2024-04-14
Қырҭтәыла апартниор тәылақәа рҟны аизыҟазаашьақәа иреиҷаҳауеит. Ҳтәыла адәныҟатәи аполитикаҿы ахадаратә ҧыжәара - Евроеидгылашҟа аинтеграциа иазҧхьагәаҭаны, Америкеи, Евроеидгылеи, Евроеидгыла иалоу атәылақәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа аус рыцуреи ргәаанагара аилкаареи ҳара ҳзы аҵакы ҷыда амоуп. Қырҭтәыла жәларбжьаратәи позициақәа рырҕәҕәара амзызла ацҳаражәҳәаҩцәа иҟарҵо адгыларатә шьаҿақәеи аҳәамҭақәеи рыхә ҳшьоит, дара рыбжьагарақәа ҳаҧхьаҟагьы хшыҩзышьҭра ду рзаауеит.
Аҵыхтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла ахархәара змаз апрактика иашьашәаланы, атәым дипломатцәа уажәгьы атәылаҿ имҩаҧысуа аполитикатә дебатқәа активла ирылахәып.
Дара азакәанҧҵаратә функциа анагӡарагьы интенсивла рҽазыркуеит, азакәанҧҵаратә процессқәа ирылахәызар рҭахуп, ахаҭарнакратә демократиа аорган хада - ақырҭуа жәлар иалырхыз апарламент алахәылацәа ирыҵарҳәоит иарбан закәану ирыдыркылаша.
Аполитикатә оппозициаа рцынхәрас абри аҩыза ашьаҿақәа рыҟаҵара апрактика адипломатиа астандартқәа ирышьашәалам, аха, аоппозициаа рполитикатәи ринтеллектуалтәи ресурсқәа рмаҷра иазҧхьагәаҭаны, ҳара, рхымҩаҧгашьа хәҭала еилаҳкаауеит.
Аха, маӡала аларҵәара змоу егьи апрактика ҳзақәшаҳаҭхом, лымкаала, атәым дипломатцәа, ашәқәа ркны, ҳаргументқәа аргументқәа рыла аҭак рымҭақәа, иаарту ақәыҧшылараҿы изакәызаалак шьаҭак зҵам аполитикатә ҳәамҭақәа ҟарҵоит.
Иҳаҩсыз амшқәа рзы, „Атәым анырра аартызаара иазку" азакәанпроект иадҳәаланы атәым дипломатцәақәак ркритикатә ҳәамҭақәа ҳаҳаит. Иара убас, ҳполитикатә оппонентцәа рҳәамҭақәа реиҧшҵәҟьа, адипломатцәа рҳәамҭақәагьы иҵаҵгәыркымызт, изакәызаалак шьаҭак рыҵамызт.
Аартызаареи аргаматәреи агра аҽацәыхьчаразы иреиҕьу хархәагоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Атәым дипломатцәа рҟынтә лассы-лассы иҳаҳауа иҵаҵгәыркым акритика амшала ҳуааҧсыра абарҭ аҳәамҭақәа ҟазҵо адипломатцәа ртәылақәа ҽакала ирызныҟәо иалагар ауеит, абри аҩыза ашәарҭара иҟоуп. Ақырҭуа жәлар апартниор тәылақәа рахь агәрагара рцәымӡроуп, ҳара уи азы аҭак ҳаҧхықәуп.
Ацҳаражәҳәаҩцәа, аамҭа-аамҭала, ашәқәа ркны аиҧыларақәа рымҩаҧгара иаҳәоит. Ҳара ахаангьы аиҧыларазы мап ҳамкыцт, наҟ-наҟ иарку аиҧыларақәа рымҩаҧгара ҳазыхиоуп. Аха, „Атәым анырра аартызаара иазку" азакәанпроект иадҳәаланы иарку аполитикатә дискуссиа амшала ақыруа жәлар апартниор тәылақәа рахь агәрага рцәыӡыр ауеит, убри аҟынтә, Америкеи, Евроеидгылеи, Евроеидгыла иалоу атәылақәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа ирыдазгалоит зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект иадҳәаланы аргама адискуссиа амҩаҧгара.
Агәра ганы сыҟоуп „анапхгара алидерцәеи ацҳаражәҳәаҩцәеи рыбжьара атематикатә дискуссиа ишиашо аефирла аужьҭра абзоурала, ауааҧсыра азакәанпроект аҵаки атәыла ахьыҧшымра ахьчаразы ари азакәанпроект адкылара ахымҧадареи иаҳа ишеилыркаауа.
Қырҭтәыла аҧыза-министр
Иракли Кобахиӡе