-
26 Ҧхынҷкәын 2020
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор Гьаргь Гахариа даниацәажәоз ишиҳәаз ала, илшо зегьы ҟаиҵоит Қырҭтәыла акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа раҧхьатәи адозақәа излауа ала ирласны аиурц азыҳәанҚырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи Агәабзаиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор Тедрос Аданом Гебреисуси ҭелла еицәажәеит.
-
25 Ҧхынҷкәын 2020
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа аҧкрақәа рырҧшқара аан арегулиациақәа зегьы рынагӡара ахылаҧшреи авакцинациа аетап азы аҽазыҟаҵареи иалацәажәеитАиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәа рырҧшқара аан арегулиациақәа рынагӡара ахылаҧшреи, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи, авакцинациа аетап азы аҽазыҟаҵара апроцесси иалацәажәеит Аҧыза-министр инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.
-
24 Ҧхынҷкәын 2020
Қырҭтәыла апарламент, Гьаргь Гахариа анапхгара ззиуа аиҳабыра агәрагара рзаанарҧшит85 быжьқәа рыла, Қырҭтәыла апарламент, Гьаргь Гахариа анапхгара ззиуа аиҳабыра агәрагара рзаанарҧшит.
-
24 Ҧхынҷкәын 2020
Гьаргь Гахариа - Аҟәышра шаиааиуа агәра згоит, агәра ганы сыҟоуп апроблемақәа рыӡбаразы аусеицура шҳалшо, ҳҳәынҭқарреи ҳтәылауааи ринтересқәа рыхьчаразыГәыкала сгәы иалоуп апарламенттә аилатәарақәа руадаҿы аоппозициа рҭыҧқәа ахьыҭацәу, - иҳәеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Гьаргь Гахариа апарламент апленартә аилатәараҿы аҵыхәтәажәа аниҳәоз.
-
24 Ҧхынҷкәын 2020
Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Гьаргь Гахариа апарламент апленартә аилатәараҿы иқәгылараАдискуссиеи аоппонентцәеи аныҟам аусура мариам, ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп абри аполитикатә проблема аҭыҧқәҵареи хара имгакәа апарламент абри ахәҭа ахарҭәаареи азыҳәан; уи анапхгаратә гәыҧ рамбициа акәӡам, уи ҳтәылауаа рыҳәареи рыдҵеи ауп, дара роуп изыӡбаз абри апарламент аҿы 9 партиак, инақәыршәаны 60 аоппозициатә мандатқәа иҟазароуп ҳәа, - иҳәеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Гьаргь Гахариа апарламент апленартә аилатәараҿы данықәгылоз. Иахьа уаҟа аиҳабыра агәрагара рзаарҧшразы абжьыҭира мҩаҧысуан.
-
23 Ҧхынҷкәын 2020
Гьаргь Гахариа апарламенттә фракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа данырҧылоз, 2021–2024 шықәсқәа рзтәи аиҳабыратә программа априоритетқәа дрылацәажәеитИшыжәдыруа ала, сынтәатәи ашықәс ҳазынтәгьы ҳзы даараӡа иуадаҩын, ҳәарада, раҧхьа иргыланы, ҳтәылауаа рзы иуадаҩын, аглобалтә пандемиа аҳәынҭқарратә институтқәеи ҳтәылауааи аҧышәа рзымҩаҧнагеит. Ҳара ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаауеит 2021 шықәсагьы ишыуадаҩхо, аҳасабтәқәа шырацәахо, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Гьаргь Гахариа апарламент аҿы афракциа „Ақырҭуа гәахәтә" ахаҭарнакцәа данырҧылоз.
-
22 Ҧхынҷкәын 2020
Акоординациатә хеилак аӡбара ала, ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 2 налаҧхьаӡаны, аҧкрақәа рырҧшқара инаӡаны имҩаҧгахомАҧыза-министр Гьаргь Гахариа инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 2 иналаҧхьӡаны аҧкрақәа рырҧшқара инаӡаны имҩаҧгахом. Авице-аҧыза Маиа Цқьитишвили ари атәы аалыцҳаит ахеилак иахьатәи аилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
-
21 Ҧхынҷкәын 2020
Гьаргь Гахариа аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә хаҭарнакрақәа рнапхгаҩцәа 2020 шықәсазы имҩаҧгаз аусуразы ҭабуп ҳәа раҳәаны, 2021 шықәсазы аҧыжәара зауа ахырхарҭақәа ирызкны драцәажәеитАиашаз, хымҧада иазгәаҭатәуп ақырҭуа дипломатиа Қырҭтәыла атәылауаа хырҳагаарас ирзаанагаз, ҳара, атәыла хәыҷы, усҟак идуум ҳекономикатә алшарақәа рыла, ҳтәылауаа атәылашҟа ишҳархынҳәыз, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә харҭарнакрақәа рнапхгаҩцәа есышықәсатәи реиҧылараҿы - „Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа 2020 - Аглобалтә пандемиа аан Қырҭтәыла аполитикатә приоритетқәеи, аҿыц аҳасабтәқәеи, алшарақәеи" аҿы данықәгылоз. Аиҧылара мҩаҧысит онлаин аформат аҿы.
-
21 Ҧхынҷкәын 2020
Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара (WHO) арегионалтә директор Ҳанс Клиуге диҧылеитҚырҭтәыла аиҳабыра, конкретла, Аҧыза-министр инапхгарала акоронавирус апандемиа ахылаҧшра апроцесс, ҳәарада, ахәшьара бзиа аҭатәуп - иҳәеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионалтә директор Ҳанс Клиуге Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа даниҧыла ашьҭахь.
-
21 Ҧхынҷкәын 2020
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, аҵыхәтәантәи 14мшы рыҩнуҵҟала Британиа иҟаз атәылақәа зегьы ртәылауаа Қырҭтәыла ианаауа хымҧада 12мшы акаранти аҿы иҟазаауеитБританиа Ду акоронавирус аштамм ҿыц аарҧшра иадҳәланы, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, аҵыхәтәантәи 14мш рыҩнуҵҟала Британиа иҟаз атәылақәа зегьы ртәылауааи Қырҭтәыла атәылауааи Қырҭтәылаҟа ианаауа хымҧада 12мш акарантин аҿы иҟазаауеит, - иашьашәалоу аӡбара рыдыркылеит Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.