Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр - Иракли Кобахиӡеи, адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа авице-ахада Жозеп Боррели, европатәи агәыларатә политикеи арҭбаара азҵаарақәеи рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи еицымҩаҧыргаз апрессконференциа Print Version

2024-02-20

Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа авице-ахада Жозеп Боррель:

„Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, сықәгылара алагамҭаз салам шәысҭар сҭахуп. Ҳаҭыр зқәу Иракли, бзиала шәаабеит. Шәара раҧхьатәи адәныҟатәи авизит мҩаҧыжәгоит, Бриуссельҟа шәаара афак ала шәара даҽазнык ишьақәшәырҕәҕәеит Қырҭтәыла европатәи амҩа шәара шәзы аҵакы ду шамоу.

Акандидат атәыла аҳасабала, иахьа Ассоциациа ахеилак раҧхьатәи аилатәара мҩаҧаагоит, ҳаизыҟазаашьақәа астратегиатә фаза ҿыц ашҟа ииасуеит. Иахьатәи адискуссиа иаҵшьны иазгәанаҭоит Қырҭтәыла европатәи амҩаҿ иузмыргежьуа апрогресс аиуразы ҳара ҳазынтәгьы аҭакҧхықәра ҳхы ишадаҳҵаз. Агәра ганы сыҟоуп шәареи арҭбаара азҵаарақәа рзы еврокомиссари уи аҿы шәышсықәшаҳаҭу. Иаҵшьны иазгәасҭоит - иузмыргежьуа!

Иҟашәҵаша жәдыруеит. Акандидат астатус аҽазышәара ҿыц аҭахуп, уи аиҳабыреи, аоппозициеи, егьырҭ ахәмарҩцәеи, урҭ рыбжьара - атәылауаҩратә уаажәларреи рҭакҧхықәра азнарҳауеит. Ақырҭуаа зегьы, баша ауааҧсырагьы хымҧада ареформақәа рымҩаҧгара апроцесс иалахәызароуп.

Азин сышәҭозар, 3 зҵаарак сырзааҭгылар сҭахуп, избанзар, аамҭа ҳацәмаҷуп, насгьы, иахьа шьыжь инаркны абарҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәоит.

Раҧхьа иргыланы иазгәасҭар сҭахуп ареформақәа иаҳа ирласны ишымҩаҧгатәу. Арҭ ареформақәа иреиуп Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭоу хырхарҭақәак, уи Еврокомиссиа абжьагарақәа рҿы иарбоу 9 шьаҿак рынагӡара иацхраауеит. Убри азыҳәан шәхы иашәырхәароуп активтә атәылауаҩратә уаажәларра, ишысҳәаз еиҧш, ауааҧсыра зегьы ари апроцесс иалахәызароуп, уи аҵакы ду амоуп. Аполитикатә аибарххара армаҷразы зҵакы дуу ашьаҿақәа ҟаҵатәуп.

Аҩбатәи азҵаара - ишыжәдыруа еиҧш, Евроеидгыла - азеиҧш принципқәа рышьаҭала иаҧҵоу аидгылоуп. Ари ашьаҭа иаҳа-иаҳа аҵакы аиуеит, избанзар, иуадаҩӡоу, ишәарҭоу агеополитикатә лагылазаараҿы анхара ҳақәшәеит. Евроеидгыла алалара иазку шәстратегиатә хықәкы сазыразуп. Ари аҽазышәара ишазҳауа аадыруеит, уажәазы хәыҷык азҳаит, аха, иҳадаҳкыло аӡбарақәа рыбзоурала, Евроеидгыла имҩаҧнаго адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадара аполитикеи ашьашәалазаара иаҳа иазҳауеит. Анеҩстәи ашықәсқәа рзы ари ашьашәалазаара иаҳа иазҳап ҳәа ҳгәыҕуеит. Иара убас, ҳара даараӡа ҳаргәамҵуеит мраҭашәара иаҿагыло адезинформациеи ариторикеи аларҵәара, шәара шәахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аинформациала аманипулиациеи атәым мчқәа рҽалагалара аҿагылареи азыҳәан ишәылшо зегьы ҟашәҵарц. Евроеидгыла алхрақәа рыҿҳәара ааигәахоит, убри аҟынтә, ари апроцесс амасштабқәа иаҳа идухоит, уи шәпарламенттә алхрақәа раангьы ицәырҵыр ауеит.

Ахҧатәи азҵаара - сынтәа шәара, ақырҭуа демократиа аганахьала зҵакы дуу аҧышәара аҭира шәықәшәоит. Ари азҵаара алхратә процесс иадҳәалоуп, уажәраанӡа имҩаҧгаз Қырҭтәыла алхратә система ареформа сазыразуп, шәара шәахь ааҧхьара ҟасҵоит - зхы иақәиҭу, иашоу, аконкуренциа ахьыҟало апарламенттә алхрақәа реиқәыршәаразы, Венециатәи акомиссиа абжьагарақәа зегьы рынагӡара амзызла, анеҩстәи алхрақәа рҟнынӡа ари ареформа аҵыхәанӡа инашәыгӡароуп.

Аҵыхәтәаны, зҵакы дуу даҽа зҵаарак сазааҭгылар сҭахуп, - иахьатәи аилатәараҿы азеиҧш ҽазышәарала Қырҭтәыла алҵшәара шҳардуша инарҭбаны ҳалацәажәеит. Ҳара шәтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылара аидеиа ҳазгәыкуп. Арегионаҿ ахаҭарнак ҷыда дҳамоуп, Евроеидгыла амониторинг амиссиагьы ҳамоуп, уи арегионаҿ зегьы реиҳа зыҿҳәара дуу миссиоуп. Зыӡбахәы ҳәоу амиссиа, есымша шәуааҧсыра ирыхәаша зҵакы дуу аусқәа ҟанаҵоит ҳәа сгәы иаанагоит. Иара убас, ашәарҭадареи ахыхьчареи аусхкқәа рҿы Қырҭтәылаҟны аусеицура акырӡа иҳарҭбааит. Уи ҳалшеит „Европа аҭынчратә механизм" абзоурала, уи алогистикеи, аилазаашьеи, аҵаки иахьазы иалаҵоуп 6.3 миллион евро. Сынтәа ари ахырхарҭала ацхыраара иаҳа иазҳауеит. Ҳусеицура амҽхак ҭбаауп, уи ала иазҧхьагәаҭоуп Евроеидгыла атәылауаҩратә шәарҭадара амеханизм ашҟа шәалалара. Ари азҵааразы ашықәс анҵәамҭаз ҳаиқәшаҳаҭхоит.

Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, ҵыҧх, цәыббразы Қырҭтәыла саныҟаз, Евроеидгыла абираҟқәа рырацәара сыхнахит, Қарҭ, адәахьы, зехьынџьара абираҟқәа рацәа збеит. Аханатә сара абас исҧылоит ҳәа сгәы иаанагеит, аха, свизитынӡагьы свизит ашьҭахьгьы убасҵәҟьоуп ишыҟоу. Сара - иреиҳаӡоу ахаҭарнак - изакәызаалак ак ала ари афакт садҳәаламызт. Убри алагьы иубарҭоуп шәтәылауаа европатәи аидеиа ишазгәыку, шәара шәуааҧсыра ргәазыҳәара анагӡаразы аҭак шәыҧхықәуп. Ҳаргьы, Евроеидгыла ахаҭарнакцәагьы аҧхықәрақәа ҳамоуп, ҳшәыдгыланы, абри аҭоурыхтә алшара ҳхы иархәаны, Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алаларазы, шәтәыла алҵшәара аизырҳаразы, шәҵакырадгьылтә акзаара ахьчаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп. Даараӡа иҭабуп!"


Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе:

„Даараӡа иҭабуп! Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнаки еврокомиссари, салам шәысҭоит! Бриуссель, Евроеидгылаҿ ҳадкыларазы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит.

Иахьа, Қырҭтәыла-Евроеидгылатә ассоциациа ахеилак аилатәараҿы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рзы зҵакы дуу аетаптә хҭыс ҟалеит, даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара амзызла акандидат астатус анашьара иазку аҭоурыхтә аӡбара аҵакы.

Аҧыза-министр иаҳасабла Қырҭтәыла аделегациа ахагылара сара сзы ҳаҭыр дууп. Иахьатәи аиҧылара ҳпартниорраҿы зҵакы дуу амҩеихысырҭоуп.

Евроеидгылаҟны астратегиатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара - Қырҭтәылазгы, иара убас, европатәи аиҩызара алалареи азеиҧш принципқәа рыдкылареи иазҧхьагәазҭо аҧхықәрақәа рынагӡаразгьы аҵакы ду амоуп.

Иахьатәи аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳазлацәажәаз апрогресс еиқәыршәан еиуеиҧшым ауадаҩрақәеи апроблемақәеи аныҟаз аамҭазы, ҧхьаҟа зхы рхаз ашьаҿа цыҧхьаӡа аусура ду иахылҵит. Ҳара ари апрогресс ҳазгәыкуп, ҳхықәкы хада анагӡаразы имариоу амҩа ҳашьҭам.

Ассоциациа ахеилак иахьатәи аилатәара алшара бзиа ҳнаҭеит Қырҭтәыла апрогресси Евроеидгыла алалара апроцесси алацәажәаразы. Қырҭтәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа рынагӡара шаҭаху аанарҧшит, наҟ-наҟгьы абасҵәҟьа ирласны, қәҿиарала аусура анагӡара ҳазыхиоуп.

Европатәи ахеилак аҵыхтәантәи аӡбара аднакылаанӡа, 2023 шықәса абҵаразы ицәыргаз Еврокомиссиа акоммиунике аҿы иарбоу ахадаратә шьаҿақәа рыҟаҵара амзызла, абри аҩызаҵәҟьа агәалаҟазаарала ауснагӡатәқәа рплан анагӡара ҳалагеит.

Иахьа еиҭашьақәсырҕәҕәоит Қырҭтәыла аиҳабыра, анеҩстәи аетапахь аиасра амзызла, аусхәаҧштә аҿы иарбоу ахадаратә зҵаарақәа зегьы ирыдҳәаланы, Еврокомиссиеи егьырҭ европатәи аусбарҭақәеи рҿы ҳколлегацәа рҟны аусеицура анагӡара ишазҿлымҳау.

Ҳара хықәкыс иҳамоуп Евроеидгыла алаларазы хара имгакәа аиҿцәажәарақәа ралагара. Ахеилак аилатәараҿы Қырҭтәыла аекономикатә алҵшәақәеи, зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа апринципқәа рышьаҭала иаку европатәи аџьармыкьашҟа аинтеграциа аперспективақәеи ҳрылацәажәеит.

Ахадаратә реформақәа рымҩаҧгара абзоурала, Қырҭтәыла алҵшәа бзиақәа аман апандемиа алҵреи ирласӡаны аекономика аиҭашьақәыргылареи аганахьала. Ҳара инеишьҭаргыланы ҩышықәса рыҩныҵҟа - 2021-и 2022-и ашықәсқәа рзы, ҩ-хыҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара ҳаман, ари атенденциа 2023 шықәсазгьы инагӡан, убри ала ҳара апандемианӡатәи аҭагылазаашьа ҳазыхынҳәит.

Қәҿиарала ареформақәа рымҩаҧгара аидеиа ҳазгәыкуп, ҳекономикатә ҭагылазаашьа иаҳа еиҕьаҳтәуеит. Аамҭакала, аекономикатә аҿиареи ҧхьаҟацареи наҳагӡоит, уи Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла аинтеграциазы аҵакы ду амоуп. Ари аганахьала, аҧыжәара змоу ауснагӡатәқәа рплан аиқәыршәаразы, Еврокомиссиа аус ацура ҳазыхиоуп, уи Евроеидгылашҟа аекономикатә интеграциа наӡа алҵшәақәа рхархәара алшара ҳнаҭоит.

Зҵакы дуу апроблемақәа ахьцәырҵыз арегионаҿ Қырҭтәыла Евроеидгылазы зыгәрагоу адгылаҩс, апартниорс иаанхоит. Ҳара хықәкыс иҳамоуп арегионаҿ аҭынчреи, аҭышәынәталареи, апрогресси аиқәыршәараҿы алагала аҟаҵареи аусеицуреи. Абри апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны, Евроеидгылаҿ ҳпартниорцәа рҟны аимадарақәа наҳагӡоит, ҳара ҳрегиони Европеи хырҳагара ду рзаазго аекономикатә проект дуқәеи аимадара аизырҳара иазку апроектқәеи ҳрылацәажәеит.

Иахьатәи аилатәараҿы Евроеидгыла атәылауаҩратә ахьчара амеханизм иадҳәалоу Еврокомиссиа аҽазышәара ҳадгылеит. Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵаразы иҟоу алшарақәеи уажәгьы инагӡо ампыҵахалара алҵшәақәеи ҳрылацәажәеит. Ари аконтекстаҿ, европатәи ҳпартниорцәа даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы. Аимакқәа аҭынчмҩала рҭыҧқәҵара апроцессаҿ еиуеиҧшым ахархәагақәа рыла иҟашәҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит.

Абарҭ ахархәагақәа аҭыҧаҿ аҭынчра ахьчара еиқәдыршәоит. Агәра ганы сыҟоуп аҭынчра абзоурала Қырҭтәылагьы, арегионаҿгьы иаҳа аҭышәынтәалареи ҧхьаҟаҵареи аиқәыршәара шҳалшо. Даараӡа иҭабуп!"

 

Европатәи агәыларатә политикеи арҭбаара азҵаарақәеи рзы еврокомиссар - Оливер Варҳеи:

„Раҧхьа иргыланы, Қырҭтәыла аҧыза-министр - ҳаҭыр зқәу Иракли Кобахиӡе Бриуссель аҧсшәа иасҳәар сҭахуп. Ҳара абра раҧхьаӡа акәны ҳаиҧылоит, агәра ганы сыҟоуп иахьатәи адискуссиа ашьҭахь хара имгакәа, даҽа дискуссиак шымҩаҧааго. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп активла аусура ҳшалагаз, насгьы, ирццаку арежимаҿ.

Ҩымз раҧхьа Қырҭтәыла ианашьаз акандидат астатус хырҳагара ахылҵит ҳәа сгәы иаанагоит, уи адивидентқәагьы азаанагеит. Уи Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари мацара ирзуҳәар ҟалом, уи Евроеидгыла азгьы иуҳәар ҟалоит. Убри аҟынтә, иахьатәи адискуссиа аихшьаала азутәызар, абри аҩыза аихшьаала ҟаҳҵар ҳалшоит: ҳҽазышәара арццакразы ҳаиқәшаҳаҭхеит - Евроеидгылашҟа зхы рхоу амҩаҿ аконсолидациатә уснагӡатәқәа, мамзаргьы, макьана инагӡатәу 9 шьаҿак, ма аекономикатәи аинвестициатәи аплан анагӡара, аекономикатә реформақәа рымҩаҧгара уҳәа, Қырҭтәыла, европатәи ҳәынҭқарраҵәҟьас иҟаларц, европатәи аџьармыкьа иалаларц азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҵатәуп.

Шәааи, абарҭ ахырхарҭақәа зегьы ҳарзааҭгылап: ишаабаз ала, арҭбаара ахырхарҭала, Қырҭтәыла иазышьақәыргылаз аҳәарақәа рынагӡара шаҭахыз аабеит, егьынанагӡеит. Уи ҳлидерцәа ирыдыркылаз аӡбарагьы ианыҧшит, убри азоуп ари аӡбара акапитализациа аҵакы ду замоу. Убри азоуп ақырҭуа ҳҩызцәа ҳазрыҳәоз аӡбарҭа ареформеи аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭоу егьырҭ ахырхарҭақәеи, 9 шьаҿак рынагӡареи азы аццакра ацырҵарц. Абри зегьы анеҩстәи аетапахь аиасра азоуп изыҟаҳҵоз, избанзар, абри аҳасабтә хықәкыс иамоуп Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара. Убри аҟынтә, абра ҳаангылом, ҳаҧхьаҟа иҟаҵатәу аусқәа рацәоуп. Акандидат астатус змоу атәыла иҟанаҵаша аусқәа иаҳа ирацәоуп.

Аекономикатәи аинвестициатәи план иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп - Қырҭтәыла акапиталлагалара амзызла 1.9 миллиард евро аизгара ахьҳалшаз даараӡа сеигәырҕьоит. Абарҭ аинвестициақәа аенергетикеи, атранспорти, афинансқәа раиуреи, анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи, аҧсабара ахьчареи, ауаҩы иҿиареи уҳәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа ирылаҳҵоит. Абри акапиталлагалара абзоурала аусуратә ҭыҧқәа рацәахоит, аекономикатә азҳара ацлоит. Сгәы ишаанаго ала, ари аплан абзоурала апотенциал ду ҳауит, ҳара уи ахархәаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Убри аҟынтә, аццакреи аҽазышәареи ацҵатәуп.

Сгәы ишаанаго ала, зегьы реиҳа зҵакы дуу проектуп Амшын еиқәа аӡаҵантәи акабели аинтернети апроект. Уи зымҽхак ду аетаптә проектуп. Уи еиҳангьы, Евроеидгыла егьырҭ апартниорцәа рзы напхгагас иҟалар ауеит. Араҟа Мрагылратә партниорра атәылақәа мацара ракәымкәа, аладатәи ҳгәылацәагьы, иаҳҳәап, Мраҭашәаратә Балканқәагьы ҳрылацәажәоит. Ҳара иаҧаҳҵаз амодель, - Қырҭтәыла ала афымца иаҵәеи зыццакра дуу ацәаҳәаҭбаатә интернети Европа аҭара амодель егьырҭ ҳпартниорцәа зегьы напхгагас ирзыҟалоит.

Жәаҳәарада,ҳара атранспорттә аимадарақәагьы ҳрылацәажәеит, урҭ рҳәаақәа ирҭагӡаны еиқәыршәоу ахәаахәҭратә маршрутқәа аҵакы ду рымоуп. Қырҭтәыла, ахәаахәҭратә маршрут ҿыц центрс иҟаларц азыҳәан апотенциал наӡа амоуп, аха, убри азыҳәан, Амшын еиқәа Европаҟа зхы рхоу корридорс иҟалароуп. Абри ахықәкы анагӡаразы Қырҭтәыла абаҕәазатә инфраструктура аиҕьтәра ҳақәшәоит.

Иара убас, зегьы реиҳа зҵакы дуу, европатәи ажаргонла заанаҵтәи аинтеграциа ҳалацәажәеит, уи Қырҭтәылазы иаарту алшароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Раҧхьатәи ҩ-хырхарҭак рыла ҧхьаҟа ҳцахьеит. Урҭ роуп ароуминги иаку аҳасабырбаратә системеи. Ароуминг ахәҭаҿы Қырҭтәыла аиҳабыра ирласны ҧхьаҟа ицеит, Қырҭтәыла европатәи ароуминг қәыҧшылара алахәылас иҟаларцаз Европатәи ахеилакахь аҳәара ҟаҳҵаратәы ахархәагақәа зегьы ҳамоуп. Уи абзоурала, Қырҭтәылаҿ, аныҟәара ицо ақырҭуаа рзы, иара убас, Европа инхо ма аус зуа ақырҭуаа рзгьы ароуминги адыррақәа реиҭныҧсахлареи иадҳәалоу ахарџьқәа акырӡа имаҷхоит. Уигьы атәыла ауааҧсыра рзы зҵакы дуу аиҭакрахоит ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, ауаа арҭ аҧыжәарақәа лабҿаба ирбоит, рхы иадырхәоит. Абригьы, авизадатә режим инаваргыланы, зҵакы дуу ақәҿиароуп ҳәа сгәы иаанагоит.

Аус здаауло егьи ахырхарҭа - иаку европатәи аҳасабырбаратә қәыҧшылара. Ҳаҧхьаҟа абраҟа иҟаҵатәу рацәоуп, аха, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳара ҳшаарту. Қырҭтәыла, азакәанҧҵаратә ашьашәалазаареи атәыла абанктә системаҿы ҳаҧҟарақәа рықәныҟәара агәырҵҟули аганахьала имазеины ианыҟалалак, ҳара, ирласӡаны, иаку европатәи аҳасабырбаратә қәыҧшыларашҟа Қырҭтәыла алалара еиқәҳаршәоит.

Ҳазынтәгьы ибзиаӡаны иаадыруеит Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара ишаҵанакуа, аилатәараҿы уи ибзиаӡаны иубарҭан, избанзар, ҩымз раҧхьа Европатәи ахеилак аӡбара анаднакыла ашьҭахь, аццакра ацаҳҵеит. Даараӡа иҭабуп!"