Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-мимнистр Иракли Ҕарибашвили Иапониатәи Аҿиара абанк ахантәаҩы диҧылеит Print Version

2022-05-24

  ..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иапониатәи Аҿиара абанк ахантәаҩы Иасуши Киношита диҧылеит.

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла хазхаҭалатәии аҳәынҭқарратәии секторқәа рыдгылара амеханизмқәеи наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Иапониеи рыбжьара аинвестициақәа рлиберализациеи, ари апроцесс ацхраареи ахьчареи иазку аиқәшаҳаҭра амч аиура аҵакы ҷыда. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи Иапониеи рыла ҩ-ганктәи аинвестициатә еиқәшаҳаҭра адкылареи ари аусхкы аҿы азакәанҧҵаратә база аҧҵареи атәыла аинвестициатә лагылазаара аиҕьтәреи атәылашҟа аинвесторцәа рыдыҧхьалареи иацхраауеит.

Аиҧылараҿы излацәажәаз азҵаарақәа иреиуп Қырҭтәыла еиқәыршәоу иманшәалоу абизнеслагылазаареи апандемиа аамышьҭахь Қырҭтәыла аекономика аиҭашьақәыргылара иҵоуроу арбагақәеи.

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра амоуп Евроеидгылеи, Китаии, арегион атәылақәеи рҟны, уи абзоурала, атәыла иакымкәа идуӡӡоу аџьармыкьақәа рхархәара алшоит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы, атәылаҿы еиқәыршәоу абизнеслагылазаара аҭҵааразы, Иапониатәи Аҿиара абанк аделегациа Қырҭтәылаҟа ааиҧхьеит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура