Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәа дырҧыланы, адәныҟатәи аполитика ахадаратә хырхарҭақәеи аҧыжәарақәеи рзы драцәажәеит
2022-12-26 Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧган аҳәаанырцә аус зуа Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа есышықәсатәи реизара - Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа 2022. Ақырҭуа дипломатцәа рҿаҧхьа иқәгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии. Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа аартра ашьҭахь, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии ирку аформатаҿ адипломатцәа ирҧылеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩцәа драцәажәеит атәыла адәныҟатәи аполитика ахадаратә хырхарҭақәеи аҧыжәарақәеи рзы, анеҩс, аконкреттә адҵақәа риҭеит. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура
|