Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Лиетува ахада Гитанас Науседа диҧылеит Print Version

2022-05-24

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Давос ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Лиетуа ахада Гитанас Науседа диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рпартниортәии реиҩызаратәи еизыҟазаашьақәеи уажәтәи апартниорра иаҳа арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Лиетувеи рпартниорра шьақәгылеит азеиҧш принципқәа рышьаҭала, Лиетува активла Қырҭтәыла иадгылоит.

Аҧыза-министр Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз азыҳәамҭа аҵакы далацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, евроинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла апартниорцәа рыдгылара иақәгәыҕуеит. Аиҧылара алахәылацәа НАТО ашҟа Қырҭтәыла аинтеграциагьы иазааҭгылан, иаҵшьны иазгәарҭеит ари апроцесс аҿы апартниорцәа рҟынтә адгылара аҵакы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Лиетува ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәи аҧеиҧши адгыларазы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рекономикатә усеицура иаҳа арҭбаара аперспективақәа ирылацәажәеит.

Иракли Ҕарибашвилии Гитанас Науседеи Украина имҩаҧысуа аибашьреи арегион аҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьеи иазааҭгылеит. Аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аукраин жәлар ишрыдгыло.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура