Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аҧыза-министр Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа анапхгаҩы дылҧылеит
2024-04-18 Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа анапхгаҩы Бенита Бугани дылҧылеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, амандат инақәыршәаны, Евроеидгыла Анаҧшратә Миссиа аусура аореал арҭбааразы аҵакы ду амоуп уажәазы иҟоу ахархәагақәа зегьы инагӡаны рхархәара, Қырҭтәыла аиҳабыра, аҭыҧаҿ иҟоу жәларбжьаратәи амеханизм заҵәы аҳасабала EUMM аҟны аусеицура анагӡара иазыхиоуп. Иара убас, аҧыза-министр амиссиа амандат 2024 шықәса ҧхынҷкәынынӡа анагӡара дақәшаҳаҭхеит.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура
|