Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Естониа ахада Алар Карис диҧылеит Print Version

2022-05-25

  ..

Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциеи ҩ-тәылак реиҩызаратәи рпартниортәи еизыҟазаашьақәа ҷыдақәеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Естониатәи ареспублика ахада Алар Кариси реиҧылараҿы.

Аҧыза-министр Давос ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧылараан иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-тәылак рпартниорра ҕәҕәеи ақырҭуа институциақәа европатәи астандартқәа рзааигәахара апроцесс аҿы Естониа Қырҭтәыла иазаанарҧшуа крызҵазкәа адгылареи.

Иракли Ҕарибашвили Алар Карис ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, атәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциеи адгыларазы. Алар Карис даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Естониа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Европатәи евроатлантикатәи интеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла ақәҿиарақәа ианрылацәажәоз, Иракли Ҕарибашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Еврокомиссиа азҵаабҕьыц аҿҳәаранӡа ишханарҭәааз, уажәазы иашьашәалоу аӡбара ишазыҧшу. Иара ишиҳәаз ала, евроинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла Естониантә адгылара иақәгәыҕуеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа НАТО ашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа апроцесс аҵакы иазааҭгылеит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, ҩ-тәылак қәҿиарала аус еицыруеит аиновациақәеи, ацифратә технологиақәеи, аҵареи аусхкқәа рҿы, иара убас, атәылахьчара ахырхарҭалагьы. Иаҵшьны иазгәаҭан аекономикатә усеицура арҭбаара аҵаки ари аганахьала иҟоу аперспективақәа инаӡаны рхархәара ахымҧадареи.

Иара убас, аиҧылараҿы иалацәажәеит Украина имҩаҧысуа аибашьра. Иракли Ҕариабашвили даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аукраин жәлар ишрыдгыло.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура