Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Хорватиа аҧыза-министр Андреи Пленкович диҧылеит Print Version

2022-05-24

Давос ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Хорватиа аҧыза-министр Андреи Пленкович диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак русеицура арҭбаара аперспективақәа ирылацәажәеит.

Иракли Ҕарибашвили евроинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла ақәҿиарақәа дрылацәажәан, иаҵшьны иазгәеиҭеит Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз азыҳәамҭа аҵакы. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, евроинтеграциа ақырҭуа жәлар рҭоурыхтә аӡбароуп, ари апроцесс аҿы апартниорцәа рҟынтә адгылара аҵакы ду амоуп.

Иракли Ҕарибашвили хорватиатә иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы. Хорватиа аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Хорватиа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Хорватиеи рекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара аганахьала апотенциал ду иҟоуп, аганқәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, ари апотенциал хымҧада инаӡаны рхы иадырхәароуп.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура