Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2021 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Қырҭтәыла аҧыза-министр нанҳәа 21-23 рзы аофициалтә визитла Украина дыҟан Print Version

2021-08-23

.  ..  ...

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили нанҳәа 21-23 рзы аофициалтә визитла Украина дыҟан. Нанҳәа 21 рзы, Львов ақалақь аҿы Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы диҧылеит украинатәи иколлега Денис Шмыгаль.

Ҩ-тәылак рҧыза-министрцәа Жәларбжьаратәи аҭынчреи ашәарҭадареи ацентр абазаҿы иҟан.

Жәларбжьаратәи абазаҿы аҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган. Инагӡан Қырҭтәылеи Украинеи рҳәынҭқарратә хьыӡрашәақәа.

Иракли Ҕарибашвилии Денис Шмыгали атәым контингент рнапхгаҩцәа ирацәажәеит, урҭ иреиун апартниортә тәылақәа рхаҭарнакцәагьы. Иара убас, 2 тәылак рҧыза-министрцәа, аимитациатә центр аусушьеи уаҟа иҟоу арратә техникеи, Украина иҟаҵоу аибашьыгақәеи, аҵаратә базаҿы имҩаҧгаз арбаратә азыҟаҵарақәеи рбеит.

Аҧыза-министрцәа Львовтәи жәлартә архитектуратә музеи ашҟа инеины, амузеи аҵакырадгьыл аҿы еиҿкааз аҭыҧантәи аалыҵ ацәыргақәҵа рбеит.

Иракли Ҕарибашвилии Денис Шмыгали Львов аҭоурыхтә ҭыҧқәа рҿы акультуратә тур рзымҩаҧган. Аҧыза-министрцәеи ҩ-тәылак реиҳабырақәа рылахәылацәеи ақалақь аҭоурыхтәии архитектуратәи аҭыҧҷыдақәа рбеит.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, нанҳәа 22 рзы, Қырҭтәыла аҧыза-министр, Киев, Украина ахада Владимир Зеленскии аҧыза-министр Денис Шмыгали дырҧылеит, аиҧыларақәа мҩаҧган ишиашо, иара убас, ирҭбаау аформат аҿы. Аиҧыларақәа рышьҭахь Қырҭтәылеи Украинеи рҧыза-министрцәа амедиазы аҳәамҭақәа ҟарҵеит.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҧыза-министр Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы Дмитро Разумков диҧылеит.

Иракли Ҕарибашвили Зыхьӡ дырым аруаҩ инышәынҭреи Голодомор амемориали рҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит.

Нанҳәа 23 рзы Қырҭҭәыла аҧыза-министр 40 еиҳаны атәылақәа рлидерцәа рыгәҭа, Ҟрымтәи аплатформа асаммит ихы алаирхәит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Қырҭтәылеи Украинеи ирзеиҧшу европатәи евроатлантикатәи ҽазышәарақәеи, иара убас, атәылақәа рҵакырадгьылтә акзаара иадҳәалоу апроблемақәеи дрылацәажәеит.

Ҟрымтәи аплатформа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украина ахада Владимир Зеленски Қырҭтәыла аҧыза-министр ианеишьеит актәи аҩаӡара аорден - „Аихьӡарақәа рзы".

Иара убас, ахада Зеленски, Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишели, Еврокомиссиа авице-ахада Валдис Домбровскии, Польшеи, Естониеи, Латвиеи, Лиетувеи, Финлиандиеи, Словакиеи, Молдовеи рхадацәеи, Румынтәылеи Словакиеи Хорватиеи рҧыза-министрцәеи анашьамҭақәа риҭеит.

Қырҭтәыла аиҳабыратә делегациа иалан авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании, атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи, аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвилии.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa

 

Афото галереиа