Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Украина Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит Қырҭтәыла Аҧыза-министрс аҩынтәраан иалхра
2020-12-30 Украина Аҧыза-министр Денис Шмигал Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит Қырҭтәыла Аҧыза министрс аҩынтәраан иалхра. Ҩ-тәылак Рҧыза-министрцәа иахьа ҭелла еицәажәеит. Денис Шмигал Гаргь Гахариа ақәҿиарақәа иреиҕьашьаны, ҩ-тәылак ирыбжьоу апартниорра иаҳа арҭбаара дшақәгәыҕуа иазгәеиҭеит. Аиҿцәажәара аан аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Украинеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала аусеицуреи иазгәарҭеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи Украинеи ирзеиҧшу европатәи аҽазышәарақәеи, иара убас, ирзеиҧшу апроблемақәеи рымоуп. Аиҳабыра рнапхгаҩы аҩ-тәылак рҿиааразы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ирымоу аҵакы иазгәеиҭеит.
|