуп - ҳара европатәи алидерцәа рацәа ҳҭааит. Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, ҳаҭыр зқәу Боррель цәыббразы Қырҭтәыла имҩаҧигаз авизит аҵакы ду аман. Иара убас, Австриеи Венгриеи рҧыза-министрцәа рвизитқәа. Ҳәарада, арегионаҿгьы, ҳпартниорцәа рҟны - Азербаиџьани, Шәамахьтәылеи, Ҭырқәтәылеи рҟны аиҩызаратәи апартниортәи еизыҟазаашьақәа ҕәҕәоуп. Ишыжәдыруа еиҧш, ҩышықәса раҧхьа, ҳара Аҭынчратә инициатива аҧшьаагеит, уи аконкреттә алҵшәа ахылҵхьеит. Азербаиџьантәи шәамахьтәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаиқәшаҳаҭхан, Қырҭтәыла ари аус аҿы зҵакы дуу амедиациа мҩаҧнагеит. Ҳәарада, ҳара арегионаҿ акыраамҭалатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара ҳазҿлымҳауп. Абри ахықәкы анагӡаразы Қырҭтәыла акрызҵазкәа ашьаҿақәа ҟанаҵоит. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп уажәааны Қырҭтәыла ишыҟаз Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рҧыза-министрцәа. Ҳара, атәылақәа рыхҧагьы рнапхгаҩцәа, ҳаиҧыларц азыҳәан ауникалтә алшара ҳаман. Ҳара аинтерес ду зҵаз апрецендент аҧаҳҵеит ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳгәылара иҟоу атәылақәа рахь интенсивла авизитқәа мҩаҧаагоит. Сара изныкымкәа Азербаиџьан сыҟан, Азербаиџьан ахадеи Шәамахьтәыла аҧыза-министри визитла ҳара ҳҿы иҟан. Ҳәарада, Ҭырқәтәылеи ҳареи ҳстартегиатә партниорреи ҳусеицуреи аҩаӡара ҳаракуп. Иара убас, Китаитәи жәлартә республикаҿы свизит аҭоурыхтә ҵакы аман, сара уахь сдәықәлеит Китаи ахада иааҧхьарала, ҳара, ҳаиқәшаҳаҭны, адекларациа ҳабжьаҳҵеит, ҳҳәынҭқаррақәа аҭоурыхтә аӡбара рыдыркылеит, реизыҟазаашьақәеи русеицуреи астратегиатә партниорра аҩаӡаранӡа ишьҭырхырц рыӡбеит. Китаи ҳара ҳзы зҵакы дуу ҳәынҭқарроуп. Адунеиаҿ адурала аҩбатәи економикоуп, ҳара Китаи аҟны ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара ҳазҿлымҳауп. Китаи атәылауаа авизадатә режим рзышьақәыргыларазы иҳадаҳкылаз аӡбарагьы абри ахықәкы анагӡара иацхраауеит.

Иара убас, ишәасҳәар сҭахуп Ацентртә Азиа атәылақәа рҿы қәҿиарала авизитқәа шымҩаҧгаз. Ҵыҧх, Ацентртә Азиа атәылақәа рҿы аинтерес зҵаз, алҵшәа зхылҵыз атурне мҩаҧызгеит. Иара убас, ишәгәаласыршәар сҭахуп ҳара ҳҿы визитла ишыҟаз Казахстан аҧыза-министри, иара убас, Узбекистан аҧыза-министри. Аҩ-тәылак рҟны аусеицура арҭбаара иазку адокумент ҳнапы аҵааҩит.

Қырҭтәылеи Ааигәатә Мрагылареи аӡыбжьахалеи атәылақәеи реизыҟазаашьақәа аинтенсивтә динамикала иалкаауп. Ҵыҧх, Саудтәи Аравиаҿ, иара убас, Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи, Израили қәҿиарала аиҧыларақәа мҩаҧган. Аҵакы ду аман Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҟны аекономикатә усеицура иазку аиқәшаҳаҭра, зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра, уи абзоурала ҳбизнесменцәеи ҳнаплакҩцәеи алшара ҿыцқәа рызцәырҵит.

Зҵакы дуу даҽа зҵаарак сазааҭгылар сҭахуп, хара имгакәа ари азҵаараҿгьы аконкреттә алҵшәақәа ҳауеит. Ҵыҧх ҳара Иорданиа аҳраҿ 4000 акв./м. адгьылҭыҧ ҳарҭеит, уаҟа Ақырҭуа культура ацентр ҳаргыларц ҳаӡбеит. Апроект мҩаҧысуеит Апатриарх иныҳәарала, ҳара апроект еиқәҳаршәеит, уи мазеиуп. Уажәы аргыларатә еилахәыра алхра ҳаҿуп, 2024 шықәсазы Ақырҭуа культура ацентр аргылара ҳалагар ҳҭахуп. 300 шықәса рышьҭахь Қырҭтәыла адгьыл цқьа ашҟа ихынҳәуеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Адәныҟатәи аполитика ахырхарҭала абарҭ ақәҿиарақәа ҳамоуп.

Иара убас, ишәасҳәар сҭахуп адиаспора рхырхарҭала аусура иаҳа ишырҭбаатәу. Уажәазы зынӡа аус руеит 350 ақырҭуа диаспоратә аиҿкаарақәа, 2012 шықәсанӡа 140 ракәын иҟаз.

Ҳәарада, аҭынчратә политика анагӡара аҵакы ду амоуп, абрааҵәҟьа аинаалара аполитикагьы сазааҭгылар сҭахуп, „Ақырҭуа гәахәтәы" аханатәгьы аанацҳаит ари аполитика ишақәныҟәо. Ҳара аргама ишааҳацҳаз еиҧш, хықәкыс иҳамоуп аҭынчмҩала ҳтәыла адеокупациа. Ампыҵахалатә цәаҳәа нхыҵ инхо ҳтәылауаа рзы имаҷымкәа апроектқәеи апрограммақәеи аҧара рзоуҳажьҭит. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп ҳара абарҭ апроектқәеи апрограммақәеи хықәкыла мыцхәы иӡырымгакәа ишымҩаҧааго, аха, аҳәынҭқарра, ҳаҧхьаҟагьы абри аҩыза апрограммақәа ирыдгылоит. Аконкреттә дыррақәа ирызку аинформациа шәыдазгалар сҭахуп. Аҳәынҭқарра, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ииасыз 1500-ҩык ҳтәылауаа рхәышәтәра аҧара азоунажьҭит. Иара убас, ҳара Рухтәи ахәышәтәырҭа еиҕьаҳтәит, уаҟа еиуеиҧшым амедицинатә сервисқәа еиҿкаауп, Рухтәи ареспубликатә хәышәтәырҭа 14 иреиҳаны ахырхарҭақәа рыла амедицинатә сервисқәа еиқәнаршәоит, абри ахәышәтәырҭаҿы 1400-ҩык иреиҳаны ауааҧсыра хәыда-ҧсада амедицинатә маҵзура роуит.

Иара убас, ҳара астудентцәагьы ҳрыцхраауеит, дара, аҧышәарақәа мҭиикәа, Қырҭтәыла иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирҭалоит.

Ҳәарада, Аџьар Ҟаҧшь жәларбжьаратәи комитет ахаҭарнакцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, урҭ рыцхыраарала, 58-ҩык рыҧсабыҩқәа аарҧшны, рҭаацәарақәа ирзыхынҳәуп.

Ҧшьышықәсатәи аангылара ашьҭахь, агуманитартә механизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақырҭуа-аҧсуа усеицура еиҭашьақәгылоуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит.

Ҳәарада, женеватәи аформат нагӡатәуп, уи аҵакы ду амоуп, араагьы Женеватәи аформат иалахәы европатәи америкатәи ҳпартниорцәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.

Ҳәарада, аҵакы ду амоуп атәылауаҩратә аиҟарареи аинтеграциеи. Ари аганахьала иазгәасҭар сҭахуп ақырҭуа бызшәа аларҵәара, ақырҭуа бызшәа аҵаратә курсқәа рҵакы. Амилаҭатә аиҵарақәа ирымоу апроблемақәа иреиуп ақырҭуа бызшәа амдырра. Убри аҟынтә, ҳара зҵакы дуу ареформа амҩаҧгара ҳалагеит, уи абзоурала, ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рҿы абиллингтә аҵара аметод алаҳарҵәеит. Иқырҭуам ҳтәылауаа ахәыҷбаҳча инаркны ақырҭуа бызшәа рырҵара ҳалагароуп. Ари апроцесс ашколқәа рҿгьы инагӡахоит, абиллингтә методла аҵара аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит, ҳара ари ахырхарҭала аусура ҳарҭбаауеит, иаҳа ирацәаны ҳтәылауаа ақырҭуа бызшәа аҵара рылшаратәы алшарақәа рзеиқәҳаршәоит.

Уажәы ашәарҭадареи ахыхьчареи сазааҭгылар сҭахуп. Ишыжәдыруа еиҧш, аҵыхәтәантәи хышықәса рыла ҳара ахыхьчара ахырхарҭала акрызҵазкәа ашьаҿақәа ҟаҳҵеит. Аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыла арратә инфраструктура аҿиаразы иныхуп 540 миллион лари, ари аҧара аҟынтәи 400 миллион лари иныхуп аҵыхәтәантәи ҧшьышықәса рыла.

Аказармақәеи еиуеиҧшым арратә базақәеи рырҿиаразы 100 миллион лари аҟара инаҳхуеит, иахьазы 273 обиектқәа рыргылареи, рырҽеиреи, реиҭашьақәыргылареи иазку аусурақәа мҩаҧгоуп, урҭ рыбжьара - аказармақәеи, акрыфарҭақәеи, аспорткомплексқәеи, анхарҭатә корпусқәеи, егьырҭ аобиектқәеи. Ахы инаркны аҵыхәанӡа ирҽеиуп 503 обиектқәа. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп „Ар рықалақь" аргылара қәҿиарала ишхыркәшоу. Уи алҵшәа бзиа зхылҵыз проектуп, ари апроект ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит, уи арбоуп Атәылахьчара азакәанеидкылаҿгьы.

„Ар рықалақь" аҿы 1000-ҩык иреиҳаны ҳаруаа, ҳгәы зыздуу ҳарратә маҵзуҩцәа ауадақәа роуит аминималтә ахә ала, ари апроект ҳаҧхьаҟагьы инаҳагӡоит.

Абри аҩызаҵәҟьа апрограмма ҳалагеит аполициа аусзуҩцәа рзгьы, ҳгәы зыздуу аполицаицәа рзы. 1000-ҩык иреиҳаны аполициа аусзуҩцәа Қарҭ ауадақәа роуеит, даргьы аминималтә ахә ала ауадақәа роуеит, дара рзгьы ари амеханизм нагӡахоит. Ҳәарада, ари аусхкы аҿиара иаҿуп, абџьар аума, атехника ҷыда аума, уи арҿыцреи аахәареи азыҳәан аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыла иныхын 2 миллиард лари еиҳаны, сынтәа мацара НАТО алахәылацәеи апартниортә тәылақәеи рҟынтә абџьар аахәаразы 15 миллионрацәаратә аиқәшаҳаҭрақәа ҳадаҳкылеит, ҳәарада, атәылахьчара аминистр иҟынтә инарҭбаау аинформациа шәоухьеит. Иара убас, аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳара аҧырратә хархәагақәа ҳарҿыцит, урҭ рыбжьара, - Америка иҟаҵоу анырҵәагатә ҳаирпланқәеи агежьҧрыгақәеи.

Ҳәарада, ҳара, иҳалшо ала, ҳаруаа ҳрыцхраауеит, ҳрыдгылоит, иҳалшо ала рыхә ҳшьоит. Азакәанеидкыла адкылара аҵакы ду аман ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, уаҟа зҵакы дуу азҵаарақәа рацәа рҭыҧ иқәҵоуп, урҭ иреиун иҧхашьагаз апрактика, Гирчи аинициатива ҳәа изышьҭоу, уи анамысдаратә инициативан, ҳҿар рацәа ржьар рҭахын, 10 000-ҩык иреиҳаны ҳтәылауаа арратә маҵзура ахысра ацәцаразы алшара роуит. Ҳара ари апроблема имарианы иҳаӡбеит, иашьашәалоу аӡбара ҳадаҳкылеит, азакәанеидкыла абарҭ азҵаарақәа рҭыҧ иқәнаҵеит. Иара убас, ҳара хымҧадатәи арратә маҵзура асистема еиҕьаҳтәит. Зҵакы дуу аинициативақәа ҳадаҳкылеит, астудентцәа рзгьы.

Еиҭасҳәар сҭахуп, ари апрограмма зхы алазырхәо астудент, иара шықәсыкала 1 мызкы арратә маҵзура дахысыр, ҧшьышықәса рыҩныҵҟала зынӡа ҧшьымз рыла, арратә маҵзура дахысит ҳәа иҧхьаӡахоит. Астудентцәа ирзыманшәалоу асистема рыдаагалеит ҳәа сгәы иаанагоит.

Убри адагьы, ҳара зҵакы дуу аӡбара ҳадаҳкылеит, хымҧадатәи арратә маҵзурахьы ааҧхьара зауа аҿар арратә маҵзура иахысуеит Атәылахьчара аминистрра мацараҿ. Ҳәарада, араҟа аконкреттә модульқәа аус рыдааулеит, 6-мзтәи, 8-мзатәи, 9-мзатәи, 10-мзатәи аиҭазыҟаҵаратә программақәа иҟоуп, аминималтә аҿҳәара фымз ауп, ҽакала иаҳаҳәозар, арҧыс фымз арратә маҵзура дахысыр, иара атеориатәи апрактикатәи адырра иоуеит.

Ҳара хықәкыс иҳамоуп 3-4 шықәса рыла 10 000-ҩык арезервистцәа разыҟаҵара, инеизакны иуҳәозар, 10-шықәсатәи аперспективаҿы аҳәынҭқарра аиуеит 100 000-ҩык арезервистцәа. Ҳәарада, дара апсихологиатәи аморалтәи ганахьала ихиазаауеит. Иара убас, ҳара арбџьармчқәа рыгәҭа апатриотизм акурсқәа реиҕьтәра азҵаара хшыҩзышьҭра ҷыда азаауеит, ари апроцессаҿы ауахәама активла иҳацхраауеит, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.

Иара убас, сынтәа ҳара ашколхәыҷқәа рзы зҵакы дуу апрограмма ҳалагеит, дара, арратә лагерь аҳәаақәа ирҭагӡаны, арратә базақәа ирҭаауеит. Зыӡбахәы ҳәоу арратә лагерь ашҟа ааҧхьара роухьеит 1000-ҩык иреиҳаны аҵаҩцәа. Ҳара ари апрограмма ҳарҭбаар ҳҭахуп, есышықәса зқьҩыла ашколхәыҷқәа арратә базақәа рышҟа инеины, ҳаруаа ишынхо, азыҟаҵарақәа ишырхысуа рбар ҳҭахуп.

Уаҟа, ҳәарада, аидеологиатәи, атеориатәи, апрактикатәи аҵара роуеит, ҳҿар ари апроцесс иазҿлымҳахап ҳәа сгәыҕуеит. Уи иахьа атәылаҿ апсихо-либералтә мчқәа активла иаладырҵәо, ҳҿар ирҧырхагоу аидеологиа бааҧсы азы альтернатива бзиоуп. Уи анаркотикқәа рзы альтернативоуп, изҩыдам, аспорт иадҳәалам аҧсҭазаашьазы альтернативоуп, аиҳабыра ари ахырхарҭала иаҳа ирацәаны иҟарҵароуп ҳәа сгәы иаанагоит, агәра ганы сыҟоуп шықәсқәак рышьҭахь ҳара аконкреттә алҵшәа шаабо.

Абиуџуьет аганахьала, аиҿырҧшразы исҳар сҭахуп 2012 шықәсазы атәылахьчара абиуџьет 645 миллион лари ишаҟараз. 2024 шықәсазы атәылахьчара аусхкы 1 миллиард 380 миллион лари абиуџьет амазаауеит. Араагьы 85%-тәи азҳара ҳамоуп.

Аулафахәы иазкны ишәасҳәар сҭахуп, аҵыхәтәантәи хышықәса рыла ҳаруаа рџьаусҧса азҳаит 45-50%-ла. Анеҩстәи ашықәс азы иҵегьы 10% рзацаҳҵоит.

Иара убас, ҳара, аҭынчрачаҧаратә операциақәа раангьы, Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи, ахақәиҭреи, ахьыҧшымреи азықәҧараангьы иҭахаз, мамзаргьы, агәабзиара иаиуз аҧырхага амшала иҧсыз ҳаруаа рҭаацәарақәа зныктәи акомпенсациа аҳасабала ироуаз 15 000 лари ацынхәрас 100 000 лари акомпенсациа раҳҭоит, араагьы аҳәынҭқарреи ҳаиҳабыреи ҳаруаа ишрызныҟәо убарҭоуп, ҧасатәи аиҳабыра ҳгәы зыздуу ҳаруаа ишрызныҟәоз жәдыруеит, ҳаруаа мацара ракәымкәа, ҳполициа аусзуҩцәагьы, рҭаацәарақәагьы.

Иара убас, ҳаруаа фырхацәа рҭаацәарақәа есымзатәи акомпенсациа раҳҭоит, 2014, 2013 шықәсқәа индыркны дара 1000 лари роуан, 2024 шықәса инаркны ари ацхыраара ма акомпенсациа 1200 лари иаҟарахоит.

Насгьы, жәаҳәарада, иазгәасҭар сҭахуп жәларбжьаратәи амиссиақәа рҿы иҭахаз ҳаруаа зегьы рҭаацәарақәа зегьы 2012 шықәса инаркны иахьанӡа анхарҭақәа рыла ишеиқәыршәоу.

Аинтерес зҵоу даҽа информациак шәасҳәар сҭахуп. 2007 шықәсазы иалагеит аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭаз анхарҭақәа рыргылара апроцесс, аха, аиқәшаҳаҭра шыҟазгьы, ҳаруаа рзы корпускгьы дмыргылеит, уадакгьы дмыргылеит.

Ишыжәдыруа еиҧш, анапхгарахьы ҳанааи ашьҭахь, 2013 шықәсазоуп ари апроект активла анагӡара ианалагаз, 2000ҩык иреиҳаны арратә маҵзуҩцәа ауадақәа рыла еиқәыршәоуп.

Иара убас, ҳаруааи рҭаацәарақәеи ирызку аҵара аиура ацхраара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, 5700ҩык раҟара арратә маҵзуҩцәеи рҭаацәарақәа рылахәылацәеи аҵара ахәҧса рзаҳшәоит. Қәҿиарала аҵара зҵо 790ҩык иреиҳаны абенефициарцәа астипендиа раҳҭоит, ҳәарада, уи ҳаҧхьаҟагьы инагӡахароуп.

Сара ҳаҭыр зқәу Џьуаншер Бурҷулаӡеи Атәылахьчара аминистрра аусзуҩцәеи қәҿиарала аусуразы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ҳаруаа рылшамҭақәа, рфырхаҵара иаҳа ахә ҳшьароуп. Ҳаҭыр зқәу Вахтанг Гомелауригьы абри ауп иасҳәар исҭаху, иареи ҳполициа аусзуҩцәеи ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп қәнагарала ҳтәыла амаҵ ахьыруа азыҳәан. Аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла аполициа ахырхарҭала имаҷымкәа зҵакы дуу ареформақәа мҩаҧаагеит. Алҵшәақәагьы лабҿаба иубарҭоуп, ҳгәы зыздуу аполициа ҳамоуп. Иаҳҳәап, араагьы аиҿырҧшра ҟасҵар сҭахуп - 2012 шықәса 9 мза рдыррақәа рыла, ацәгьаурақәа раартра арбага 28% иаҟаран. 2023 шықәсазы ацәгьаурақәа раартра арбага 63% иаҟаран, ҳәарада, ацәгьаурақәа рхыҧхьаӡара арбагагьы акырӡа имаҷхеит. Абри зегьы ҳполициа ареалтә усура иахылҵит, убри азыҳәан ҳаҭыр зқәу Вахтанги ҳполициа аусзуҩцәеи даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ҳәарада, аполициа аусзуҩцәа рџьаусҧса ацҵара ҳалагеит, ари апроцесс ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит. Араагьы, аҵыхәтәантәи ҩышықәса мацараз аџьаусҧса 50%-ла азҳаит. Аминистрра имҩаҧнагаз аахәарақәа аҵакы ду рыман. Сара агежьҧрыгақәа раахәароуп сызлацәажәо. 3 агежьҧрыгак ааҳхәеит, 2024 шықәсазы рыхҧагьы ҳауеит. Автопарк ишеибгоу ирҿыцуп, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыла 1000 иреиҳаны амашьынақәа ааҳхәеит. Ҳәарада, аполициатә аташецәа ринститут арҿиара аҵакы ду аман. 2012 шықәсанӡа аҳәаанырцә иҳаман 4ҩык аполициатә аташецәа, уажәы 36 ҳәынҭқаррақәа рҿы 18-ҩык ҳамоуп. Уи ҳареи Европоли, иара убас, ҳареи НАТО иалоу аҳәынҭқаррақәеи ҳусеицуразы аҵакы ду амоуп. Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла аполициатә инфраструктуразы зынӡа иныхын 500 миллион лари еиҳаны. Ҳәарада, аполициа ахыбрақәеи, абазақәеи, административтә хыбрақәеи, Аҭагылазаашьа ҷыдарақәа рзы амаҵзуреи ирҿыцын, аҳәаатә полициазы ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәаланы, 27 адгьылтә аҳәаатә сектор ҿыцқәа ҳаргылеит, ҳәарада, ари апроцессгьы ҳаҧхьаҟа инагӡахоит. Адҵа ҷыдақәа рзы адепартамент аусзуҩцәа рзы абазақәа ҳаргылоит, ҳәарада, ҳара, иҳалшо ала ари апроцесс ҳацхраауеит, даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп аполициаҿы акрызҵазкәа ареформақәа шымҩаҧгаз. Абиуџьет ҳалацәажәозар, аиҿарҧшразы ишәасҳәар сҭахуп 2012 шықәсазы аполициа 675 миллион лари абиуџьет шамаз, 2024 шықәсазы 1 миллиард 260 миллион абиуџьет амазаауеит. Араагьы аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла 115% азҳара ҳамоуп. Аполициа аусзуҩцәа ртәанчахә иазкны иҳадаҳкылаӡ аӡбареи дара ирымаз 560 лари амаксималтә аҳәаа алимит 1000 лари аҟынӡа аизырҳареи аҵакы ду аман ҳәа сгәы иаанагоит, аполициа аусзуҩцәа ртәанчахә иҵегьы ацҵатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. „Аполициатә ақалақь" салацәажәахьеит. 1000-ҩык раҟара аполицаицәа 2024 шықәсазы, максимум 2025 шықәса иахымгакәа, Қарҭ ақалақьаҿ, Политковскаиа лымҩаҿ ауадақәа роуеит, ҳполициа аусзуҩцәа иаҳа астимул рымазаарц азыҳәан ари апроцессгьы ҳаҧхьаҟа инагӡахоит.

Уажәы, иааркьаҿны, абахҭақәа рҿы аҭагылазаашьа салацәажәар сҭахуп, еиҭасҳәар сҭахуп, ҳара ҳазынтәгьы ибзианы иҳгәалашәоит абахҭақәа рҿы аҭагылазаашьа шыцәгьаз. Ари ацәгьаура асистематә ҟазшьа аман, ауаа рыргәаҟра, гәымбылџьбарала рызныҟәара, амш рылагара, уҳәа, абри зегьы асистематә ҟазшьа аман. Абахҭа аҿыҵәҟьа ауаҩы дыршьыр рылшон, жәаҩыла ауаа иҧсуан, есышықәса абахҭақәа рҿы жәаҩыла ауаа ршьуан. 2012 шықәса ашьҭахь, жәларбжьаратәи аӡбарҭаҿы Қырҭтәыла апенитенциартә системантә ускгьы ахәаҧшразы ирыдрымкылеит, сара Европатәи аӡбарҭоуп сызлацәажәо, ускгьы рыдрымкылеит, аха, шәара ибзиаӡаны ижәдыруеит ҧаса Қырҭтәылантә шәкыла, зқьыла аусқәа шрыдыркылоз, урҭ реиҳара апенитенциартә система аҟынтәи идәықәҵан. Абри апрактика ҿаасҭан, апрактика акәымкәа, абахҭақәа рҿы асистематә ацәгьаура иҟан.

Убри анеҩс, 2012 шықәса ашьҭахь, аминистрцәа зегьы апенитенциартә усбарҭақәа рҿы зҵакы дуу ареформақәа мҩаҧыргеит, рызынтәгьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Арҭ ареформақәа рыбзоурала абаандаҩцәа рынхарҭатә ҭагылазаашьақәа еиҕьхеит, абаандаҩцәа аусурҭала реиқәыршәара амзызла еиҿкаан азанааҭтә азыҟаҵареи аиҭазыҟаҵареи ацентрқәа, иара убас, ишьаҭаркын аҧхьаӡацтә университет, ҳаиҳабыреи ҳминистрцәеи агәыҳалалратә аӡбарақәа рацәа рыдыркылеит.

Арҿыцразы, аинфраструктура зегьы арҿыцразы иныхын 180 миллион лари. Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла абахҭақәа зегьы, апенитенциартә усбарҭақәа зегьы ҳарҿыцит, аинновациатә шьақәыргыламҭа пробоқс аларҵәара аиуит, атәыла зехьынџьара апробационерцәа рзы 20 алокациа ҿыцқәа рҿы иҳаргылеит, ари аҿыцҧшьгара аинтерес ду аҵоуп ҳәа сгәы иаанагоит, ари аҿыцҧшьгара иазҿлымҳахеит аиҩызаратә европатәи аҳәынҭқаррақәа рацәа, дара ртәылақәа рҿгьы ҳҧышәа аладырҵәар рҭахуп.

Сынтәа апенитенциартә закәанеидкыла ҿыц ҳадаҳкылеит, уи хықәкыс иамоуп ахара здуи, иара убас, абаандаҩцәеи ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәаланы рзинқәа рыхьчара агарантиақәа иаҳа рырҕәҕәара. Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла апенитенциартә маҵзура аусушьа аиҕьтәреи, аусзуҩцәа рсоциалтә ахьчара агарантиақәа рырҭбаареи аганахьала зҵакы дуу, арадикалтә аиҭакрақәа ҟалеит. Асистема зегьы ахы инаркны аҵыхәанӡа аҽеиҭанакит, ишыжәдыруа еиҧш, ҧаса, апенитенциартә маҵзура ауаҩы иргәаҟреи, гәымбылџьбарала изныҟәареи иасимволын, ҳара ҳазынтәгьы уи ибзиаӡаны иаадыруеит, ҳажәлар ибзиӡаны ирдыруеит, ҳуааҧсыра рыблала ирбеит дара абаандаҩцәа ишрызныҟәоз, уи еицәоу егьыҟам, абаандаҩы, ҳуааҧсыра, ҳтәылауаа абас урызныҟәозар, иургәаҟуазар, уи еицәоу хымҩаҧгашьак иҟоума.

Иара убас, ҳуааҧсыра иргәаласыршәар сҭахуп - 2011 шықәсатәи адыррақәа рыла, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара европатәи аӡбарҭаҿы ахәаҧшразы ирыдыркылеит Қырҭтәыла иаҿагыланы иалаҵаз 3000 еиҳаны аусқәа, сынтәа урҭ рхыҧхьаӡара 20-нтә имаҷхеит, 147 аҟынӡа имаҷхеит, ҳәарада, уи алагьы иубарҭоуп иахьа апенитенциартә маҵзура ииашаны аус ишауа, ҳаҭыр зқәу Рати Брегаӡеи игәыҧи ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.

Аиустициа аҩнқәагьы иааркьаҿны срылацәажәар сҭахуп, ишыжәдыруа еиҧш, 2012 шықәсазы, анапхгара анаҳга, 12 Аиустициа аҩнқәа иҟан. Иахьазы афилиалқәа рхыҧхьаӡара азҳаит 118 рҟынӡа, ари аус азыҳәан иныхуп 110 миллион лари еиҳаны. Иара убас, Аиустициа аҩнқәа 3 бахҭак рҿгьы иаатуп, уигьы аҿыцҧшьгароуп, адунеиаҿ абри аҩыза афакт уаҳа џьаргьы иҟам. Ҳаҧхьаҟа амуниципалитетқәа зегьы рҿы, Қырҭтәыла зехьынџьара Аиустициа аҩнқәа ааҳартуеит.

Аҵакы ду аман амобилтә Аиустициа аҩны апроект. Қырҭтәыла атәылауаа, 470 инареиҳаны аҳәынҭқарратә сервисқәа рхархәара рылшоит, ари аганахьала атәылауаа зегьы рылшарақәа еиҟароуп, - ашьхаҳаракыратә қыҭақәа ирықәынхо ауааҧсырагьы уахь инрылаҵаны.

Даҽа реформакгьы иааркьаҿны салацәажәар сҭахуп, уи ҵыҧх ҳазлагаз адгьыл асистематә регистрациоуп. Ашәҟәы иҭагалоуп аекономикатә аикәшара иалахәы, аекономикатә арбагақәа рзы анырра бзиа змоу 450 000 еиҳаны адгьылҭыҧқәа. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҧҵан 1000 иреиҳаны аусуратә ҭыҧқәа, ари апроект хыркәшахоит 2024 шықәса анҵәамҭаз.

Уажәы акультуреи аспорти сырзааҭгылар сҭахуп, араагьы зҵакы дуу ареформақәа рацәа мҩаҧгоуп, акрызҵазкәа ақәҿиарақәа ҳамоуп, жәаҳәарада, акультуреи аспорти адунеи зехьынџьара ҳтәыла ахьӡ шьҭызхуа аусхкқәоуп. Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара апроцессаҿ абарҭ аусхкқәа ринтернационализациа аҵакы ду амоуп.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ажәытәӡатә ақырҭуа культура жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны азхаҵара ҕәҕәа аиуит. Аноминациа ҿыц аҳасабала иматериалым акультуратә ҭынха асиа иалагалан аҩыҟаҵара ақырҭуа методи, ақырҭуа анбан 3 хкыки, ақыруа ақәҧареи.

Бельгиеи уи аҳәаа иаҧну атәылақәеи рҿы имҩаҧысуа жәларбжьаратәи афестиваль „Европалиа" аҿы Қырҭтәыла иқәгылеит асас тәыла астатусла. Афестивальтә программа еиқәыршәан Қырҭтәылеи уи акультуреи иазкыз 60 раҟара аусмҩаҧгатәқәа рыла. Ҳаҭыр зқәу Ҭеа ҭабуп ҳәа ласҳәар сҭахуп абри ацәыргақәҵеи афестивали қәҿиарала рымҩаҧгаразы.

Ацәыргақәҵа ҳтәыла ахкырацәаратә ҭоурыхи акультуреи аанарҧшит. Иара убас, қәҿиарала имҩаҧган афольклортәи апрофессионалтәи музыка аконцертқәеи атеатртә ақәыргыламҭақәеи.

Насгьы, иаҵшьны иазәгасҭар сҭахуп Аҩадатәи Европа, Коппенгаген, Луизиана иҟоу Ҳаамҭазтәи аҟазара амузеиаҿ раҧхьаӡа акәны ишымҩаҧгаз Нико Пиросмани ицәыргақәҵа.

Левильтәи ақырҭуаа рнадел Қырҭтәыла иазыхынҳәын 2016 шықәсазы. Уажәазы анадел хәҭак ирҽеиуп. Аҩны аиҭашьақәыргылара аҵыхәтәантәи аетап активла имҩаҧысуеит. Арҭ аусурақәагьы хара имгакәа ихыркәшахоит.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп акультуратә ҭынха абаҟақәа рыхьчареи реиҭашьақәыргылареи ахырхарҭа аҵакы ду шамоу, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла ари ахырхарҭа иазоужьҭуп 100 миллион лари аҟара. Насгьы, иазгәасҭар сҭахуп уаанӡа, 2012 шықәсанӡа, аҳәынҭқарра, ҧырхага ада, уаҳа акгьы шыҟанамҵаз. Ҳаҭыр зқәу Биӡина Иванишвилии афонд "Қарҭу"-и 800 раҟара абаҟақәа еиҭашьақәдыргылеит, ҳәарада, ари апроцесс нагӡахоит. Ҳара, иҳалшо ала, ҳгәыдура хада, акультуратә ҭынха абаҟақәа ҳреиҷаҳароуп. Апланқәа ҳамоуп, анеҩстәи ашықәсқәа рзы 50 инаркны 100 миллион лари аҟынӡа аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә иалхны, ахадаратә ҵакы змоу абаҟа ҷыдақәа комплексла рырҿиаразы жәларбжьаратәи аекспертцәа, аҳәаанырцәтәи аспециалистцәа раагаразы активла аус аауеит.

Ҳәарада, амузеиқәа рырҿиара апроцессгьы инагӡоит. 2021 шықәсазы амузеитә фондқәа рхарҭәаара ҳалагеит. Сынтәа, 100 иреиҳаны аекспонатқәа, урҭ рыбжьара - 91 аҿыханҵаратә ҧҵамҭақәа раахәара иазоужьҭуп 2 000 000 лари еиҳаны. Амузеиқәа рҿы имҩаҧган 118 ацәыргақәҵақәеи 630 аҵарадырра-арккаратә проектқәеи.

Аспорт аҿы иҟоу акрызҵазкәа ақәҿиарақәеи апрогресси сырзааҭгылар сҭахуп - раҧхьа иргыланы, иазгәасҭар сҭахуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аспорттә инфраструктура арҿиаразы ишныхыз 500 миллион лари еиҳаны, аиҭашьақәыргылареи аргылареи азы иныхын 500 миллион лари.

Атәыла еиуеиҧшым ақалақьқәа рҿы имҩаҧган абарҭ апроектқәа:

УЕФА 4-тәи акатегориа иаҵанакәа 11 стадионқәа реиҭашьақәыргылареи, рыргылареи, реибыҭареи. Қарҭ мацара акәымкәа, арегионқәа рҿгьы аспорттә комплексқәа рацәа иргылан, ҳәарада, ари апроцессгьы нагӡахоит. Иара убас, инагӡоит астадионқәа рырҽеиреи реибыҭареи апроцесс. Аспорттә комплексқәа рыргылара. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп 2024 шықәсазы Глдани ишхыркәшахо Қырҭтәыла амилаҭтә олимпиатә резервқәа разыҟаҵаратә центр аиҭашьақәыргылара. 2025 шықәсазы имҩаҧысраны иҟоу аӡынтәи аҿартә олимпиадазы Қарҭ аҵаатә ахани Бакуриани абиатлони ашәаҩатә спорти ринфраструктуреи аргылара ҳалагоит.

Сынтәагьы ҳаҧхьаҟагьы аӡынтәи ашәаҩатә сезон азы Гудаури аҧсшьацәа ирҧылоит 6 ҭыҧк змоу, иаарту, акреслоқәа рыла еибыҭоу ашахамҩа ҿыцқәа ҩба.

Ашахамҩа цыҧхьаӡа 1800-2400-ҩык рымҩангара алшоит. Зыӡбахәы ҳәоу ашахамҩақәа ааҳартуеит ҳазну амчыбжь азы.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп Каспи акортқәа рпроект, сынтәа уаҟа қәҿиарала имҩаҧган жәларбжьаратәи атурнир, Девис ихраҿа.

Ҳәарада, сара ақәҿиарақәеи иалкаау аспорттә хҭысқәеи сырзааҭгылар сҭахуп, сынтәа амассатә спорт аҿиареи аспорт аӡыргареи иазоужьҭын 182 миллион лари, ҵыҧх аасҭа 30 миллион лари ала еиҳаны.

Аспорттә аиҿкаарақәа рфинансыркра азҳаит, иара убас, ҳгәы зыздуу ҳспортсменцәа рықәҿиарақәа згәыдурала иазгәаҭаны, ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, избанзар, сынтәа, 10 мза рыла, еиуеиҧшым аспорттә хкқәа рҿы 1330 амедальқәа ргеит, ҳгәы зыздуу ҳспортсменцәа даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәоит.

Ҵыҧх, 2022 шықәсазы, шықәсык иалагӡаны, 964 амедальқәа ргеит, ҵыҧх ақырҭуа аҳәса спортсментцәа 100 раҟара амедальқәа роуит, сынтәа абри аҩызаҵәҟьа алҵшәа рымоуп 8 мза рыла.

Сынтәа Қырҭтәыла зҵакы дуу жәларбжьаратәи атурнир мҩаҧган, Қырҭтәыла 21 шықәсанӡа зхыҵуа ашьапылампыласҩцәа рчемпионат амҩаҧгаразы ибзианы иазыҟаҵан, 11 ашьапылампылтә ашҭақәа иргылан ма шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылан, афиналтә матч мҩаҧган Баҭым, астадион ссир аҿы.

Сынтәа, Қырҭтәыла аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, Бакуриани имҩаҧган ашәаҩатә фристаили, фриски, сноуборди рзы адунеи ачемпионат. Уигьы ҳтәылазы аинтерес зҵаз ҧышәан ҳәа сгәы иаанагоит, Бакуриани иаҭааит 42 аҳәынҭқаррақәа рҟынтә 700ҩык раҟара аспортсментцәа. Аиҿкааратә зҵаарақәа рҭыҧқәҵаразы аҳәынҭқарра ала иныхын 300 миллион лари. Иашьашәалоу аинфраструктура иргылан, - ашахамҩа ҿыцқәа хҧа; Дилвели-Кохта-Митарби аореалаҿ ишьақәыргылан 30 километр аура змоу иҧсабратәым асы ақәҵаратә система; ашәаҩамҩа ҿыц еиҿкаан.

Иара убас, сынтәа ишыҳаӡбаз ала, 2024 шықәсазы, Қырҭтәыла аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, Ҭеҭнулда акурортаҿ фрираид азы адунеитә тур мҩаҧысуеит. Местиа фрираид азы адунеитә ахырхарҭа ҿыцс иҟалеит, акурорт Ҭеҭнулда фрираид абзиабаҩцәа рзы аҭыҧ ҷыдас иҟалеит.

Ҳәарада, ҳгәы зыздуу ҳспортсменцәа Париж имҩаҧысраны иҟоу аолимпиатә хәмаррақәа рзы рҽазыҟарҵоит, Париж арҭ ахәмаррақәа мҩаҧысуеит 2024 шықәса ҧхынгәы 26 инаркны нанҳәа 11 иналаҧхьаӡаны, иахьазы ҳспортсментцәа, аофициалла 4 лицензиак роухьеит, убри адагьы, иҵегьы 11 лицензиақәа роураны иҟоуп, иара убас, иазгәаҭатәуп нанҳәа 28 инаркны цәыббра 8 иналаҧхьаӡаны Париж апараолимпиатә хәамаррақәа шымҩаҧысуа, ақырҭуа спортсменцәа арҭ аицлабрақәа рылахәызааразы алицензиа иазықәҧоит, иахьазы 10ҩык апараспортсменцәа алицензиа роухьеит, ҳәарада, амилаҭтә олимпиатәи ақәратәи аизгақәа рылахәылацәеи, разыҟаҵаҩцәеи, административтә персонали, аҳақьымцәеи, иара убас, аперспектива змоу аспортсменцәеи рстипендиақәа азҳауеит, ажьырныҳәа инаркны ари апрограмма рхы иадырхәоит 1200ҩык раҟара абенефициарцәа, абенефициарцәа рхыҧхьаӡара азҳаит 50 наӡынала.

Аҿартә лагерқәа рырҿиара азҵаарагьы сазааҭгылар сҭахуп, ишыжәдыруа еиҧш, аҿар русқәа рзы агентра Аҵара аминистррашҟа ииасит, аҵара аминистр аидеиа ҿыцқәа имоуп, аҿартә политика аҿиара иадҳәаланы ахәаҧшыра ҿыцқәа имоуп, аҿартә лагерқәа рырҿиара азҵаареи, инеизакны аҿар русқәеи иаҳа хшыҩзышьҭра рзаауеит.

Насгьы, аҩызцәа, аҵыхәтәаны, уажәы сызлацәажәаз зегьы еихшьааланы, Қырҭтәыла апрогресси аглобалтә аҩаӡараҟны ҳпозициақәа реиҕьхареи аазырҧшуа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ицәырыргаз ареитингқәа сырзааҭгылар сҭахуп.

Раҧхьа иргыланы иазгәасҭар сҭахуп аиҿкаара „Адемократиа ахкырацәара" сынтәатәи „Адемократиа аҳасабырба" аҿы адемократизациа 10-шықәсатәи апрогресс ала Қырҭтәыла адунеи 179 ҳәынҭқаррақәа рыгәҭа иреиҕьу жәа-ҳәынҭқаррак реиқәыҧхьаӡа ишалоу. Уи 11 шықәса рыҩныҵҟала имҩаҧаагаз аусура иабзоуроуп. Адемократизациа аҳасабырбаҿы ҳтәыла 180 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә иреиҕьу жәа-ҳәынҭқаррак иреиуп.

„World Justice Project" „Азин аиҳаӡара аиндеқс" инақәыршәаны, 2023 шықәсазы Қырҭтәыла Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи атәылақәа рыбжьара актәи аҭыҧ ааннакылеит, абжьаратә хашәала змоу атәылақәа рыгәҭа афбатәи аҭыҧаҿ игылоуп.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп акоррупциа аҟынтә ахақәиҭра аиндекс аҿы сынтәа Қырҭтәыла, адунеиаҿ 33-тәи аҭыҧ ааннакылеит, Европаҿ иреиҕьу ҩажәа ҳәынҭқаррақәа иреиуп, Ацентртә Азиа атәылақәа рыбжьара актәи аҭыҧ аанаҳкылоит.

„Аглобалтә напхгараҭара аиндикаторқәа" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Адунеи абанк ицәырнагаз Адунеизегьтәи аекономикатә форум „Аглобалтә конкуренциалшара иазку аҳасабырба" аҿы, аиҳабыра русушьа иазку акатегориаҿы, Қырҭтәыла Евроеидгылеи НАТОи иалоу аҳәынҭқаррақәа рацәа ирҧысит. Акоррупциа ахылаҧшра ареитинг аҿы Қырҭтәыла, адунеиаҿ, 20-тәи аҭыҧ, Европаҿ 11-тәи аҭыҧ ааннакылоит, ҧасатәи Асоветтә Еидгыла атәылақәа рыгәҭа аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп.

Иара убас, аҳасабырба инақәыршәаны, Азакәан аиҳаӡара иазку европатәи ареитинг аҿы Қырҭтәыла, адунеиаҿ 29-тәи, Европаҿ 14-тәи, ҧасатәи асоветтә ҳәынҭқаррақәа рыгәҭа 3-тәи аҭыҧ ааннакылоит.

Арегулиациақәа рхаҭабзиара ала, Қырҭтәыла, аекономикақәа рыбжьара 7-тәи аҭыҧ ааннакылоит, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара 9-тәи аҭыҧаҿ игылоуп.

Аглобалтә атәылауаҩратә уаажәларра аиҿкаара „Transparency International" 2022 шықәсазы ицәырнагаз „Акоррупциа аарҧшра аиндекс" аҿы, Қырҭтәыла, 180 ҳәынҭқаррақәа рыбжьара 41-тәи аҭыҧаҿ игылоуп, арегионаҿ аҧхьагылара амоуп.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп Европа антикоррупциатәи аҳәынҭқарра аргыларатәи ҭҵаарақәа рцентр (ERCAS) ицәырнагаз аҳасабырба „Аибашьраан аартызаара" инақәыршәаны, иахьатәи „Аартызаара аиндекс" аҿы Қырҭтәыла 17-тәи аҭыҧ ааннакылоит, Евроеидгыла иалоу 15 ҳәынҭқаррақәеи G7 иалоу аҳәынҭқаррақәа рҟынтә 4 ҳәынҭқарраки иреиҕьуп.

„Fraser Institute" „Адунеи аекономикатә хақәиҭра аҳасабырба" инақәыршәаны, Қырҭтәыла 165 аҳәынҭқаррақәа рыбжьара адунеи иреиҕьу 25 ҳәынҭқаррақәа иреиуп, адунеиаҿ зегьы реиҳа зхы иақәиҭу аекономикақәа иреиуп.

„Freedom House" ицәырнагаз „Аинтернет ахақәиҭра аиндекс" инақәыршәаны, Қырҭтәыла, 100 баллқәа рҟынтә 76 баллқәа анаршьан, „Зхы иақәиҭу аҳәынҭқаррақәа" рсиаҿы адунеи 70 ҳәынҭқаррақәа рыгәҭа 9-тәи аҭыҧ ааннакылеит.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп Авалиутатә фонд 2022-2028 шықәсқәа рзтәи ирҿыцу ахәшьараҭареи акыраамҭалатәи азҧхьагәаҭарақәеи инрықәыршәаны, Қырҭтәыла, адунеиаҿ аҩбатәи аҭыҧ шааннакыло, мрагыларатә асферабжаҿы актәи аҭыҧаҿ игылоуп абарҭ арбагақәа рыла: 2022-2028 шықәсқәа рзы уаҩҧсык изы аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа азҳара; иара убас, аахәаралшара апаритет инақәыршәаны, уаҩҧсык изы аноминалтә економика азҳара аласреи аахәаралшара апаритети инрықәыршәаны уаҩҧсык изы аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа азҳара еснагьтәи ахәқәа рҿы.

Адунеиаҿ аҧхьагылара змоу швеицариатәи аналитикатә центр - Global Risk Profile ицәырнагеит - „Аглобалтә коррупциа аиндекс 2023". Ари аиндекс аҿы Қырҭтәыла апозициа 2 ҭыҧк рыла еиҕьхеит, адунеи 200 ҳәынҭқаррақәеи аҵакырадгьылқәеи рыбжьара иреиҕьу 25% ирыҵанакуеит, 43-тәи аҭыҧ ааннакылоит; Амшын еиқәа аҟәареи, Кавкази, Ацентртә Азиеи рҿы, ҳәарада, актәи аҭыҧ ааннакылоит, „Акоррупциа аҩаӡара маҷ" инақәыршәаны, Қырҭтәыла актәи аҭыҧаҿ игылоуп.

Иаарту абиуџьет аиндекс инақәыршәаны, 10 шықәса раҧхьа Қырҭтәыла иҧку аартызаара змоу атәылақәа иреиун. 10 шықәса раҧхьа Қырҭтәыла иҧку аартызаара ахьыҟаз тәылан. 2022 шықәсазы „Иаарту абиуџьет аиндекс" ала, Қырҭтәыла, абиуџьет аартызаара инақәыршәаны, адунеиаҿ актәи аҭыҧ ааннакылоит. Абри ауп апрогрессҵәҟьа иаанаго.

Анапхгараҭара ахаҭабзиара ала, Қырҭтәыла, арегион мацараҿ акәымкәа, Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус змоу атәылақәа рыбжьарагьы иалкаауп, уи еиҳангьы, аиндикаторқәа рацәа рҿы Евроеидгыла иалоу 10 инареиҳаны аҳәынҭқаррақәеи акандидат астатус змоу 8 ҳәынҭқарраки иреиҕьуп.

Адунеи абанк ицәырнагаз анапхгараҭара аиндикаторқәа инрықәыршәаны, арегулиациа ахаҭабзиара ала, Қырҭтәыла, Евроеидгыла иалоу 13 ҳәынҭқаррақәеи акандидат-тәылақәа зегьи иреиҕьуп.

Акоррупциа ахылаҧшра аиндикатораҿ Қырҭтәыла Евроеидгыла иалоу 10 ҳәынҭқарраки акандидат астатус змоу атәылақәеи раҧхьа игылоуп, аиҳабыра русура алҵшәара аиндикатораҿ Қырҭтәыла Евроеидгыла иалоу 8 ҳәынҭқарраки акандидат астатус змоу аҳәынҭқаррақәеи раҧхьа игылоуп.

Абарҭ алҵшәақәа роуп аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла ҳаиҳабыра ироуз. Аминистрцәа ркабинети, аиҳабыреи, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәеи даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.

Ҳпартиа, ҳпарламент, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы уҳәа, абарҭ ақәҿиарақәа раиура зыбзоуроу ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Европатәи ҳпартниорцәеи америкатә ҳҩызцәеи даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәоит, даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп сынтәа ҳара зҵакы дуу аетап ҳшахысыз, аха, ҳтәыла иаҳа зҵакы дуу, анеҩстәи аетапахь ииасит.

Мышқәак раҧхьа исҳәаз ажәақәа еиҭасҳәар сҭахуп: Қырҭтәыла европатәи ҳәынҭқаррас иҟалеит. Ҳтәыла европатәи аҳәынҭқарраҵәҟьас иҟаларцаз, уажәы иаҳа активла, иаҳа идуу амотивациала, иаҳа ирацәаны аусқәа ҟаҵатәуп, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, ҳгәахәтәы хада наҳагӡароуп, ҳтәыла адеокупациеи, ҳтәыла аидҵареи, иқәҿиароу ҳәынҭқаррас аҟаҵареи ҳалшароуп.

Даараӡа иҭабуп, ҳазҭало ашықәс азы ақәҿиарақәеи, агәабзиареи, аҭынчреи шәзеиҕьасшьоит! Даараӡа иҭабуп!