Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аҧыза-министр Қырҭтәыла иҟоу Џьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
2024-04-19 Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахизе Қырҭтәыла иҟоу Џьамтәылатәи исламтә республика ацҳаражәҳәаҩ Маҳмуд Адиб диҧылеит. Аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Џьамтәылеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Иара убас, арегионаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәагьы ирзааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҵакы ҷыда. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура |