Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Молдова аҧыза-министр дылҧылеит Print Version

2022-05-24

...

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Давос ивизит аҳаақәа ирҭагӡаны, Молдова аҧыза-министр Наталиа Гаврилова дылҧылеит. 


Ҩ-тәылак рҧыза-министрцәа Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәылеи Молдовеи иҟарҵаз азыҳәамҭақәа рҵакы иалацәажәан, Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи, Евроеидгыла алахәылацәас иҟаларц азыҳәан инагӡатәу ахадаратә уснагӡатәқәа ирзаҭгылеит. Иракли Ҕарибашвили ишазгеиҭаз ала, Евроеидгылашҟа аинтеграциа ақырҭуа жәлар рҭоурыхтә аӡбароуп.


Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Молдовеи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи Ассоциациатә трио аформат аҿы крызҵазкәа апартниорреи рыбжьоуп. Аганқәа рхаҭарнакцәа, ахырхарҭақәа рацәа рыла ҩ-тәылак русбарҭақәа қәҿиарала русеицура азгәаҭаны, ишырҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аусеицура иаҳа арҭбаара иазыхиоуп. 

Аиҧылараан, аҧыза-министрцәа ишьақәдырҕәҕәеит дара-дара ртәылақәа рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.


Аиҧылара алахәылацәа Украина имҩаҧысуа аибашьреи арегион аҿы ашәарҭадаратә ҭагылазашьеи иалацәажәеит. Иракли Ҕарибашвилии Наталиа Гавриови даҽазнык иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәылеи Молдовеи аукраин жәлар ишрыдгыло.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура