Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Словакиатәи ареспублика Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит Аҧыза- министрс аҩынтәраан иалхра
2020-12-30 Словакиатәи ареспубликеи Қырҭтәылеи рыбжьара аиҩызаратә конструктивтә еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаареи рырҕәҕәареи аҩ-тәылак ринтересқәа ирылоуп, - Словакиа Аҧыза-министр Игор Матович ари иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа изааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы аҟны. Иара Гьаргь Гахариа Аҧыза-министрс аҩынтәраан иалхра идиныҳәалеит. „Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Аҧыза-министрс аҩынтәраан шәалхра. Ақәҿирақәа шәзеиҕьсшьоит аҭакҧхықәра ду зцу абри амаҵзураҭыҧ аҿы шәнапы иану аҧхықәрақәа рынагӡараҿы", - иануп Словакиатәи ареспублика Аҧыза-министр идныҳәаларатә шәҟәы аҟны. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa
|