2024-04-23
Ишәыдысныҳәалоит, ҳара аҭоурыхтә ҵакы змоу ахҭыс иазгәаҳҭоит. Қвешеҭии Кобии еимыздо ауникалтә аҳапкылҵәа игәылҧҟаауп. Иахьатәи амш амҩатә инфраструктуразы аҭоурыхтә ҵакы амоуп, - иахьа ҳара иазгәаҳҭоит Қырҭтәылаҿ зегьы реиҳа зоура дуу, 9 километртәи еиҧҟьарадатәи автомобилтә аҳапкылҵәа агәылҧҟаара, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қвешеҭии Кобии еимыздо автомобилтә аҳапкылҵәа агәылҧҟаара ахыркәшара инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Амҩа ҿыц абзоурала, аиҭаҵразы акырӡа иаҳа имаҷны - 45 минуҭла иаҳа имаҷны аамҭа аҭаххоит.
„Аҳапкылҵәа игәылҧҟаан ҷыдала ари апроект азыҳәан иаҧҵаз аиновациатә адгьылкылҵәага - TBM ала.
Убри аҟынтә, иахьа, аҳапкылҵәа агәылҧҟаара инаваргыланы, атехнологиа ҿыц ақәҿиарагьы иазгәаҳҭоит. 23 километр аура зауа амҩа ҿыц аҿы 5 аҳапкылҵәак дыргылоит, уи абзоурала, амҩатә шәарҭадара астандартқәа иаҳа еиҕьхоит, атәыла ауааҧсырагьы атәыла иаҭаауа асасцәагьы шәарҭада, комфортла аиҭаҵра рылшоит.
Ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп - ашәарҭадара иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы инрываргыланы, ари апроект ала иазҧхьагәаҭоуп аҧсабаразы анырра армаҷра астандартгьы. Амҩа ҿыц абзоурала, аиҭаҵразы иаҳа имаҷны аамҭа аҭаххоит. Иахьа Қвешеҭинтә Кобинӡа анеиразы 1 сааҭк аҭахуп, насгьы, адгьылҳәазара ашәарҭара амшала ари амҩа лассы-лассы иркуп, абри зегьы ацынхәрас, апроект ахыркәшара анеҩс, ари ацыҧҵәаха шәарҭада ахысразы 15 минуҭ мацара аҭаххоит, жәакала иаҳҳәоазар, амҩа ахысразы 45 минуҧла иаҳа имаҷны аамҭа аҭаххоит," - иҳәеит аҧыза-министр.
Аҧыза-министр иҳәамҭала, ари апроект аекономикатә хырҳагара инаваргыланы, асоциалтә алҵшәа бзиагьы ахылҵуеит.
„Қвешеҭи-Коби апроект амҩатә инфраструктура аҿиара мацара акәӡам изызку. Ари апроект ҳтәыла арегионқәа рыбжьара, иара убас, ашьхатә қыҭақәеи археи рыбжьара аимадара еиҕьнатәуеит. Убри аҟынтә, ари апроект, аекономикатә хырҳагара инаваргыланы, асоциалтә алҵшәа бзиагьы ахылҵуеит.
Ари апроект аҵакы ҷыда амоуп есышықәса амзақәа рыла ирылагӡаны амҩатә аимадара змамыз, амедицинатәи, аҵаратәи, абзазаратәи маҵзура аиура злымшоз жәа-қыҭак рзы. Амҩа ҿыц абзоурала, абарҭ ақыҭақәа, ашықәс зегьы иалагӡаны, атәыла ақалақь дуқәеи арегионқәеи рҟны аимадара рымазаауеит, уи абзоурала, рсоциалтәи рекономикатәи ҭагылазаашьа аиҕьтәразы алшара ҿыцқәа цәырҵуеит.
Абри аҩыза апроектқәа рыла, ашьхара иқәынхо ауааҧсыра рынхарҭаҭыҧқәа рыхьчареи рқыҭақәа рырҕәҕәареи азы алшара раҳҭоит, иара убас, абарҭ ақыҭақәа рсахьала, ҳкультуратә ҭынхара ҳахьчоит.
Аҭыҧантәи ауааҧсыра мацара ракәӡам амҩа ҿыц абзоурала хырҳагара зауа, уи арегион атуристтә потенциал максималла ахархәарагьы иацхраауеит. Убри азоуп ари апроект ҳхықәкы хада - атәыла аекономикатә аинклиузивтә аҿиара шьақәнарҕәҕәоит ҳәа заҳҳәо," - иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Аиҳабыра рнапхгаҩы аҳапкылҵәа апроект аиқәыршәареи аргылареи иалахәыз ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
„Аҳапкылҵәа апроект аиқәыршәареи аргылареи иалахәыз аинџьнырцәеи, аргылаҩцәеи, еиуеиҧшым аусхкқәа рспециалистцәеи, ҳпартниорцәеи - Азиатәи Аҿиара абанки, Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанки ҭабуп ҳәа расҳәоит. Ҳпартниорцәа рҟынтә иҳауз ацхараара ари апроект анагӡаразы аҵакы ду амоуп. Иара убас, аусурақәа мҩаҧызго китаитәи ҳҩызцәагьы, китаитәи аилахәырагьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, апроект анагӡашьа иахылаҧшуа аҭырқәа ҳҩызцәагьы ҭабуп ҳәа расҳәоит, насгьы, чыдала ҭабуп ҳәа расҳәоит Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра ахаҭарнакцәа, ҷыдала, хаҭала сиаҭабууп аминистр, ҳаҭыр зқәу Иракли Қарселаӡе, иара ари апроект қәҿиарала анагӡара аус аҿы алагала ду ҟаиҵеит. Аамҭакала абри аҟара аусқәа рыҟаҵара ҟалоит ҳәа сгәы иаанагомызт. Аха, ҳаҭыр зқәу Иракли уи қәҿиарала иҟаиҵоит, ари апроект қәҿиарала анагӡаразы ҭабуп ҳәа иасҳәоит, аминистрра аусзуҩцәа зегьы сраҭабууп, Насгьы, абри апроект қәҿиарала анагӡаразы гәыкала ҭабуп ҳәа расҳәоит Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент анапхгареи аусзуҩцәеи. Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит Қвешеҭи-Коби апроект раҧхьатәи ақәҿиара. Иаартны исҳәар сылшоит ари апроект ҳтәыла аҿиара даараӡа ишацхраауа. Аҿиара иазку абри аҩыза аинвестициақәа роуп ҳтәыла ҧхьаҟацареи, аҿиареи, ҳтәыла европатәи аҧеиҧши еиқәзыршәо," - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.
Қвешеҭии Кобии еимыздо амҩа аргылара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақыҭақәа Қвешеҭии Кобии еимыздо 9 километр аура змоу аҳапкылҵәа агәылҧҟаара хыркәшоуп. Ки Қырҭтәылаҿ зегьы реиҳа зоура дуу аҳапкылҵәахоит, ахатә параметрқәа рыла адунеиаҿ ауникалтә аҳапкылҵәақәа ируакхоит. Аамҭакала, аевакуациатә аҳапкылҵәа аргылара нарыгӡоит.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны идыргылоит арлашаратә системала еибыҭоу, 2 цәаҳәак зауа, 23 километртәи акәатран-бетонтә мҩа. Апроектла иазҧхьагәаҭоуп 5 ацҳаки 5 аҳапкылҵәаки рыргылареи, иара убас, ацҳак аиҭашьақәыргылареи. Иара убас, апроектла иазҧхьагәаҭоуп Гудауринӡа ицо 5 километртәи амҩеи атуристтә центри рыргалара.
Қвешеҭии Кобии еимыздо амҩа аргылара апроект мҩаҧысуеит Азиатәи Аҿиара Абанк (ADB) афинанстә цхыраарала, аҳапкылҵәа аргылараҿы - Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи рзы Европатәи Абанк (EBRD) аицфинансыркра ала. Апроект 1.2 миллиард лари иаҧсоуп.
Ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи, афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии, Автомобилтә мҩақәа рзы адепартаменти жәларбжьаратәи афинанстә институтқәеи рхаҭарнакцәеи.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура